Аҵара аминистрра арҵаҩцәа рзанааҭтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә еицлабрақәа ҩба рыланаҳәеит
14:12 13.11.2026 (ирҿыцуп: 14:32 13.11.2026)

© Sputnik / Александр Кряжев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 13 — Sputnik. Аҧсны Аҵара аминистрра арҵаҩцәа рзанааҭтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә еицлабрақәа ҩба рыланаҳәеит.
"Аҧсны ашықәс иреиӷьу арҵаҩы", "Ашықәсаз иреиӷьу ақыҭашкол арҵаҩы" ахырхарҭала аицлабра хацыркуп арҵаҩцәа рыбжьара аԥышәа аимдаразы, арҵаҩы ихьӡ-иԥша ашьҭыхразы, иара убас Аԥсны аҵара асистема арҿиараҿы арҵаҩы илагала ҟаиҵартә алшара иҭаразы.
Аицлабра еихшоуп ҩ-хәҭакны: актәи ахәҭаҿы имҩаԥгахоит алахәылацәа ралԥшаара, ргәаҭара, реихшара, аҩбатәи ахыркәшаратә — иаарту аурок амҩаԥгара, ахӡыргара, аиҿцәажәара.
Аицлабра аҽалархәра мҩаԥысуеит хатәгәаԥхарала. Уи азы арзаҳал алаҵара ҟалоит хаҭала, мамзаргьы коллктивк аҟнытә.
Еиҳа инарҭбаау аинформациа шәаԥхьар шәылшоит Аԥсны Аҵара аминистрра аофициалтә саит аҿы.