Амилаҭбжьаратә акзаара аиқәырхара иалацәажәеит апартиа "Аԥсны Акзаара" аофис аҿы
15:39 16.11.2026 (ирҿыцуп: 15:51 16.11.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 16— Sputnik. Амилаҭбжьаратә акзаара аиқәырхара иалацәажәеит апартиа "Аԥсны Акзаара" аофис аҿы.
Астол гьежь "Аԥсны — ҳзеиԥш ҩны: амилаҭбжьаратә еиқәшаҳаҭреи акзаареи" алахәылацәа иазгәарҭон азеиԥш ԥсадгьыл аизҳазыӷьаразы аус зуа ареспублика амилаҭтә еилазаарақәа зегьы традициала реилибакаара.
Ареспублика ауааԥсыра ианакәзаалакгьы реидгылара аадырԥшуан, зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭазгьы — Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ҳәа азгәеиҭеит " Аԥсны акзаара" Гагратәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Даур Ҷанба.
Астол гьежь атемақәа ируакхеит имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа реиҿкаара атәы. Аиԥылара алахәылацәа иазгәарҭеит еибарххоу алхратә аамҭазы ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы аҭышәынтәалара аиқәырхара аҵак ду шамоу.
Хазы иалацәажәан Жәлар Реизара аилазаара ҿыц аусура храмазаара азҵаареи алхыҩцәа иалырхуа анырра рырҭар шрылшои.
"Аԥсны акзаара" алахәыла Олег Кобзарев алхыҩцәа апарламентари изинмч имхразы амеханизм рымазароуп ҳәа азиԥхьаӡоит, уи инапынҵақәа ишахәҭоу инаимыгӡозар.
"Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә усбарҭа" аиҳабы Ҭемыр Ӡыба даҽа гәаанагарак имоуп: адепутат изинмч имхра амеханизм жәлар иалырхыз иҽеим анырра рнаҭар алшоит, аӡбамҭақәа рыдкылараан ирықәыӷәӷәалоит азы.
Аиԥылара алахәылацәа рзеиԥш гәаанагаран иҟоуп: Апарламент аилазаара ҿыц аԥышәа змоу ауаа реиԥш абиԥара ҿыц ахаҭарнакцәагьы рыла ишьақәгылазароуп ҳәа ауп. Урҭ азанааҭтә ҩаӡара ҳаракы еиднакылозароуп.
Иара убас, астол гьежь аҟны хшыҩзышьҭра арҭеит еилаԥсоу асистемала адепутаттә корпус ашьақәыргылара, аԥсуа бызшәа, адемографиа, асоциалтә усхк уҳәа ареспублика аԥсҭазаара ахырхарҭақәа жәпакы рызҵаарақәа.