Аԥсуа Нарҭтә епос иазку аспектакльқәа рескизқәа хԥа ӡырыргоит РУСДРАМ аҟны
11:49 13.11.2026 (ирҿыцуп: 14:37 13.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 13 — Sputnik. Аԥсуа Нарҭтә епос иазку аспектакльқәа рескизқәа хԥа ӡырыргоит РУСДРАМ аҟны.
Урҭ разырхиара нап адыркуеит абҵара 15-20 рзы, урыстәылатәи арежиссиорцәеи атеатр артистцәеи.
Дмитри Богданов иазирхиоит "Нарҭаа ран илызку ашәа — Аԥа Уахсиҭ". Иури Печенежски ахәаԥшцәа ирыдигалоит аескиз "Гәында ԥшӡа", Анна Трушина — "Амра еиԥш илашо, амза еиԥш икаҷҷо. Сасрыҟәа иҭахара".
Апроект хықәкыс иамоуп Нарҭаа репос, уи афырхацәа, асиужетқәа, ахаҿсахьақәа раарԥшраҿы атеатр алшарақәа рыҭҵаара.
Иаарту арбара мҩаԥгахоит абҵара 20 асааҭ 18:00 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху атеатр асценаҿы.
Акритикцәа рылацәажәареи ахәаԥшцәа рыбжьыҭиреи реихшьаалақәа рыла, ицәыргахо аескизқәа руак атеатр еснагьтәи арепертуар иалало аспектакль наӡа анаҩстәи аус адуларазы иалххоит.