Афорум Apsny Media Weekend мҩаԥгахоит Аԥсны
14:15 13.11.2026 (ирҿыцуп: 14:34 13.11.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 13 — Sputnik. Афорум Apsny Media Weekend мҩаԥгахоит Аԥсны.
Иара еиднакылоит Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи ажурналистцәа, аблогерцәа, апродиусерцәа, иара убас еицырдыруа ахәмарыҩцәеи Ашьапылампылтә медиалига ахаҭарнакцәеи, ихацыркхоит абҵара 14 рзы.
Апроект хықәкыс иамоуп акультурабжьаратә диалог арӷәӷәара, аҩ-тәылак рмедиатә еилазаарақәа рыпрофессионалтә интеграциа, еицырзеиԥшу апроектқәа раԥҵара, Аԥсны иуникалтәу аҭоурых-культуратәи атуристтәи лшара аларҵәара.
Афорум алахәылацәа амедиаиндустриа актуалтә ҭаххарақәа ирыхәаԥшраны иҟоуп, арҿиаратә контент аформат ҿыцқәа рыԥшаара иашьҭалоит.
Аимак-аиҿактәи апрактикатәи сессиақәа рыдагьы асасцәа Аԥсны иналукааша аҭоурыхтәи аԥсабаратәи ҭыԥ ԥшӡарақәа рбаразы акультура-дырратә программа.
Уи иахәҭакхоит абҵара 16 рзы Аҭара ақыҭан итрадициатәу аԥсуа уаххьа аиҿкаара. Ауснагӡатә еиҿыркаауеит апрограмма "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҳәаақәа ирҭагӡаны, аицлабра актәи асезон аҿы аиааира згаз ируаку апроект "Аԥсны — аԥсы ахь сасра ҳәа" —ахархәарала.
Апроект аиҿкааҩцәа: ИИА "Интеграциеи " Амедиатә шьапылампылтә лигеи; Аԥсны ахада Иусбарҭа ацхыраарала.