Аԥснынтәи ашколхәыҷқәа рзы аицлабра "Аиҭакра ду: Ашықәсҿыцтәи аныҟәара" хацдыркуеит
20:15 12.11.2026 (ирҿыцуп: 22:33 12.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 12 — Sputnik Аԥснынтәи 1-4 аклассқәа рҵаҩцәа рзы аицлабра "Аиҭакра ду: Ашықәсҿыцтәи аныҟәара" адыркуеит.
Уи рхы аладырхәыр рылшоит ашколхәыҷқәа рыуацәа еиҳабацәа руаӡәк ицны: ани аби, зықәра наӡахьоу аиашьа, ма аиаҳәшьа, анду, ма абду.
Алахәхаразы дара рнапала асаламшәҟә ҩны ирдыруа аӡәы ирҭароуп, ашықәсҿыцтәи алакә рхәыцроуп, ирзааигәоу рзы иааиуа Ашықәс ҿыц иазку авидеодныҳәалара анырҵароуп.
Иара убас, ашколхәыҷқәа 2026 шықәсазы рҭаацәеи дареи аус бзиа шыҟарҵаз — аӡәы ацхыраара ширҭаз, аԥсабара ишахылаԥшуаз, мамзаргьы рыҩны анҭыҵ аҭыԥқәа шеиқәдыршәаз иазку аҭоурых атәы еиҭарҳәароуп.
Аусумҭақәа рыдыркылоит ԥхынҷкәын 5 рҟынӡа. Урҭ ахәшьара рнаҭоит аицлабра анаԥшратә хеилак.
Аматериалқәа аелектронтә ԥошьҭахь идәықәуҵар ҟалоит pioneers@pervye.ru, мамзаргьы хаҭала Аҟәа иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль ахаҭарнакраҿ ирыҭазар ҟалоит.
Аиааира згаз рҭаацәеи дареи Устиуг Ду иҟоу Аҵаа Бабаду ирезиденциа иаҭаауеит, мамзаргьы ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмзазы Кремльтәи аԥсаӡ ахь абилеҭқәа роуеит.
Уаанӡа Аԥсны ахада Бадра Гәынба Москва диԥылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Аиԥылараҿы иӡбан урыстәылатәи аицлабра "Аиҭакра ду" иаҿырԥшны, ареспублика ашколхәыҷқәа рзы аицлабра амҩаԥгара.
Аԥсуа школхәыҷқәа рҟынтәи аицлабра аиҿкааразы ааԥхьарақәа рылаҳәан абҵарамзазы Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Орлионок" аҿы имҩаԥысуаз аицлабра "Аиҭакра ду" афинал аҿы.
Аиҿкааҩцәа — "Движение первых", "Росдетцентр", Аԥсны иҟоу ААРА ахаҭарнакра. Аинформациатә партниор – Аԥсны Аҵара аминистрра.