Амилаҭтә премиа "Ақыҭа арҿиаҩы. Аԥсны-2026" хацыркхеит
12:50 16.11.2026 (ирҿыцуп: 13:22 16.11.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
Апремиа лассы-лассы аџьармыкьақәа рахь анеиреи аӡыргареи ирылхәдаау ақыҭаҳәса-наплакыҩцәа адгылара рыҭара иазырхоуп.
АҞӘА, абҵара 16— Sputnik. Амилаҭтә премиа "Ақыҭа арҿиаҩы. Аԥсны-2026" хацыркхеит.
Уи мҩаԥнагоит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аҳәса анплакҩцәа", ақыҭа Ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика ахада ицхыраарала. Апремиа лассы-лассы аџьармыкьақәа рахь анеиреи аӡыргареи ирылхәдаау ақыҭаҳәса-наплакыҩцәа адгылара рыҭара иазырхоуп.
Аусмҩаԥгатә 70-80-ҩык аноминанткацәа аанарԥшуеит, урҭ рахьынтә 7-ҩык афиналистцәа алххоит, урҭ аҭирақәа рзы аҭыԥи аинформациатә цхыраареи роуеит.
Укандидатура ақәыргылара алшоит ухала, мамзаргьы Ақыҭанхамҩа аминистрра, араионқәеи ақыҭақәеи рхадарақәа, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рабжьгарала.
Азыҳәақәа рыдыркылоит абҵара 28 рҟынӡа аномер +79409931616 ала, мамзаргьы аԥошьҭа Ladyboss-abkhazia@mail.ru ахь.
Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 21 рзы.