Иахьа Урыстәыла Жәлар ракзаара амш азгәарҭоит.
09:15 04.11.2026 (ирҿыцуп: 09:26 04.11.2026)
Анапаҵаҩра
Иахьа Урыстәыла Жәлар ракзаара амш азгәарҭоит.
Абҵарамза 4, 1612 шықәса рзы Кузма Минини аҭауад Дмитри Пожарскии зхадараҿы дыҟаз ардыԥхьала Москва польшатәи аинтервентцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.
Аурыс иашахаҵаратә уахәама ари амш аҽны Анцәа Иан Казантәи лныха ргәаладыршәоит, Москва ампыҵахалаҩцәа рацәыхьчараҿы иҟанаҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа ахнаҳәаауеит.
1613 шықәсазы аҳ Михаил Фиодор-иԥа абҵара 4 рзы Москва польшатәи аинтервентцәа ралцара иамшны иаликааит, 1649 шықәсазы аҳ Алықьса Михаил-иԥа иусԥҟала ари амш ауахәама-ҳәынҭқарратә ныҳәаны иҟалеит.
Иахьатәи Урыстәыла аҭоурых аҿы Жәлар ракзаара амш аԥырҵеит 2004 шықәсазы, раԥхьаӡа акәны иазгәарҭеит 2005 шықәсазы.