Аԥсны аиқәырхаҩцәа ҿарацәа ркорпус имҩаԥнагаз арҵаратә зыҟаҵарақәа аихшьаалақәа ҟанаҵеит
18:45 26.11.2026 (ирҿыцуп: 18:58 26.11.2026)

© Foto / "Абхазский корпус молодых спасателей"
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 26 — Sputnik. Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ҿарацәа ркорпус ахатәгәаԥхаҩцәа Урыстәыла аԥшаара-еиқәырхаратә ҟәшаҿы имҩаԥыргаз арҵаратә зыҟаҵарақәа аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Урҭ разыҟаҵарақәа мҩаԥысит "Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ҿарацәа ркорпус" аԥышәаратә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит АԥАҾР апресс-маҵзура.
Акорпус ахантәаҩы Саид Гогәуеи апроект алахәылацәеи иареи реиԥылараан апрограмма алҵшәақәеи аиҿкаара аҿиара алшарақәеи ирылацәажәеит.
Ахҽазыҟаҵарақәа ҩымчыбжь имҩаԥысуан, уахь иаҵанакит раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵаразы ҳаамҭазтәи аметодқәа, амцарцәаратә шәарҭадара ашьаҭақәа, АҶ аан аусура аҷыдарақәа рыҭҵаара, иара убас апсихологиатә зыҟаҵара.
Алахәылацәа рыхәҩыкгьы қәҿиарала рҵара хдыркәшеит, уи азы аршаҳаҭгақәа роуит.