Аԥсни Урыстәылеи ртактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагоит абҵара 24 асааҭ 10:00 рзы
17:41 23.11.2026 (ирҿыцуп: 17:56 23.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ртактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагоит абҵара 24 асааҭ 10:00 рзы.
Аҟәа амҩадуқәеи ареспубликатә мҩеи рҟны иныҟәалоит ацхыраара ласи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи рмашьынақәа алашарбагақәеи асигналқәеи аҿакны.
Убри аан амҩақәа рҿы амашьынақәа рныҟәара ԥкрада иҟазаауеит. Ахәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи абжьааԥнеиԥш аус шыруц иурлоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра.
"Аҳәара ҟаҳҵоит агәҭынчымра аӡәгьы ирызцәырымҵырц— имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа зегьы иарбоу аҽазыҟаҵарақәа ирыхәҭакуп", — аҳәоит атекст аҿы.

Sputnik Аԥсны — атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа аинформациатә дгылара анаҭоит.
Аҽазыҟаҵарақәа аиҿкааҩцәа — Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра, Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра, Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра амашәырқәа рмедицина Афедералтә центр, Краснодартәи атәылаҿацә Агәабзиарахьчара аминистрра алархәны.