https://sputnik-abkhazia.info/20261109/1066861272.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апарламенттә еилакы абжьгара ҟанаҵеит ашәахтәқәҵара апатенттә системазы азакәан адкылара инадҳәаланы, закәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа рылагалазарц. Аԥсны... 09.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-09T18:01+0300
2026-11-09T18:01+0300
2026-11-09T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/09/1066861106_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_14493e8e53c0c6523ae1f23791544577.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апарламенттә еилакы абжьгара ҟанаҵеит ашәахтәқәҵара апатенттә системазы азакәан адкылара инадҳәаланы, закәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа рылагалазарц. Аԥсны хазхаҭалатәи анаплакыҩцәа 50% инареиҳаны ашәахтәқәҵара апатенттә система ҿыц ахь ииасуеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Егьырҭ ахәҭа еихшахоит ирмариоу асистемеи ашәахтәқәҵара азеиԥш режими рахь. Уажәазы 2050-ҩык рҟынӡа хазхаҭалатәи анаплакыҩцәа апатенттә шәахтәқәҵара асистема рхы иадырхәоит, ашәахтә ҷыда — 3900-ҩык рҟынӡа ҳәа иҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа.
Абизнес 90% инареиҳаны ахылаԥшра-кассатә аппаратқәа рхархәарала аусурахь аиагара азԥхьагәаҭоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа. Иара иажәақәа рыла, 10 нызқьҩык анаплакыҩцәа акассатә аппаратқәа шьақәдыргылар, асистема Аԥсны ашәахтәшәаҩцәа 90% инареиҳаны иаҵанакуеит. Иахьазы, урыстәылатәи аколлегацәа рыцхыраарала иаахәоуп 2 нызқь аппарат, урҭ аусура ралагаларазы амеханизмқәа аус рыдырулоит. Агәаҭара-кассатә аппарат ҿыцқәа анаҩстәи раахәареи ралагалареи рзы амеханизмқәа ԥхьаҟагьы ирылацәажәахоит ҳәа ациҵеит Бениа.
Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзура акоманда ахысразы атурнир "Иреиӷьу ахысыҩ" аҿы аиааира агеит. Аицлабрақәа мҩаԥысуан ареспублика амчратә структурақәа рыбжьара, абҵара 10 рзы иазгәарҭараны иҟоу аԥсуа милициа 105 шықәса ахыҵра аиубилеи аламҭалазы. Атурнир аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭа ахаҭарнакцәа. Аџьаз ранашьахеит ареспублика Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа. Аԥхьахәгаҩцәеи алахәылацәеи аҳамҭақәа ранеишьеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Закәаншьаҭада Аҟәа ишьақәыргылаз аӡыргаратә баннерқәа ықәыргеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара. Аҳҭнықалақь ахадара аӡыргара аҟәша аусзуҩцәа 21 конструкциа ықәыргеит. Аусурақәа мҩаԥысуеит амҩатә шәарҭадара аизырҳареи аҳҭнықалақь архитектуратә хаҿра аиӷьтәреи рзы. Изакәаным аӡыргаратә конструкциақәа раарԥшреи рықәгареи иацҵахоит.
Апарламенттә еилакы абжьгара ҟанаҵеит ашәахтәқәҵара апатенттә системазы азакәан адкылара инадҳәаланы, закәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа рылагалазарц. Аԥсны хазхаҭалатәи анаплакыҩцәа 50% инареиҳаны ашәахтәқәҵара апатенттә система ҿыц ахь ииасуеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Егьырҭ ахәҭа еихшахоит ирмариоу асистемеи ашәахтәқәҵара азеиԥш режими рахь. Уажәазы 2050-ҩык рҟынӡа хазхаҭалатәи анаплакыҩцәа апатенттә шәахтәқәҵара асистема рхы иадырхәоит, ашәахтә ҷыда — 3900-ҩык рҟынӡа ҳәа иҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа. Абизнес 90% инареиҳаны ахылаԥшра-кассатә аппаратқәа рхархәарала аусурахь аиагара азԥхьагәаҭоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа. Иара иажәақәа рыла, 10 нызқьҩык анаплакыҩцәа акассатә аппаратқәа шьақәдыргылар, асистема Аԥсны ашәахтәшәаҩцәа 90% инареиҳаны иаҵанакуеит. Иахьазы, урыстәылатәи аколлегацәа рыцхыраарала иаахәоуп 2 нызқь аппарат, урҭ аусура ралагаларазы амеханизмқәа аус рыдырулоит. Агәаҭара-кассатә аппарат ҿыцқәа анаҩстәи раахәареи ралагалареи рзы амеханизмқәа ԥхьаҟагьы ирылацәажәахоит ҳәа ациҵеит Бениа. Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзура акоманда ахысразы атурнир "Иреиӷьу ахысыҩ" аҿы аиааира агеит. Аицлабрақәа мҩаԥысуан ареспублика амчратә структурақәа рыбжьара, абҵара 10 рзы иазгәарҭараны иҟоу аԥсуа милициа 105 шықәса ахыҵра аиубилеи аламҭалазы. Атурнир аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭа ахаҭарнакцәа. Аџьаз ранашьахеит ареспублика Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа. Аԥхьахәгаҩцәеи алахәылацәеи аҳамҭақәа ранеишьеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.Закәаншьаҭада Аҟәа ишьақәыргылаз аӡыргаратә баннерқәа ықәыргеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара. Аҳҭнықалақь ахадара аӡыргара аҟәша аусзуҩцәа 21 конструкциа ықәыргеит. Аусурақәа мҩаԥысуеит амҩатә шәарҭадара аизырҳареи аҳҭнықалақь архитектуратә хаҿра аиӷьтәреи рзы. Изакәаным аӡыргаратә конструкциақәа раарԥшреи рықәгареи иацҵахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/09/1066861106_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_1d1f0391ca827b13b2b6a79a8a0cfc3a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио