00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ахы ыҟазар, ахылԥа ахалоит": аԥсуа жәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАхҭырԥа
Ахҭырԥа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2026
Анапаҵаҩра
"Ажәаԥҟақәа иҭамбаӡо ӡыхьуп" убри аӡыхь аҿынтә кәапеик азна ҳзылтарц лҽазылшәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ажәаԥҟақәа, аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа егьырҭ ахкқәа зегьы реиԥш, жәытәнатә аахыс иаԥырҵон, иааргон абиԥарак аҟнытә даҽа абиԥарак ахь инеида-ааимдо.
Аха иазгәаҭатәуп, ажәаԥҟақәа иузаҟәымҭхо ишадҳәалоу, ауаҩытәыҩса ицәажәара аан ииҳәарц ииҭаху ахшыҩҵак злааирԥшуа форма ԥшӡаны ишыҟоу. Аԥсуа жәаԥҟақәа шьақәгылоуп имариоу бызшәала, иаразнакы игәнукыларц. Уажәаҳәа зырԥшӡо, ухшыҩ аҵаулареи иулоу аҟәыӷареи рааԥшразы зеиԥшыҟам хархәагоуп.
Аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа "иҭбааҭыцәу рдунеи ахьтә" хәҭа хәыҷык алкааны, рҵакқәеи дареи неицҵаны абра иасырбарц сҽазысшәоит:
Ахы иазымыӡбаз, ажәҩаз еидароуп. Ауаҩы цқьа дазымхәыцӡакәа, имшәакәа-имзакәа, ишабалак иҟаиҵаз алҵшәа аиуам, уи еиҭа ҟаҵатәыс иауеит. Иаҿурԥшыр ауеит аурыс жәлар ражәаԥҟа: "Дурная голова ногам покоя не дает".
Зхы иаиааиуа, иаӷагьы дииааиуеит. Дзықәшәаз аҭагылазаашьа еилкааны, игәыԥжәара чҳаны, ицәанырра мацара иҽамҭакәа, ҟәышла иныҟәаз, еснагь аиааира игоит. Даҽакала иуҳәозар, ауаҩы ицәаныррақәа раԥхьа ахәыцра гылазароуп даныманшәалахо, аиааирагьы аниго.
Ахы ыҟазар, ахылԥа ахалоит. Ауаҩы хыла-хшыҩла деибыҭазар, ихшыҩ аус арура дацәымаашьозар, иҭаххар амал арҳара, ихазы аԥсҭазаара бзиа аиҿкаара илшоит. Дназлаго зегьы иқәҿиоит.
Ухы иазумуа, уаӷа иузиуам. Ауаҩы ихы иазеицәоу, дыԥхасҭазтәуа, дықәызхуа аус ихала ианыҟаиҵалак, абас рҳәоит.
Хыла уажәыр аҵкыс — шьапыла уажәыр еиӷьуп. Иажәны зшьапы инанамго деиӷьуп, зыхшыҩ цаз иаҵкыс.
Ухатәы ӡбаны — ӡбара уца. Аӡә иус уаналацәажәо, иуӡбарц уаналага, уара ухатә усқәа зегьы "ҽыԥныҳәа умамкәа" еиқәшәазароуп.
Хырқьиара ицаз ҽадаиала дааргеит. Ацәгьара ҟазҵаз ихы ирқьиарц даналага, акгьы иамыхәакәа ихәҭаз данақәдыршәалак абас рҳәоит.
"Зхы зыхьчо, анцәагьы дицуп", "Зхы иацхраауа, анцәагьы дицхраауеит", "Зхы иахәо анцәагьы дихәоит". Зых ҳаҭыр ақәызҵо, имаашьо, зхы аџьабаа азырбо, даҽаӡәгьы аихәара зҟазшьо иаргьы ицхраауеит, ихәоит, патугьы иқәырҵоит.
Хы бааԥси напы бааԥси еибабыӷуеит. Ҟазшьала, цәаҩала, ҵасла, дунеихәаԥшышьала еиԥшу, еизааигәоу еиҳа еилибакаауеит, ҽыхьшьырҭас иҟаибаҵоит.
Зхатә ҩны зызгыламыз атәымуаа аҩныргылашьа дирҵон. Зхазы акгьы иаԥсам, ахыргәаҟра зҭахым, даҽаӡәы акы исырҵоит, силабжьоит ҳәа даналагалак абас рҳәоит.
Зхы змыхьыц, ухыхь атәы иаумҳәан. Досу ихьаа, игәырҩа, игәҭыха иара ишидыруа, иара ишиныруа даҽаӡәы издырӡом.
Зхы умаздаз, ихахә ылумхын. Ууара зҭаххаз, уҩызара иашьҭалаз ацәгьара изуумун аанагоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0