Аԥсни Урыстәылеи раԥхьатәи ртактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит иахьа Аԥсны
10:38 24.11.2026 (ирҿыцуп: 15:15 24.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи раԥхьатәи ртактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит иахьа Аԥсны.
Аҽазыҟаҵарақәа раартра далахәын Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
Аҽазыҟаҵарақәа раартра далахәын Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
"Аинфраструктура аҿиара, жәаҳәарада, иаҵанакуеит ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа раԥҵара, ас еиԥш иҟоу аинфраструктуратә проектқәагьы уахь иналаҵаны. Убри аҟнытә, даара акраҵанакуеит еиуеиԥшым аусбарҭақәа, аминистррақәа рыбжьара аинырра аҳәоуеиқәшәара ыҟазарц. Иахьа ииашаҵәҟьаны даара акрызҵазкуа хҭысуп, ари аус аформат ҳасаб азуны", — иҳәеит иара.
Асценари ала аҳаирплан "ашәарҭаратә ҭагылазаашьаҿ" иантәалак ашьҭахь, Аҟәа аҳаирбаӷәазаҿы "ааха зауз" аевакуациа рзухоит, амедицинатә еилыԥшаара еиҿкаахоит, ацхыраара ласы рыҭахоит, ахәышәтәырҭахь инагахоит.
Ареспубликатә, ахәыҷтәы, Гәылрыԥшь араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы ааха зауз хыԥхьаӡара рацәала раара асценари аус адырулоит. Урыстәылаҟа атрансҳәаатә медицинатә евакуациа мҩаԥгахоит.
Ареспубликатә, ахәыҷтәы, Гәылрыԥшь араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы ааха зауз хыԥхьаӡара рацәала раара асценари аус адырулоит. Урыстәылаҟа атрансҳәаатә медицинатә евакуациа мҩаԥгахоит.
Аиҿкааҩцәа — Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра, Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра алархәны, Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистрра Арыцҳарақәа рмедицина Афедералтә центри, Краснодартәи атәылаҿацә Агәабзиарахьчара аминистрреи.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп АҶА, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭавтоинспекциа, Аиҳабыратә еимадара амаҵзура, Аекономикеи, асоциалтә еиқәыршәареи, адемографиатә политикеи рминистррақәа, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Аҳәаахьчаратә усбарҭа, апрокуратура уҳәа ареспублика амаҵзурақәа.

Аԥсны-урыстәылатәи атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа амашәырқәа рмедицина амаҵзура аԥҵаразы аусеицураҿ ихадоу аусмҩаԥгатәқәа иреиуоуп ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Плутницки.
Иара раԥхьатәи аԥсны-урыстәылатә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәыз ашәҟәы рзынаишьҭит.
Аҽазыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп ааха зауз хыԥхьаӡара рацәала рыҟазаара аҭагылазаашьаан уи иадҳәалоу аҟәшақәа зегьы русура хра амазаара агәаҭара ҳәа азгәеиҭеит Плутницки.

"Аҳаирбаӷәаза плошьадкак аҳасаб ала алхра машәыршақә иҟамлаӡеит, ари ауаа рацәа ахьааиуа обиектуп, уи аусура иҷыдоу амаҵзурақәа зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа разыхиазаара аҭахуп", — ҳәа ациҵеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Плутницки иажәақәа рыла аусеицура актуалра ареалтә хҭысқәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп. Ҿырԥштәыс иаагеит Тҟәарчал араион аҿы 2025 шықәсазы иҟалаз ахҭыс, атуристцәа зҭаз автобус амҩатә машәыр ианақәшәаз.
Аиҿкааҩцәа: Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа, Урыстәыла амашәырқәа рмедицина Афедералтә центр, Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистрра.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа иазгәеиҭеит урыстәылатәи иколлегацәеи иареи русеицуреи рзанааҭтә ԥышәа аимдареи аҵак ду шрымоу, инаҵшьны иазгәеиҭеит аусеицура ишалнаршо ареспублика аҭагылазаашьа ҷыдақәа рықәҿыҭра разыхиазаара аизырҳара.
Sputnik Аԥсны — атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ринформациатә партниор.