Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 343 ҭадырхеит
09:44 26.11.2026 (ирҿыцуп: 12:49 26.11.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 26 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 343 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Курсктәи, Воронежтәи, Тулатәи, Орловтәи, Саратовтәи, Самаратәи, Ростовтәи, Улиановтәи аобластқәа рҿы.
Иара убасгьы, аппаратқәа карыжьит Москватәи арегион, Краснодартәии Ставропольтәии атәылаҿацәқәа, Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани ареспубликақәа, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рӡымҽхак аҿы.