Актиор Нур Џьынџьал иқәраныҳәа азгәеиҭеит: аиубилиар ицәажәара
Актиор Нур Џьынџьал иқәраныҳәа азгәеиҭоит: аиубилиар ицәажәара
Анапаҵаҩра
Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр актер, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Нур Џьынџьал ихыҵит 60 шықәса. Атеатр анаҩсгьы иара акинофильмқәа рҟны иҽҭиххьеит, иаагозар, урыстәылатәи арежиссиорцәа рфильмқәа "Аԥсуа лакә", "Х-чараки абналареи ", "Иҭабуп аиааиразы сабду " уҳәа , аха урҭ рыбжьара иҟоуп иаҳа еицырдыруа аԥсуа сериал "Ҷыҷын" аҟны инаигӡахьо ароль. Иактиортә ҟазара ҳалацәажәаразы, уи амҩа дшанылаз, инаигӡахьо арольқәа рахьынтә еиҳа изааигәоу далацәажәаразы, убасгьы иқәраныҳәа идаҳныҳәаларц астудиахь ааԥхьара иаҳҭеит актиор.
Шәазыӡырҩы аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
