Нестор Лакәаба имашьына аиҭашьақәыргылара ашьҭахь Аԥсныҟа иааргоит
13:07 29.11.2026 (ирҿыцуп: 13:46 29.11.2026)

© Sputnik / Илья Питалев
Анапаҵаҩра
Уажәы "Линкольн" Подольск иҟоу "Молотов гараж" аҟазарҭаҿы иҟоуп, аиҭашьақәыргылара аетап иахысуеит.
АҞӘА, абҵара 29 — Sputnik. Нестор Лакәаба имашьына аиҭашьақәыргылара ашьҭахь Аԥсныҟа иааргоит.
"Линкольн" аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩы ҳамҭас ирҭеит Ермантәыла АКХ ахантәаҩи, аерманцәа зегьы акатоликоси. Лакәаба данҭаха ашьҭахь акыраамҭа амашьына ареспублика анҭыҵ ахатәы коллекциақәа рҿы иҟан.
Уи архынҳәразы раԥхьатәи аҽазышәара мҩаԥган 20 шықәса раԥхьа, аха усҟан амашьына ахьыҵәахыз аколлекциа зтәыз аусеицура мап ацәикит ҳәа "Аԥсуа телехәаԥшра" аинтервиу аҭо иҳәеит "Аԥсны-Оил" адиректор хада Олег Лакоба.
Иара иациҵеит, Аԥсны аерман уаԥшь ахантәаҩы Алик Миносиани дареи русеицура иабзоураны, уи ареспубликахь архынҳәра иақәшаҳаҭхаз амашьына аԥшәма ҿыци дареи аимадара рыбжьаҵара шрылшаз.
Уажәы "Линкольн" Подольск иҟоу "Молотов гараж" аҟазарҭаҿы иҟоуп, аиҭашьақәыргылара аетап иахысуеит. Ареставраторцәа хықәкы хадас ирымоу — раԥхьатәи амашьына аԥшра аиқәырхара ауп.
Аремонт ахыркәшамҭаз амашьына Аԥсныҟа ихынҳәуеит, Нестор Лакәаба ихьӡ зху амузеи аекспонатқәа рыбжьара аҭыԥ ааннакылоит.