Аԥсны Апарламент ашәахтәқәҵарақәа рпатенттә система азы азакәан аднакылеит
13:00 24.11.2026 (ирҿыцуп: 15:14 24.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik. Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала ашәахтәқәҵарақәа рпатенттә система азы азакәан аднакылеит.
Аусшәҟәы еиднакылоит аус зуа апатенти ашәахтә режим ҷыдеи.
Азакәан инақәыршәаны апатент змоу аусуҩцәа идикылар илшоит, аха ԥшьҩык иреиҳамкәа. Уажәазы уи азин ыҟам.
Уи иара убас ақьаадтә кәамаҵамара имыцхәу азҵаара аӡбароуп — апатент аиуразы арзаҳал алаҵара азхоит. Хазхаҭалатәи наплакҩык иаҳасабала аҽҭаҩра аҭаххаӡом.

Иара убас, ашәахтәшәаҩцәа ркатегориа ҿыц цәырҵуеит: аусураҭаҩи дареи аџьатә еиқәшаҳаҭра рымамкәа зхазы аус зуа аҳәаанырцәтәи атәылауаа.
Амиграциатә маҵзура аиҳабы Саид Ҵнариа иажәақәа рыла, иахьа уажәраанӡа ашәахтәқәа зшәоз Аԥсны атәылауаа ракәын.
Ашәахтә аизгаразы амиграциатә маҵзура автоматизациа зызуу аҳасаббаратә система азнархиоит. Иазыԥхьагәаҭоуп ажьырныҳәа 1 азы амаҵзура ашәахтә администратор аҳасаб ала аус аулоит ҳәа. Ҵнариа иара убасгьы иҳәеит азакәан абиуџьет ахарҭәаара адагьы аҳәаанырцәуаа ареспубликаҿы аус шыруа ҳәаақәнаҵалоит ҳәа.