Амашәырқәа рмедицина азы атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аԥсны
19:14 06.11.2026 (ирҿыцуп: 20:46 06.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 6 — Sputnik. Амашәырқәа рмедицина азы атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Аԥсны.
Ари атема иазкыз аилацәажәара мҩаԥысит Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра. Уи иалахәын Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа, Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, амашәырқәа рмедицина Афедералтә центри аиқәырхаратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа.
Урҭ рҿы аҳаирплан ӷәӷәала артәареи ааха зауз ауаа рацәеи ирыдҳәалоу аҭагылазаашьақәа раан, амедицинатә маҵзурақәа рхымҩаԥгашьа алгоритмқәа аус рыдулара азгәаҭоуп.
Иазгәаҭоуп иаразнак аҳаирбаӷәазаҿы амедцхыраара аҭара, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ааха зауз рыдкылара аиҿкаара, ателемедицина ала урыстәылатәи аспециалистцәа аус рыцура, иара убас "Ԥсоу" аҳәаала урыстәылаҟа ааха зауз ралгара амеханизм аарԥшра.