https://sputnik-abkhazia.info/20261104/1066746298.html
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аурыс бызшәа аҵаразы аԥхьахә рыланаҳәеит
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аурыс бызшәа аҵаразы аԥхьахә рыланаҳәеит
Sputnik Аҧсны
Аицлабра аԥҟаррақәа ркьыԥхьра ргәы иҭоуп абҵарамза нҵәаанӡа. 04.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-04T10:29+0300
2026-11-04T10:29+0300
2026-11-04T10:52+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102143/36/1021433634_0:317:6016:3701_1920x0_80_0_0_5a56619d132fc3e16175ce5e4a47f255.jpg
АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ареспублика ашколхәыҷқәа рыбжьара аурыс бызшәеи алитературеи рыҭҵаараҿы аихьӡарақәа рзы аԥхьахә рыланаҳәеит. Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ителеграм-канал аҿы Урыстәыла ауааԥсыра Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит. "Ҳаԥсадгьыл ду ажәларқәа зегьы еидызкыло иреиуоуп, ҳәарада, аурыс бызшәа", — аҳәоит адырраҭараҿы.Гладков иазгәеиҭеит 80% инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩра шрымоу, агәрагара ааирԥшит аԥхьахә ҿыц ахәыҷқәа аҵараҿы реихьӡарақәа рзы ишгәацԥыҳәароу.Ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи аиааира згази, урҭ рҭаацәеи, рырҵаҩцәеи аҳамҭақәа ранаршьоит лаҵара 9 рзы Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.Аицлабра атәы инҭкааны акьыԥхьра ргәы иҭоуп абҵарамза нҵәаанӡа ҳәа ациҵеит ацҳаражәҳәаҩ.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102143/36/1021433634_331:0:5686:4016_1920x0_80_0_0_baa2e31741a3945954e6edc296610add.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аурыс бызшәа аҵаразы аԥхьахә рыланаҳәеит
10:29 04.11.2026 (ирҿыцуп: 10:52 04.11.2026) Аицлабра аԥҟаррақәа ркьыԥхьра ргәы иҭоуп абҵарамза нҵәаанӡа.
АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ареспублика ашколхәыҷқәа рыбжьара аурыс бызшәеи алитературеи рыҭҵаараҿы аихьӡарақәа рзы аԥхьахә рыланаҳәеит.
Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ителеграм-канал аҿы Урыстәыла ауааԥсыра Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит.
"Ҳаԥсадгьыл ду ажәларқәа зегьы еидызкыло иреиуоуп, ҳәарада, аурыс бызшәа", — аҳәоит адырраҭараҿы.
Гладков иазгәеиҭеит 80% инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩра шрымоу, агәрагара ааирԥшит аԥхьахә ҿыц ахәыҷқәа аҵараҿы реихьӡарақәа рзы ишгәацԥыҳәароу.
Ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи аиааира згази, урҭ рҭаацәеи, рырҵаҩцәеи аҳамҭақәа ранаршьоит лаҵара 9 рзы Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Аицлабра атәы инҭкааны акьыԥхьра ргәы иҭоуп абҵарамза нҵәаанӡа ҳәа ациҵеит ацҳаражәҳәаҩ.