Ареспубликатә аҿартә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" аҵаратә проект "Медиа-Вектор" хацнаркит
11:26 16.11.2026 (ирҿыцуп: 12:03 16.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Мышктәи аинтенсив мҩаԥысуеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны, уи иалахәуп аԥснытәии урыстәылатәии аекспертцәа.
АҞӘА, абҵара 16— Sputnik. Ареспубликатә аҿартә еиҿкаара "Аԥсны Ҿа" аҵаратә проект "Медиа-Вектор" хацнаркит.
Аԥшьгамҭа азырхоуп амедиаҵара аизырҳара, ҿыц аҩра иалагаз авторцәа рыдгылара, Аԥсны аҿар иаку аинформациатә ҵакыра рзаԥҵара.
Мышктәи аинтенсив мҩаԥысуеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны, уи иалахәуп аԥснытәии урыстәылатәии аекспертцәа.
Аԥшьгамҭа азырхоуп амедиаҵара аизырҳара, ҿыц аҩра иалагаз авторцәа рыдгылара, Аԥсны аҿар иаку аинформациатә ҵакыра рзаԥҵара.
Мышктәи аинтенсив мҩаԥысуеит ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны, уи иалахәуп аԥснытәии урыстәылатәии аекспертцәа.
"Аԥсны Ҿа" ахантәаҩы Саид Ҟәланба иҳәеит апроект адгылара шаиуз ҳазҭоу ашықәс нанҳәамзазы имҩаԥысыз аиҿкаара афорум аҟны.
"Убри инаркны ҳаиҿкаара аусура еиҭахацҳаркит, ԥшь-проектк дук Аԥсны имҩаԥаҳгахьеит. Уи адагьы ҳара активла жәларбжьаратәи амшхәаԥштә ҳалахәуп. 200-ҩык атуристтә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла иаҭаахьеит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҟәланба.
Аинтенсив хацлыркит ИИА "Аактив асоциал-креативтә ҿиара аинститут" адиректор Дариа Зинковскаиа атренинг "Агәыԥеиҿкаареи хра злоу аинырреи" атемала.
Анаҩс аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" актәи асезон аҿы аиааира згаз аблогер Омар Малиа алекциа "Аблогинги ахатәы бренди" мҩаԥигоит.
Иара убас, апроект алахәылацәа амедиасфераҿы иԥсабаратәым аинтеллекти, иара убас ахатәпрезентациеи, иаарту ақәгыларақәеи ирызку алекциақәа ирзыӡырҩуеит.
Апроект апартниорцәа: Арра-спорттә ҽазыҟаҵареи апатриоттә ааӡареи Рцентр "АБАЗГ", ЦСИИ "Перспектива", амаҵзура СМИ2.