Аԥсни Урыстәылеи АҩАР аделегациақәа русбарҭабжьаратә усуратә еиԥылара мҩаԥысит Сириус
18:49 07.11.2026 (ирҿыцуп: 19:15 07.11.2026)

© Foto / МВД Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 7 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи АҩА рминистррақәа аделегациақәа русбарҭабжьаратә усуратә еиԥылара мҩаԥысит Сириус.
Аиԥылараҿы аганқәа иҳаҩсыз ашықәс азы аусеицура алҵшәақәа ахәшьара арҭеит, наҟ-наҟтәи ахырхарҭақәа азгәарҭеит, абри атәы аанацҳауеит азинхьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иажәақәа рыла, аҳәаа иаԥну ацәгьоурақәа рҿагылараҿы русеицура алҵшәа амоуп.
Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәеит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ аҿы иҟоу Урыстәыла АҩАР аусбарҭа хада аиҳабы Сергеи Бачурин. Иара иазгәеиҭеит ацәгьоуцәа даҽа тәылак аҵакыраҿы ахьырхәра рҽацәырҵәахырц ианаҿу хҭысқәа шмаҷым.
Аусуратә еиԥылара алахәылацәа анаркотикатә маҭәашьарқәа аҭира аҿагылареи, аоператив-ԥшааратә усура алҵшәақәеи, афинанстә цәгьоурақәа рҿагылараҿы аинырра ашьақәыргылареи рзы ажәахәқәа ҟарҵеит.
Азинтә усбарҭа аиҳабы Баҭал Агрба ажәалагала ҟаиҵеит иаку азинтәи аинформациатәи ҵакыра аԥҵазарц.
Аихшьаалақәа рыла, аганқәа ишьҭыхыз азҵаарақәа зегьы ахьарбаз аусшәҟәқәа рнапы аҵарҩит.