00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБадра Гунба
Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 26 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.

Гәынба иазгәеиҭеит 1994 шықәса абҵарамза 26 ҳтәыла аҭоурых иҷыдоу хҭысны ианылеит ҳәа.

"Аконституциа адкылара ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы аамҭа ҿыц ахацыркра иазҳәоуп. Уи ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны жәлар ихьыԥшым аҳәынҭқарраҿы анхаразы ирымаз агәазыҳәара. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәс уадаҩқәа раан ирыдыркылаз Азакәан Хада аԥсуа ҳәынҭқарра ауасхыр ӷәӷәа азышьҭанаҵеит, аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа апринципқәа шьақәнаргылеит, азин ахадара рыланаҳәеит, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи рзы ахәдықәҵара шауа атәы шьақәнарӷәӷәеит. Уи аҿы иҷыдоу аҭоурыхтә роль нарыгӡеит ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарратә мчра асистема ашьақәгылара напхгара азызуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет актәи ааԥхьара адепутатцәеи", — азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.

Атәыла ахада иажәақәа рыла, Азакәан Хада ҳаҭыр ақәҵара, азин ԥыжәара аҭара, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рҿаԥхьа аҭакԥхықәра ҳзинтә культура иахәҭакны иҟалароуп.

"Абарҭ апринципқәа рыла ауп ишышьақәгылоу атәылауаа рзинқәа ахьыхьчоу, азакәанреи аиашареи ахьалыршоу, ауаҩы зегьы раасҭа ихә ахьыҳараку мчы змоу аҳәынҭқарра. Агәраганы сыҟоуп аконституциатә принципқәа гәык-ԥсыкала рзыҟазаара, азакәан ҳаҭыр ақәҵара, атәыла аԥеиԥш азы азеиԥш ҭакԥхықәра Ҳреспублика ԥхьаҟатәи аҿиара алзыршо шьаҭаны ишыҟало", — иҳәеит Гәынба.

Ахада ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, агәабзиара, аманшәалара, аҳәоуеиқәшәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0