Хәышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны амҩатә машәырқәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара хынтәны иазҳаит
16:02 03.11.2026 (ирҿыцуп: 16:11 03.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 3— Sputnik. Хәышықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны амҩатә машәырқәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара хынтәны иазҳаит.
Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аҟны ААҬЦ амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы Хатуна Шаҭиԥа.
Иаалгаз адыррақәа рыла, 2021 шықәсазы ареспубликаҿы ашәҟәы иҭаргалеит 180 мҩатә машәыр, 2025 шықәсазы — 150. Убри аан амашәырқәа ирыхҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара 14-ҩык рҟынтәи 48-ҩык рҟынӡа ихалеит.
"Ари трагедиоуп. Адемографиатә ҿиара ианыруа факторқәоуп", — азгәалҭеит лара.
Аԥсны ишьақәырӷәӷәоуп 2027 шықәсазтәи апрограмма "Адемографиа аҿиара" апроект.