Гәынба анапынҵа ҟаиҵеит ақыҭанхамҩа аҿиареи апрограммақәа анагӡара ахылаԥшра ӷәӷәа арҭарц
14:55 03.11.2026 (ирҿыцуп: 16:10 03.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 3— Sputnik. Бадра Гәынба анапынҵа ҟаиҵеит ақыҭанхамҩа аҿиареи анаплакра адгылареи 2026 шықәсазтәи рыпрограммақәа рынагӡара ахылаԥшра ӷәӷәа арҭарц.
2025 шықәсазтәи апрограммақәа ргәаҭара аихшьаалақәа ирылацәажәеит азинхьчаратә усбарҭақәеи, Аеканомика аминистрреи, Ақыҭанхамҩа аминистрреи рнапхгаҩцәа злахәыз аилацәажәараҿы ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала 2025 шықәсазы иазоужьыз 150 млн мааҭ рҟынтәи 149,7 млн мааҭ ахархәара рыҭоуп. Аҳәынҭқарратә дгылара роуит 356-ҩык.
Агәаҭара ишьақәнаргылеит — 261-ҩык атауарқәагьы амаругақәагьы шрымоу. Убри аан Ақыҭанхамҩа аминистрра адыррақәа рыла, ирыҭаз амаругақәеи атауарқәеи рыҟамзаара ахҭысқәагьы азгәаҭоуп. Иара убасгьы алахәылацәа адгылара шырмоуз азы рҳәамҭақәагь ыҟан.
Иара убасгьы ишьақәыргылоуп атауарқәа аахәаҩцәа ишрызнаргаз, аха фактла урҭ шыҟамыз. Агәаҭара иацҵахоит.
Анаплакра маҷи ибжьаратәу анаплакреи адгылара рыҭара апрограммала 2025 шықәсазы ацхыраара роуит 265-ҩык алахәылацәа.
Агәаҭара ишьақәнаргылеит 76 проект иныҭкааны ишынагӡоу, аус шыруа. Даҽа 35 хҭыс рҿы атауарқәеи амаругақәеи ыҟан, аха аобиектқәа аусура иаладмыргеит; 44 проект рҿы атауарқәеи амаругақәеи ыҟамызт, апроектқәагьы нагӡам; 27 хҭыс рҿы атауарқәеи амаругақәеи рыхәҭак рыҟамзаара шьақәыргылоуп.
Даҽа 44 проект рыла азыҳәаҿы иарбоу араион аҩнуҵҟа рынагӡара аҭыӡҭыԥ ԥсахуп, 39 хҭыс раан урҭ егьырҭ араионқәа рахь ииаргеит. Арҭ ахҭысқәа рзы агәаҭара цҵақәа цоит.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит апрограммақәа рынагӡара ахылаԥшра шамам, Аекономика аминистрреи Ақыҭанхамҩа аминистрреи русура ԥсыҽуп ҳәа ахиҳәааит. Иара иазгәеиҭеит аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа хаҭалатәи рҭакԥхықәра.
Ахыдҵақәа назмыгӡаз апрограммақәа рлахәылацәа рганахьалагьы ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп-аԥарақәа дырхынҳәроуп, мамзаргьы апроект нарыгӡарц рыдгалатәуп. Мап ацәкхар аматериалқәа аӡбарҭахь инарышьҭуеит.