Аԥсны афымцасистема арҿыцра абжьаратә еихшьаалақәа ҟарҵеит Аенергетика аминистрраҿы
20:41 13.11.2026 (ирҿыцуп: 00:40 14.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 13 — Sputnik. Аԥсны афымцасистема арҿыцра абжьаратә еихшьаалақәа ҟарҵеит Аенергетика аминистрраҿы.
Аминистрра анапхгареи, "Амшынеиқәафымцамч" ахадеи, араионтә фымцеихшарҭақәа реиҳабацәеи реилатәараҿы иалацәажәеит аенергосистема аӡынтәи асезон иахьынӡазыхиоу.
Иара убасгьы ицәырган аҳасаббаратә мыруга ҿыцқәа рышьақәыргылареи афымцаҳақәа рырҿыцреи рзы аусура абжьаратә еихшьаалақәа.
Жәамз рыҩнуҵҟа 278 км 0,4 кВ аҳақәа дырҿыцит, ахатәы ҩнқәа рҿы аҳасаббаратә мыругақәа 14 426 цыреи, ауадақәа рҿы 21 481 цыреи ықәдыргылеит.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла аенергетика аминистр адҵа ықәиргылеит афымцаҳақәа реиҭашьақәыргылареи аплан ала иаанхаз аҳасаббаратә мыругақәа реибыҭареи дырццакырц.
Афымцаҳақәа реиҭарҿыцреи абонентцәа афымцамч ашәҟәы аҭагаларазы априборқәа рыла реиқәыршәареи рзы аусурақәа ирылагеит 2026 шықәса жәабранмзазы, ареспублика араионқәа зегьы амҽханакит. Ашықәс анҵәамҭазы иазԥхьагәаҭоуп 60 нызқь рҟынӡа афымцаԥхьаӡагақәа рышьақәыргылара.