Тҟәарчалтәи агуманитар-ааглыхратә коллеџьи СурАУ-и аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩит
10:24 19.11.2026 (ирҿыцуп: 10:33 19.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 19 — Sputnik. Тҟәарчалтәи агуманитар-ааглыхратә коллеџьи Сургуттәи аҳәынҭқарратә университети аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩит.
Аусшәҟә рнапы аҵарҩит араион аҵара аҟәша анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Ахра Харчлааи СурАУ аректор Сергеи Косеноки.
"Тҟәарчалтәи ашкол арҵаҩратә традициа беиақәеи Сургуттәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырратәи аметодикатәи база ӷәӷәеи реидкылара иалнаршоит акадрқәа разыҟаҵара, еицырзеиԥшу арҵаратә проектқәа рынагӡара, академиатә ԥышәа аимдара, аквалификациа аизырҳара апрограммақәа хаҭабзиарала иҿыцу аҩаӡарахь рнагара", — аҳәоит араион ахадара адырраҭараҿы.