Амҵәышәмпыл азы аҳәса ркоманда "Аԥсны" Аҩадатәи Кипр имҩаԥысуаз атурнир иалахәын
22:37 06.11.2026 (ирҿыцуп: 22:57 06.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 6 — Sputnik. Амҵәышәмпыл азы аҳәса ркоманда "Аԥсны" Аҩадатәи Кипр имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир иалахәын.
Иара Аҩадатәи Кипр Ахьыԥшымра амш иазкуп, уи аԥсуа команда адагьы иалахәуп кипртәи амилаҭтә командақәа ҩбеи Сҭампылтәи акомандеи ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Атурнир иалахәу акомандақәа уамакала иӷәӷәоуп, ахәмаррақәа руак 3 сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуан, аха аиааира агеит "Аԥсны".
"Ииашаҵәҟьаны, дара аиааира ргар шырҭахызҵәҟьа аадырԥшит. Ахәмарра даара ихьанҭан, аха ҳаӡӷабцәа шықәгылаз даара сгәы иахәоит", — иҳәеит акоманда азыҟаҵаҩ Николаи Гушьин.
Атурнир хыркәшахоит абҵара 8 рзы.