Аԥсны адиагностцәа рассоциациа аԥырҵеит Аҟәа
17:21 20.11.2026 (ирҿыцуп: 17:35 20.11.2026)

© Sputnik / Константин Михальчевский
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Аԥсны адиагностцәа рассоциациа аԥырҵеит Аҟәа.
Азанааҭтә хеидкыла ҿыц ареспублика аультрабжьытә, арентгенологиатә диагностика аспециалистцәа еиднакылоит.
Аизара аалыртит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Сариа Адлеиԥҳа. Лара иазгәалҭеит аусхк аҿиаразы ари ашьаҿа аҵакы, избанзар ииашоу адиагноз апациентцәа рыхәышәтәраҿы ихадоу ароль нанагӡоит.
Ареспублика адиагностикатә маҵзура уажәтәи аҭагылазаашьеи аҿиараз аԥеиԥшқәеи рзы ажәахә хада ҟалҵеит аультрабжьытә диагностиказы Агәабзиарахьчара аминистрра аштатнҭыҵтәи аспециалист хада Инга Хьыкәаба.
Лара иазгәалҭеит апрофессионалтә еилазаара аҿаԥхьа иқәгылоу актуалтә уснагӡатәқәа, ишьақәлыргылеит аицеилацәажәареи ԥхьаҟатәи аҿиареи зҭаху ахырхарҭа хадақәа.
Аизараҿы анапхгара аилазаара еиҿкаан, амаӡаныҟәгаҩ далхын. Хантәаҩыс еицҿакны лыӡбахә рҳәеит Лаура Харчлааԥҳа.
"Даара акраҵанакуеит Ассоциациа аспециалистцәа ҳабжьара еизааигәоу, ирҿиаратәу, зхаҭабзиара ҳараку, алҵшәа змоу, зыбзоурала аԥышәеи еизгоу адыррақәеи реимдара ҳалшо аинырра ыҟазаарц,", — ҳәа азгәалҭеит Харчлааԥҳа.