Гәынбеи аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхеилаки аилатәара мҩаԥыргеит
16:11 26.11.2026 (ирҿыцуп: 17:01 26.11.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 26 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны ахада иҟны иҟоу аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рабжьгаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аилатәара мҩаԥган Азакәан хада адкылара амш аҳаҭыраз. Иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, апартиақәа "Аԥсны Жәлар ракзаара афорум", "Аиҭаира", "Амцахара" рхантәаҩцәа, ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аконституциа адкылара ареспублика ашьақәгылараҿы акрызҵазкуа шьаҿаны ишыҟалаз, уи аҿы ароль ду нарыгӡеит Владислав Арӡынбеи Жәлар Реизара актәи ааԥхьара адепутатцәеи.
Аконституциа ариашарақәа ралагалара ишалацәажәогьы ихадоу астатиақәа рыԥсахра ҟалашьа амам иҳәеит атәыла ахада.
Иара убас, Аԥсны атәылахьчареи аенергетикатә шәарҭадареи рызҵаарақәа рылацәажәара иалахәын Атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьба, Арбџьармчқәа Рыштаб хада аиҳабы Владимир Савченко, Аенергетика аминистр Баҭал Мышәба, АУН "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.