Аҳаирбаӷәазаҿы "ааха зауз" жәаҩык Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инаргеит
12:18 24.11.2026 (ирҿыцуп: 15:18 24.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аусбарҭабжьаратә ҽазыҟаҵарақәа раан аҳаирплан "авариа-мҽыӷрылатә тәара" ахьыҟанаҵаз аҭыԥ ахь аԥхьа инеит АҶА амчрақәеи аҳаирбаӷәаза амедицинатә маҵзуреи.
АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik. Аҳаирбаӷәазаҿы авариатә тәара ашьҭахь "ааха зауз" жәаҩык аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инаргеит.
Урҭ ргәабзиаратә ҭагылазаашьа — ишәарҭоу, даара ишәарҭоу ҳәа иҟоуп. Аӡәы Аԥсны анҭыҵҟа "дыргоит" иааха уадаҩ иахҟьаны. Уи азы Шәачантәи Аҟәаҟа ареанимобил ала абригада ааит.

Sputnik Аԥсны — Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, Агәабзиарахьчара аминистрра, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра уҳәа аусбарҭақәа жәпакы злахәу атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа иринформациатә партниоруп.
Асценари инақәыршәаны, Аҟәа аҳаирбаӷәазаҿы мҽыӷрыла итәаз аҳаирплан иҭан 180-ҩык ауааԥсыра, "ааха" роуит 47-ҩык. Урҭ рахьтә 24- ҩык, хҩык ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны, Аԥсны иатәылауаауп. Урыстәылаа 21-ҩык ыҟоуп, хәыҷыкгьы дналаҵаны. "Иҭахеит" ҩыџьа апассаџьырцәа — Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаа.
Апассаџьырцәа рыхәҭак русшәҟәқәеи рымаҭәақәеи "рцәыӡит".

Ареанимациаҿы амедицинатә усзуҩцәа раԥхьа иргыланы "ааха зауз" рҭагылазаашьа ахәшьара арҭоит ҳәа лҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа ареанимациеи анестезиологиеи рыҟәша аиҳабы Наргиза Харчлааԥҳа.
Аҳақьымцәа афаст-ҭҵаара цҵақәа мҩаԥыргоит, ачымазцәа амониторқәа ирҿаркуеит, ианаҭахха ррыԥҳақәа иԥсабаратәым аҳауарҭарсра мҩаԥыргоит.
Уи инаваргыланы иӡбахоит зыԥшра ҟамҵакәа аоперациа аҭаху-иаҭахымума ҳәа азҵаара аӡбра.
Аҽазыҟаҵарақәа рлегенда излаҳәо ала апассаџьырцәа руаӡәк ихшыбаҩ ааха аиуит, ихәда аҟәшаҿы ибӷашшара ԥиҵәеит. Ацхыраара ласы Шәачатәи абригада дыргоит, урыстәылатәи амедикцәа рнапахьы дрырҭаанӡа иара ихылаԥшлоит.