Ҭырқәтәыла атәылауаа ҩыџьа Аԥсны рӷьычразы аус аӡбарҭахь инашьҭуп
16:22 20.11.2026 (ирҿыцуп: 17:16 20.11.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Ҭырқәтәыла атәылауаа ҩыџьа Аԥсны рӷьычразы аус аӡбарҭахь инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Ахара здырҵо руаӡәк, Александр Еремин аусҭҵаареи иареи русеицуразы аусӡбаранӡатәи аиқәшаҳаҭра бжьеиҵеит.
Иара ихарарҵоит ауаа рӷьычра, мчыла амазара ацәгара, закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани реикәыршара.
Апрокуратура адыррақәа рыла, иара ихыдҵақәа зегьы наигӡеит: ацәгьоурақәа раарԥшреи урҭ ирылахәыз рҿаԥҽреи рҿы ацхараара ҟаиҵеит.
Лаҵара 11 рзы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан ирӷьычит Ҭырқәтәыла атәылауаа Бурхан Соиаки Баирам Абдуллаҳи.
Еремин идагьы аус азы ахара рыдырҵоит Ҭарык Ашәба, Шьади Ажьиба, Гәырам Арӡынба, Гекхан Челикџьан, Азамаҭ Арӡынба, Аслан Арӡынба, Таифун Токоглу. Урҭ ирхарарҵоит: амҵарсра, ҷыдала мҽхакы ҭбаала аԥара ацәгара, закәаншьаҭада абџьар аикәыршара.
Еремин дааныркылеит лаҵара 16 рзы. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа лаҵара 19 рзы дарбаандаҩит. Егьырҭ алахәылацәа рганахь алагьы заанаҵтәи аусҭҵаара иацҵахоит.