Sputnik Аԥсны апресс-центр анапхгаҩы Лыхнытәи ашкол аҿы "Ақьиара аурок" мҩаԥылгеит
14:44 13.11.2026 (ирҿыцуп: 14:51 13.11.2026)

© Sputnik / Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 13 — Sputnik. Sputnik Аԥсны апресс-центр анапхгаҩы Валериа Цкәуаԥҳа Платон Шьаҟрыл ихьӡ зху лыхнытәи ашкол аҿы "Ақьиара аурок" мҩаԥылгеит.
Аинтерактивтә формала лара аҵаҩцәа ирзеиҭалҳәеит аныҳәа ацәырҵра аҭоурых, уи аҵак ду шамоу, избанзар агәыҳалалра аус дуқәа рҿы аиԥш, аус хәыҷқәагьы рҿгьы иааԥшуеит.
Ашкол адиректор Изольда Чычԥҳа иазгәалҭеит, Агәыҳалалра амш даара акрызҵазкуа, аҵакы змоу хҭысны ишыҟоу.

"Ашколқәа рҿы иаҳзааигәоуи зыԥсы ҭоу рахь агәыҳалалратә цәанырра рылаҳмааӡар, уи гха духоит", — ҳәа иазгәалҭеит Ҷыҷԥҳа.
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ашкол аҿы еиҿкаан агәыҳалалратә цәыргақәҵа. Идырҳауа аԥарақәа ашкол аҵаҩы ихәышәтәра иазырхахоит.
Агәыҳалалра Адунеизегьтәи амшаз Аԥсны ашколқәа рҿы имҩаԥысит "Ақьиара аурокқәа". Ауснагӡатә еиҿнакааит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана", Аԥсны Аҵара аминистрра ацхыраарала.