Михаил Булгаков диижьҭеи 135 шықәса аҵра аҳаҭыраз агәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа
17:12 26.11.2026 (ирҿыцуп: 19:04 26.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 26 — Sputnik. Михаил Булгаков диижьҭеи 135 шықәса аҵра аҳаҭыраз агәаларшәаратә хәылԥазы мҩаԥган урыстәылатәи ауаажәларратә центр "Ҳара ҳаицуп" аҿы.
Ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаареи ирҿиареи ирызку афотоцәыргақәҵа "Вот увидишь, я буду писателем" аҟны ицәыргақәҵан Москва иҟоу М. А. Булгаков имузеи афонд аҟынтәи аматериалқәа рыхҩылаақәа.
Иара убасгьы имҩаԥысит амузеи ахаҭарнакцәа злахәыз арҿиаратә еиԥылара.
Аиԥылара "Мастер и Маргарита": Булгаков игәы азҭазҵоз" аҳәаақәа ирҭагӡаны амузеи адиректор ихаҭыԥуаҩ Иван Назаров еиҭеиҳәеит еицырдыруа ароман аԥҵара аҭоурых.
Булгаков имузеи аиҳабы Валентина Агафонова амузеитә усура ҳаамҭазтәи азнеишьақәеи аҷыдарақәеи ирызку алекциа мҩаԥылгеит.
Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит — Аҟәа иҟоу Москва Аҩны, Москва Аиҳабыра, ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа Рдепартамент, ҳџьынџьуаҩ Москватәи иҟоу аџьынџьуаа рыҩны рыцхыраарала.