Урыстәылатәи акино раԥхьатәи афестиваль мҩаԥгахоит Аҟәа
18:14 07.11.2026 (ирҿыцуп: 18:54 07.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 7 — Sputnik. Урыстәылатәи акино раԥхьатәи афестиваль мҩаԥгахоит Аҟәа.
Арбарақәа мҩаԥгахоит аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны абҵара 9-13 рзы.
Апрограммаҿы иҟоуп еиуеиԥшым ажанрқәа рыла иҭыху асахьақәа 8. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Мариуполь зан деиқәзырхоз Донецктәи арепер изку адрама "Малыш". Асас ҷыда — арежиссиор Андреи Симонов.
Ахәаԥшцәагьы идырбахоит амультфильм "Лео и Тиг. Дорога на Байкал", арратә драма "Отец", игәыҭшьаагоу аҭоурых "Моя собака — космонавт", аҭаацәаратә адрамеди "Жемчуг", ахҭыстә сахьа "Мой дикий друг. Возвращение домой", амистикатә триллер "Цинг", акомедиа "Холоп-3".
Афестиваль аиҿкааҩ — РОСКИНО Урыстәыла акультура аминистрра ацхыраарала.