Атуризм аусхк амонополизациа аҿагыларазы ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит Аԥсны Апарламент аҟны
15:13 16.11.2026 (ирҿыцуп: 15:33 16.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 16— Sputnik. Атуризм аусхк амонополизациа аҿагыларазы ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит Аԥсны Апарламент аҟны.
Асасааирҭатә бизнес амонополиа азура аԥырҟәҟәааразы азакәан апроект иахәаԥшит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа далархәны.
Апроект аус адулоуп адемпинг — атуристтә оператор дуқәа аквота мҽыӷ аҭагылазаашьала асасааирҭақәа рҟынтәи аномерқәа рыхәыԥса лаҟәны иаахәаны, анаҩс аномерқәа рыхәқәацәҟьагьы хызымҩо хәыԥсала атуристцәа ианраадырхәо апроблема аӡбаразы. Аиԥшымзаара хадырҭәаауеит ахатә хашәала ала, мамзаргьы аилахәыра аусура егьырҭ ахырхарҭақәа рҟынтәи асубсидиа аҭара абзоурала.
Асасааирҭа хәыҷқәа ас еиԥш афинанстә ԥыжәарақәа рымаӡам, убри азы урҭ рыхәԥсақәа ахархәаҩ изы иҳаракуп, уи атуристцәа реиҵахара, аџьармыкьа амонополиа азура, аобиектқәа рырҭәра алаҟәра ахылҿиаауеит.
Атуризм аминистрра адемпинг иаҿагыло ауснагӡатәқәа жәпакы ҳаднагалоит:

Асасааирҭақәа аквота џьбара аҭагылазаашьала аиқәшаҳаҭрақәа зегьы аминистрраҿы ашәҟәы иҭаргалаларц дҵаны ирыдҵазарц. Уи иалнаршоит аахәаратә хәыԥсақәа рбаза ашьақәыргылара анаҩстәи ахылаԥшразы.
Ареестр аҿы иазгәаҭахоит аиқәшаҳаҭра аганқәа, аномерқәа рхыԥхьаӡара, урҭ раахәара ахәԥса.
Аномер аахәаратә хәыԥса аҟынтәи 30% иреиҵаны аҭираан аминистрра атуроператор агәынамӡара изынанашьҭуеит, уи анамыгӡараан аҭирақәа ааннакылоит, мамзаргьы аиқәшаҳаҭра аԥнахуеит.
Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иажәақәа рыла, аиҭакрақәа аус рыдызуло хықәкы хадас ирымоу атуристтә усхк аԥырхага аҭара акәӡам, уаҟа ахәԥсеиҿкаара аҭышәныртәалара ауп.
Аԥҟара ҿыцқәа ралагалараан Логәуа ишәарҭа хадоуп ҳәа азиҳәеит рашәарамзазы атуристцәа раара аиҵахара, избанзар ахәқәа уаанӡатәи аиԥш-зеиԥшу аамҭа иаҿырԥшны еиҳахоит.
Иара убасгьы азакәан апроект ишьақәнаргылоит асезон ҳаракы аҿҳәара рашәара 1 инаркны цәыббра 1 аҟынӡа ҳәа.
Аԥшьгамҭа асасааирҭақәа рклассификациа алагалареи анхарҭа ҭыԥқәа иаку рсиа аԥҵареи ркомплекс иадҳәаланы иахәаԥшуеит. Адепутатцәеи Аминистрцәа реилазаареи азакәан рыдыркылар, уи амчра аиуеит ажьырныҳәамза 1, 2027 инаркны.