00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
30 мин
13:00
31 мин
13:30
30 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сызнысыз амҩа бааԥсӡам": Ҭали Џьапуаԥҳа 70 шықәса лхыҵит

© FotoТали Джопуа
Тали Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2026
Анапаҵаҩра
Аԥҳәыс ԥшӡа, Аԥсны Афырхаҵа лықәраныҳәа азгәалҭоит иахьа. Аиҿцәажәаразы амҩа санықәлоз заа цәыблагәкгьы смырхиеит. Қәрала рацәак ҳабжьам, аха лара сара рҵаҩыс дсыман Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет санҭаз, анаҩсгы ҳамҩақәа анеихдаз рацәан. Изхысҳәаауа, иахьа сзыҿцәажәо афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аибашьра аветеран, ажурналист Ҭали Џьапуаԥҳаи сареи гәаартыла ҳаицәажәеит, алафгьы еибаҳҳәеит.

— Аҳәса ԥшӡақәа рықәра анырӡо ыҟоуп, бара Ҭали Шьаликәа-иԥҳа уи бышԥазыҟо ҳәа сажәа ахы скит лусуратә уада саныҩнала.
— Дунеихаан исымӡац. Сқәыԥшны саныҩагыла инаркны, иахьа уажәраанӡа Анцәа исиҭеит убри еиԥш аҭагылазаашьа абри ақәра аҟынӡа ааира, зегьы иримҭаӡеит. Сара насыԥны Анцәа исиҭеит иахьа 70 шықәса схыҵуеит. Скыҷырақәагьы сӡаӡом, бзиа избаӡом иԥсабаратәым ахаҿырхиара, аԥҳәыс лхы дацклаԥшыроуп, аха ҳаӷоу сибааит сқьышәқәа рчны 18 шықәса схыҵуашәа. Абыржәы бҿара ашықәс ахь бхынҳәы рҳәар исҭахӡам, сара сыԥсҭазаара амҩа санысит изласылшоз ала, сбаҩхатәреи сымчи ишсырҭоз ала. Сызнысыз амҩагьы бааԥсӡам ҳәа исыԥхьаӡоит, убри аҟынтәи есыхәылбыҽха санышьҭало Анцәа сиҳәоит схы сахәо, сыхшыҩ аҭыԥаҿ иҟаны схы амаҵ сара ишызуа Анцәа снеигарц.
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/3
Ҭали Џьапуаԥҳа
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/3
Ҭали Џьапуаԥҳа
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/3
Ҭали Џьапуаԥҳа
1/3
Ҭали Џьапуаԥҳа
2/3
Ҭали Џьапуаԥҳа
3/3
Ҭали Џьапуаԥҳа
— Иабанӡараҳаҭроу бара бзы бызнысыз амҩа, иҟоума бгәы зырҷыдоу аҭагылазаашьақәа?
— Дарбанзаалакгьы ауаҩытәҩыса, аԥсҭазаара еиқәышьшьы ианысхьо аӡә дыҟоуп ҳәа сыҟам. Азалымдарагьы ыҟоуп, агәынхарагьы, агәыԥжәарагьы. Аибашьра ду ҳахысит, иҳавагылаз ауаа ҳавыршьааит. Егьыс аԥсҭазаараҿы, ауаа зегь реиԥш азалымдара сақәшәахьеит, иагьараангьы сарҵәуахьеит, аха аиакәым аасҭа абзиа еиҳа ирацәан ҳәа сгәы иаанагоит сызнысыз амҩаҿы. Абри аусура ауаҩы данцо иҭахымкәа мчыла данцо ыҟами, ус схы ақәсыршәаӡомызт. Схала иӡбаны акәымкәа, абра бмааир ԥсыхәа амам анырҳәозгьы, схы, сыԥсы наҭаны аус зуан. Убраҟагьы агәахәара сызҭоз сыԥшаауан.
Сара дыздыруазар Ҭали Џьапуаԥҳа ҳбызшәа аиқәырхара азҵаарақәа дрышьҭоуп. Лхаҭа лажәаҳәа уеилаҳаны уазыӡырҩып, убас ихыркуп дызлацәажәо аԥсшәа. Занааҭла дфилологуп, аҭҵаарадыррақәа дркандидатуп, лусумҭа азкын "Ажәабжьеиҭаҳәашьа аформақәа ҳаамҭазтәи аԥсуа литератураҿы". Дара рҭаацәараҿы фҩык ахшара ыҟан, урҭ рахьтә ԥшьҩык филологцәан. Ишԥацәырҵи ажәа абзиабара анхаҩы Шьаликәа Џьапуа иҩнаҭаҿы — абри ҳалацәажәеит анаҩсан лареи сареи.
— Ажәа абзиабра ҳаман ҳҭаацәараҿы. Ҳаныхәыҷқәаз инаркны ҳааилартәаны ашәҟәы ҳадырԥхьон. Ароманқәа, аповестқәа, ажәеинраалақәа уҳәа, аԥсышәала иааҭыҵуаз зегь ҳауан, ма иаархәон, ма илырҩаауан. Нас, ҳнеидтәаланы аӡә даԥхьон, егьи дӡырыҩуан. Ажәа абзиабара ҳаныхәыҷқәаз аҩны иҳарҭеит ҳани ҳаби. Нас, ашкол бзиа ҳаман, уаҟа есқьынагьы иҟан алитературатә кружок. Алитература абзиабара раԥхьа аҩны идәылызгеит, нас ашкол аҿы иацысҵеит. Нас, афилологиатә факультет сҭалеит. Ажәакала, ажәа абзиабара сыцын еснагь. Ажәеинраалақәа еснагь срыԥхьон. Сергеи Михаил-иԥа Логәуа ҳәа арҵаҩы дсыман, убри сладцаланы ажәеинраала аԥхьашьа, акцентқәа шыҟаҵатәу сирҵон. Ачаиҿыхра ҳамцози зегьы, ацәаҳәа ҳақәгыланы ҳҿанынаҳхалакгьы ҳаисон еиҳа еиҳаны ажәеинраала здыруа ҳәа. Баграт Шьынқәба итәқәа зегьы ҿырҳәала иаҳдыруан. Аԥсуа литература амацара акәмызт иаҳҳәоз, Сергеи Есенин иажәеинраалақәагьы ҳрыԥхьон.
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/4
Ҭали Џьапуаԥҳа
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/4
Ҭали Џьапуаԥҳа
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/4
Ҭали Џьапуаԥҳа
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
4/4
Ҭали Џьапуаԥҳа
1/4
Ҭали Џьапуаԥҳа
2/4
Ҭали Џьапуаԥҳа
3/4
Ҭали Џьапуаԥҳа
4/4
Ҭали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа аибашьра ҟалаанӡа аспирантура даналга ашьҭахь ҳуниверситет аҿы "Аԥсуа литературатә критика аҭоурых" захьӡыз амаҭәар даԥхьон. Исгәалшәоит хшыҩзышьҭра астудент изиҭашаз ллекциақәа. Арҵаҩра даара изнаалоз лакәын сҳәар ауеит, избанзар, астудент дизааигәан. Хымԥада слазҵаар акәын, избан алитератураҭҵаара зынлыжьыз Аԥсны жәлар Рџьыџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь. Ишәгәаласыршәоит, Ҭали раԥхьа амедиаҳәшьа лаҳасабала аибашьцәа дышрыцыз, анаҩс, авидеокамера шылкыз аибашьра хлыркәшеит. Аибашьра анеилга аҭҵааҩы даҽа мҩакы данылеит.
— Ҩышықәса, хышықәса аус зуит ҳуниверситет аҿы, иахьа уажәраанӡа иԥхаӡа сгәы иҭоуп урҭ сыстудентцәа. Саргьы сҿан азы ҳаимадара бзиан. Аибашьра ашьҭахь, сзыхнымҳәыз азы ирлас-ырласны азҵаара соуеит. Зегь акоуп сшьара сықәнарҟьеит аибашьра, насгьы, иҭысхыз аматериал аус адзымулар ада ԥсыхәа сымамкәа сыҟамзи, уахь сагеит. Уи инаҷыданы, абри ажурналистика бзиа избеит. Салаҳаит сгәысҽанымкәа. Сыла ишабоз исывыршьаауаз, иҳацәҭахоз аҷқәынцәа, рхырҿсахьак ыҟаӡамкәа ирҳәаз ыҟамкәа инхар алшон. Насгьы, аибашьцәа аофициалтә журналист ианиацәажәоз еиԥш акәмызт сара ишсацәажәоз. Акамера иацәшәоз ыҟан, иҭырхуа зегь ҭахоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Убри аҟынтәи, агәра дсыргон, абри ҭоурыхуп, хроникоуп, шәацәымшәан, аӡәгьы исырбаӡом ҳәа. Убас иагьыҟасҵеит. Ажурналистикахь сагеит сҳәар ауеит аибашьра ашьҭахь. Иҭысхыз 150 сааҭ сахәаԥшны иалысхит 50, убри ауп иҟасҵаз афильмқәа ирылалаз. Убри инхаз есымша хьаас исымоуп, ицәыргамкәа иахьаанхаз, избанзар, убра акадр аҿы иҭахаз дыҟазар ауеит, дфырхаҵазар ауеит, дзызцәырымгаз ауаа ыҟазар ауеит, убри аҟынтә, даара исҭахуп, аамҭа соуазар, иркьаҿ-кьаҿны иҟасҵарц. Алитературахь аибашьра ашьҭахь сзыхнымҳәӡеит. Сдиссертациа аиҳарак Б. Шьынқәбеи А. Гогәуеи рырҿиара ихадараны иалсуан. Исҭахуп ҳәарада иацысҵаргьы, аха исымоума аамҭа? Уи Анцәа иоуп издыруа.
© Foto / Марина БарцыцТали Джапуа (слева) и Марина Барцыц
Тали Джапуа (слева) и Марина Барцыц - Sputnik Аҧсны
1/5
Тали Джапуа (слева) и Марина Барцыц
© Foto / Марина БарцыцЮля Багателия, Шазина Джапуа, Марина Барцыц, Ламара Чамагуа, Зинаида Кове и Тали Джапуа, 1992-93 годы
Юля Багателия, Шазина Джапуа, Марина Барцыц, Ламара Чамагуа, Зинаида Кове и Тали Джапуа, 1992-93 годы - Sputnik Аҧсны
2/5
Юля Багателия, Шазина Джапуа, Марина Барцыц, Ламара Чамагуа, Зинаида Кове и Тали Джапуа, 1992-93 годы
© Foto / Марина БарцицТали Джапуа
Тали Джапуа - Sputnik Аҧсны
3/5
Тали Джапуа
© Foto / Марина БарцицТали Джапуа
Тали Джапуа - Sputnik Аҧсны
4/5
Тали Джапуа
© Foto / из архива Марины БарцыцДаур Барцыци Тали Джопуа
Даур Барцыци Тали Джопуа - Sputnik Аҧсны
5/5
Даур Барцыци Тали Джопуа
1/5
Тали Джапуа (слева) и Марина Барцыц
2/5
Юля Багателия, Шазина Джапуа, Марина Барцыц, Ламара Чамагуа, Зинаида Кове и Тали Джапуа, 1992-93 годы
3/5
Тали Джапуа
4/5
Тали Джапуа
5/5
Даур Барцыци Тали Джопуа
Ҭали Џьапуаԥҳа иахьа аус луеит Аԥсуаҭҵааратә институт ахыҵхырҭа аҟәшаҿы. Лдокументалтә фильмқәа инарываргыланы, лҽазылкит аҵарауаҩ Пиотр Кәыҵниа зыҭҵаара далагахьаз атемақәа иреиуоу "Ажьрацәарақәа, аиуарақәа, ахылҵшьҭрақәа" захьӡу аусумҭа.
— Ҳара Џьапуаа ҳажьрацәара ҭысҵааит. Ҩышықәса саҿын убри. Аҳәсагьы ахацәагьы аҵанакуиет уи. Еиҳарак абшьҭрақәа анҭырҵаауа, ахацәа ртәы мацароуп изхәаԥшуа. Сабду иабду Титу ихьӡын. Титу иаб Матыт ихьӡын, Матыт иаб Тыт ихьӡын. Саб иабду иашьцәа хҩык ыҟан, еҳәшьак диман. Рышьҭрақәа санрыхәаԥшуаз, иԥҳа дахьагаз гәасҭарамзи? Уи санлышьклаԥш, Шьынқәы Баграт ианду лоуп. Ажәакала, слалагнагалан аҳәса рцәаҳәақәа зегь ҭысҵааит. Даараӡа аинтерес аҵоуп урҭ амахәҭақәа рыҭҵаара. Иудаҩуп, акыр садхалеит. Саб иԥсы анҭаз нахыс аҭҵаара салагахьан. Исызцәыргар, акыр зҵазкуа усумҭахоит ҳәа сгәы иаангоит.
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/5
Ҭали Џьапуаԥҳа
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/5
Ҭали Џьапуаԥҳа
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/5
Ҭали Џьапуаԥҳа
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
4/5
Ҭали Џьапуаԥҳа
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
5/5
Ҭали Џьапуаԥҳа
1/5
Ҭали Џьапуаԥҳа
2/5
Ҭали Џьапуаԥҳа
3/5
Ҭали Џьапуаԥҳа
4/5
Ҭали Џьапуаԥҳа
5/5
Ҭали Џьапуаԥҳа
Хымԥада сазымҵаар ауамызт, аҭҵаара знапы алакыз аҭыԥҳа аибашьра адәаҿы дышнанагаз, авидеокамера лнапаҿы ишаалгаз атәы.
— Аибашьра сызгаз атәы сҳәозар, усҟангьы уажәеиԥш ақырҭқәа ҳҭоурых еицаркуан, аԥсуа ҳәа амилаҭ шыҟам уҳәа иаҳхьырҳәоз рацәан, уи хымԥада анырра снаҭон, сазхәыцуан ишыхьчатәу ҳоурыхи ҳаԥсадгьыли. Аԥсуа гвардиа аныҟала, сашьа Тариел иусура кажьны убрахь дцеит. Гиви Агрба иакәын еиҳабыс ирымаз. Тариел убас иасҳәеит - аӡӷабцәа шәҭахӡами ҳанышәҵа ҳәа. Аха, иара иҭахымзар акәхарын уахь сцарц, уа макьана шәаҭахӡам ҳәа рҳәеит иҳәеит. Аибашьра иалагоит ҳәа агәра згаӡомызт сара, сашьа аибашьра ҟалоит иҳәон. Шеварнаӡе убри аҩыза шԥаҟаиҵо, адунеиаҿ еицырдыруа ауаҩы жәларык шԥеишьуеи сҳәон. Аибашьра ианалага ҳаилагеит зегьы, ҳабацо, аҷкәынцәа ҳабарыхәари ҳамҳәеи. Ҳаикәагьежьуан аҽны, Аԥсуа ҭҵааратә институт усҟан агаҿаҿы иҟамзи, апрезидент иханахь иԥшуан сԥенџьыр, иҟои ҳәа санҵаа Владимир Дарсалиеи Емма Кьылԥҳаи аибашьра иалагеит ҳәа рҳәеит рҳәеит. Иҟаҳҵо ҳзымдыруа "Аидгылара" ахыбрахь ҳаибарыҩны ҳааит. Ҳаилагьежьуа ҳшыҟаз иаҳцәыхәлеит. Аҩны ҳаннеи сҳәшьа Шьазина дааит ахәылбыҽха "Ацҳа ҟаԥшь" аҿы сыҟан ҳәа. Лара дмедиаҳәшьан, уахь днеизаап аӡӷабцәа аҭахуп анырҳәа. Ҳаргьы иаҳдырит уажәшьҭа ҳахьцо. Еицыз зегьы адырҩаҽны уахь ҳцеит. Нас, ихьаҵуа ианалага ҳахьцо ҳзымдыруа ҳаақәхеит, ус ҳашнеиуаз ҷкәынцәақәак ҳрықәшәеит - шәабацо ҳкажьны иҳәеит руаӡәы. Иахьагьы исыздырӡом дазусҭоу. Ҳара ҳахьцо шәҳацмаало иҳәеит. Агвардиа иалаз аҷкәынцәа руаӡәк иакәхарын. Ҳгьежьны апрезидент иусурҭа аҭыԥ ахьыҟо ҳнеит. Уа ацәаҳәа иқәдыргылеит зегьы. Ҳрыцны Гәымсҭа азааигәара Аҩныҵҟатәи аполк ҳәа иахьашьҭаз ҳнеит. Нас, ҳаихшаны Владимир Начач дахьгылаз хыхь ацҳа аханы ҳхаргалеит. Убрантәи иалагеит Надежда Ашәԥҳаи сареи ҳамҩа. Усҟан иҳацын Цира Габниаԥҳа, Нана Лакашьиаԥҳа, Ирина Агрԥҳа, Емма Кьылԥҳа. Нас, ҳаихнагеит, ҳара уа ҳаанхеит, егьырҭ Гәдоуҭаҟа ицеит. Иахьеи уахеи убра иҟаз аҷкәынцәа ҳрыцын.
© Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәҬали Џьапуаԥҳа
Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
1/3
Ҭали Џьапуаԥҳа
© Foto / предоставила Тали Джапуа

Ҭали Џьапуаԥҳа

Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
2/3

Ҭали Џьапуаԥҳа

© Foto / предоставила Тали Джапуа

Ҭали Џьапуаԥҳа

Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
3/3

Ҭали Џьапуаԥҳа

1/3
Ҭали Џьапуаԥҳа
2/3

Ҭали Џьапуаԥҳа

3/3

Ҭали Џьапуаԥҳа

Ианвартәи иқәҿиарамхаз ажәылара ашьҭахь Ҭали лыҽкынҵа аҭыхга дашьҭалеит. Адиктофон, ма афотоҭыхга акәын аԥхьа дзызхәыцуаз, авидеокамера соуеит ҳәа лхахьгьы иааиуамызт.
— Иахьеи уахеи узцу ауаа рцәажәашьа, рхымҩаԥгашьа, ирҳәо ируа, убри зегьы ҭоурыхми. Абри аҭҵаара аус схаҿы иҟамзи, убри иадысҳәалазар акәхап акамера азҵаара. Аибашьра нҵәоит, абарҭ зегьы рҭоурых ыҟаӡамкәа имҩасыр ишԥаҟало схәыцт. Гәдоуҭа снеицыԥхьаӡа афотоҭыхга, ма адиктофон сзышәыԥшаа ҳәа расҳәон. Алаф бзиа рҳәон аибашьцәа. Ауаҩы аԥсра абла данҭаԥшуа даҽакала дцәажәоит, даҽакала дхәыцуеит. Дара реизыҟазаашьа акалашәа иҟоуп. Убри шысҳәоз аамҭа цон. Ианвартәи ажәылара ашьҭахь сашьеиҳаб Алик – ибҭахызар акамера бзаасхәоит иҳәеит. Алашә ииҭахыу ҩ-блакы рымҳәои. Ишԥсаҭахым сҳәеит иаразнакы. Аԥара бзеизызгоит, бара акамера ԥшаа иҳәеит. Усҟантәи аԥара ала миллионк иаԥсан, иԥара дуун. Исзеизигеит аԥара сашьа. Даур Логәуа (Логос) Москва дыҟан усҟан, аҭел сизасын инапы ианысҵеит. Марина Барцыцԥҳаи сареи илықәыршәны Москва ҳцеит. Адәқьан аҿы акамера ахьааҳхәозгьы акадрқәа сымоуп, аус шауаз гәаҳҭон. Изҭиуаз иҭихуан, иаҳирбон аус шауаз. Даургьы исирбеит аус шасыруша. Ианҭыбхуа бжь-секундк ибкызар ауп акадр иҳәеит. Раԥхьатәи акадрқәа зегь акоуп иԥаҟьԥаҟьуан. Марттәи ажәылара аламҭалаз амза 13 рзы Пицунда ҳааит ҳкамера ҳаманы. Убра иалагеит сҭыхратә мҩа. Нас, акамера скын аибашьра нҵәаанӡа. Ашьыжь индәықәлоз, ахәлара ааиаанӡа сҭыхуан. Аҭыхшьа анысҵа зегь ҭысхларц сҭаххеит. 1-тәи абриагада, 1-тәи абаталион хьӡи-ԥшеи зманы аибашьра иалсыз убарҭ ирацәаны иҭысхит, раԥхьа Рафик Цкәуа командирс дрыман, нас Фазылбеи Ҭарба (Қамс) . Абжаҩык рыцәҭаханы аибашьра иалҵит, даара рымҩа аҭҵаара иаԥсоуп дара. Иара убас, актәи аԥшыхәратә рота раԥхьа Амиран Берзениа командирс дызмаз, нас, Рома Аҩӡба деиҳабын.
© Foto / Марина БарцыцИюльское наступление. 03.07.2993 г. Тали Джопуа. Перед переправой через р. Гумиста. ОВНА
Июльское наступление. 03.07.2993 г. Тали Джопуа. Перед переправой через р. Гумиста. ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2026
Июльское наступление. 03.07.2993 г. Тали Джопуа. Перед переправой через р. Гумиста. ОВНА
Аԥсраҿы аԥҳәыс ддырцәажәаӡом, аха афырхаҵараҿы ахацәа дрыҵахомызт аҭоурых ҳагәылаԥшуазар. Санҵамҭа зызку илеиԥшу, агәаӷьра ду змоу аԥҳәыс лзын дхаҵамԥҳәысуп рҳәон. Аибашьраҿы ишԥааԥши аԥҳәыс лҟазшьа...
— Аԥсраҿы ҳахьыдмырцәажәо сгәаанагарала, иазхәыцзар, уигьы аргумент амоуп. Еиҳа лгәы ԥшқоуп акәзар? Иазхәыцтәуп, иҭҵаатәуп. Сҩашьозар сыздыруам, аха аԥсуа ԥҳәыс лҭыԥ есымша акрызҵазкуаз акәын аԥсуа иԥсҭазаараҿы. Баша ирҳәома афырхаҵа дзааӡо аԥҳәыс лоуп ҳәа? Дхаҵамԥҳәысуп рҳәоит. Ахшара рааӡара хадароуп аԥҳәыс лзы, аха ҳаибашьраҿгьы иааԥшит егьырҭ лҟазшьақәагьы. Ахаҵа илымшоз зылшоз аҳәсақәа ыҟоуп - атыл ҳәа изышьҭоу аҿы, аинформациатә еибашьраҿгьы, иара убас аибашьра адәаҿы. Ҳара ҳаибашьраҿы аԥҳәыс лҭыԥ даара иӷәӷәаны иаанылкылеит. Ахацәа роуп изҳәо уи. Зны-зынла аԥҳәыс дахьҳавагылаз аҟынтә, ҳанҽҳарӷәӷәоз ыҟан зҳәоз ыҟоуп. Ҳара ахацәа рышьҭахь ҳгылан, дара ҳаԥхьа игыланы ицон есымша. Хаҭала схы сгозар, дара иҟарҵоз сара ҟаҵашьа сымаӡамызт. Аха, аԥҳәыс ҵәатәышьаҟаны дыҟан аибашьра аамҭазы ҳҳәар ауеит. Аҳәса рыҷкәынцәа еибашьра ирмышьҭуа иалагазҭгьы гәыс ироуааз? Марттәи ажәылара анхыбгала атрагедиа дуӡӡа ҳаман, убри ашьҭахь аҳәса ҭысхуан. Абыржәы санахәаԥшуа еилыскаауеит убри аҩыза амыхьтә аныҟаз аамҭазы аҭагылазаашьа хьазырҳәыз аҳәса шракәу. Шьушьана Хьециаԥҳа раԥхьа дҭызхыз сара соуп. Убри Руслан Ҳашыг исҭеит шәхы иашәырхәа ҳәа. Уи аԥҳәыс дҩықәгылан ҳадгьыл аҿы ишьҭоуп ҳаҷкәынцәа лҳәеит ақырҭқәа иҭахаз рыԥсыбаҩқәа анҳарымҭоз.
© Sputnik / Томас ТхайцукТали Джопуа
Тали Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2026
Тали Джопуа
Ҭали Џьапуаԥҳа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ныҟәылгон – адепутатра, анаҩс, Аԥсуа бызшәа аҿиара афон, Аҵара аминистр, атәыла ахада иабжьгаҩ, Аԥсуа телехәаԥшра ахада уҳәа лнапы злакыз рацәан. Аха, лдепутатра налыгӡазар, егьырҭ аусурақәа рҿы рацәак дынхомызт. Хшыҩзышьҭра сзаман уи азҵаара. Избан дзамаабуаз асистема?
— Убри саргьы сазхәыцуеит. Сара сзыҳәан дунеихаан ихадараӡамызт амаҵура. Счынуаҩӡамызт сҟазшьала. Аханатә издыруан бзиа иубо азанааҭ анумо, иуҭахыу аус уанаҿу иаанаго. Ачынуаҩ дҿаҳәоуп ганкахьала. Иуҭахы, иуҭахым иҟоуп аҳәаақәа, убри уҭагылоуп, убри ала уцароуп. Сара еснагь исцәыуадаҩын ачынуаҩра. Аха, исыхьуаз басҳәоит, абри аибашьра ҳаналга афильмқәа рыҟаҵара салагеит, нас депутатра бцароуп ҳәа иаасыдгылеит убысҟан. Адепутара сус иалоузеи, изакәызгьы сыздырамызт. Ада ԥсыхәа ыҟаӡам рҳәеит. Избанзар, иахьа абри аҳәынҭқарра хьаас измоу изымҭиуа ауаа наҳамгар, иаҳцәыӡуеит рҳәеит. Аибашьра иалҵыз Владислав Арӡынба ивагылаз роуп исазҳәаз. Адепутат дазыҟаҵазароуп, дуаҩ бзиазар днеироуп ҳәа иахьа ирҳәо сара иџьасшьоит. Аха, усҟантәи ҳҭагылазаашьа даҽакала иҟан. Иҟаз хыбгаланаы аҿыц аныҟалоз аамҭан. Иуадаҩын аҭагылазаашьа, ирҭахыз акадрқәа рымамызт. Ажәакала, исымуазшәа анырба Баҭал Кобахьиеи Арда Инал-иԥеи сыжәырҵеит. Мышкы хәлаанӡа агәра сдыргон сақәшаҳаҭхар шакәу. Амала ирасҳәеит, ауаа срылаланы сара сшыбзиоу, ишәзыҟасҵо ҳәа сшымнеиуа атәы. Иеивагыло рахьынтәи абжьы сырҭар сцоит ҳәа расҳәеит. Зны заҵәык Ареспубликатә библиотекаҿы бмааир ҟалом рҳәан снеит аиԥыларахь. Изхысҳәааз Апарламент аҿы аҵыхәтәанынӡа стәан. Убраҟагьы ухы ззукуа ак умԥшаауеи? Убасҟан еиқәҳаршәеит абызшәазы азакәан. Уажәы аинтернет уҭаланы ақәырԥшыгақәа шуԥшаауа еиԥш иҟамызт, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ирымаз ԥшааны, ҳазхәыцны иҟаҳҵеит. Аха, ирҭахӡамызт уи адкылара, ҳазыҟаҵаӡам рҳәеит. Ажәар ыҟам, арҵага ыҟам, акурсқәа ыҟам рҳәон. Егьырҭ амилаҭқәа ҳҿадыргылеит. Нас, убри ашьҭахь афонд зыҟаҳҵаз убарҭ аргументқәа ыҟамзарц азоуп. Сара исҭахны усура ҳәа сахьнеиз убри афонд аҿоуп. Нас, убра ҳалагеит ахәыҷтәы литература аҭыжьра, акурсқәа еиҿаҳкааит, ажәарқәа ҭҳажьит. Усҟан сдепутатын азы афонд аҿы жәымзы улафахәыда аус зуан, избанзар еидызбалар ҟалаӡомызт. Усҟан Иури Аргәын, Ҭемыр Ачыгәба, сара гәыԥкны ҳҽыҟаҵаны азакәан аус адаҳулон. Сара схахьы изгеит ацәыблагә. Егьырҭ есымша исывагылан, аха усҟан иҳарымҭеит уи адкылара. 4-тәи ааԥхьара аҟноуп иахьрыдыркылаз. Афонд ашьҭахь министрра бымцар ԥсыхәа амам рҳәеит. Афонд аҿы бзиа ибаны саҿын аусура алҵшәагьы аман. Бымцар ада ԥсыхәа ыҟам анырҳәа сақәшаҳаҭхеит. Уа сахьениз – абри апарламент аҿы саныҟазгьы акомиссиа ҟаҵаны аԥсуа школ аҭагылазаашьа ҭаҳҵаауан. Аԥсуа хәыҷқәа аԥсуа школқәа ирывганы егьырҭ ашколқәа рахь иргон. Абарҭ амзызқәа ҳрызхәыцын аԥсуа школ ҟаҵатәуп ҳәа азаҳаӡбеит усҟан. Министрс бымцар ҟалом анырҳәа, ма абри алызгап ҳәа сазхәыцит. Раԥхьатәи дҵас иҟасҵаз, аԥсышәала аусмҩаԥгара еиҿыскааит, иҳаҩуаз ашәҟәқәа аҵара аминистрраҿы аԥсышәала иҟаҳҵон. Еиҿыскааит аԥсуа школ аԥҵаразы арҵага шәҟәқәа реиқәыршәара аҟәша. Иҳадаҳкылеит аиҭагареи аԥҵареи зылшоз ауаа Пиотр Кәыҵниа, Нана Лакашьиаԥҳа реиԥш иҟаз ирацәаҩны. Иҟаӡам сыҟанаҵы сызҭамааз школк. Аха, нас иманшәаламыз аамҭа ҳақәшәеит. 2004 шықәсазтәы алхрақәа рышықәс акәын, аӷыӷеибагара ашықәс ҳааҭагылеит. Алхрақәа ирыхҟьаны еиԥҟьеит ҳусура.
Ҭали Џьапуаԥҳа ишылҳәо ала, лара зусԥҟала министрс дҟаҵаз Владислав Арӡынба иахь арзаҳал лҩын лхатәгәаԥхарала лусура аанлыжьит. Асистема дзамаабуа азы абас лҳәоит:
— Иаахҵәаны ибҳәозар, сара истәӡам ачынуаҩра. Ахақәиҭра сҭахуп. Сара иҟасҵо еиҳа еиҳаушәа збоит, амчра агәарабжьараҿы зегь акоуп уара иуҭахыу узыҟаҵаӡом. Исзыҟаҵозтгьы, шаҟа шықәса саҿыз аԥсуа школ аиҿкаара? Иара абри аминистрраҿ еиҿыскааз аҟәша сышьҭахь инеиз иадыркит иаҭахӡам ҳәа. Сара агәраганы сыҟоуп аԥсуа бызшәа еиқәҳархарц азыҳәан аԥсуа школ еиҿаҳамкаар ақәҿиара шаҳмоуа. Иҟазароуп ахәыҷбаҳча, ашкол, ауниверситет еимаданы аԥсышәала аҵара ахьырҵо. Уи иаанагаӡом аԥсшәа мацара шәҵа ҳәа. Ҳапрограмма иҟаҳҵаз аҿы иҟан аурысшәа, англыз бызшәақәа. Иахьатәи адунеи аҿы ауаҩы ихы ааирԥшырц азыҳәан урҭ абызшәақәа зегь иҭахуп. Аха, аԥсшәа ззымдыруа ауаҩы, инагӡаны аԥсуара закәу изеилкааӡом. 2016 шықәсазы Акомиссиа ыҟан апрограмма иадгылеит. Ҳалагеит усҟан аус адулара. Ҿыц апрограммақәа рыҟаҵара ҳалагеит. Хышықәса Рауль Ҳаџьымба ихаан аус ҳуит. Зегь шьҭоуп аҭыжьреи аредакторцәеи аҭахуп акәымзар. Аха, аамҭа рацәаны ианыбжьалалакгьы нас иԥсахтәуп уи зегьы. Уажәшьҭа ашкол наӡа ҟалахьазар акәын. Уантәи сара санықәҵ, иаангылеит уи аус. Аминистр ҿыц даннеи иасҳәеит иацышәҵа ҳәа. Уа ишьҭоуп иахьа уажәраанӡа. Аџьабаа адаҳбалеит, сгәы иалоуп убри аус ахьамуз. Абыржәы Леуан Миқааи Леуан Лагәлааи аԥсуа школ аӡбахә рҳәоит. Ҳара иҳаиԥшу апроблема змоу иҳарҳәоит амаҭәарқәа еиҭаганы шәбызшәала иҟашәымҵакәа ԥсыхәа шәымаӡам ҳәа. Аԥышәаратә школ заҵәык ҟаҳҵароуп, уи иаанагаӡом ашколқәа зегьы ус иҟаҳҵоит ҳәа. Алҵшәа шаиуа гәаҳҭап, ахәыҷқәа рыҩаӡара гәаҳҭап. Нас, иаднакылар еигьырахь иалаҳарҵәап. Уара иазыҟауҵаанаӡа акадрқәа ааины уаԥхьа итәаӡом. Ҳҳәынҭқарра иалшом ҳәа атәара иашаӡам. Аӷба иаҟароу амашьына дуӡӡақәа амаҵуразы иаахәаны ианҳаргыло, школк аума иаҳзеиҿымкаауа? Убри шаҭаху ҳхы иахьазымыӡбо ауп изыхҟьо иахьа аԥсуа школ ахьҳамам. Амал сымазҭгьы схала иҟасҵон убри аԥсуа школ ҳәа сызҿу, аха уи аҩыза алшара сымам.
Ҳаицәажәара хыркәшо, Ҭали Шьаликәа-иԥҳа лықәраныҳәа дшаԥыло азы абас лҳәеит:
— Аныҳәа азгәасҭаӡом. Аинститут аҿы исыдыргалеит азгәаҭара, аха мап ацәыскит. Зныкгьы аиубилеитә хәылԥазы ҟасымҵац. Уажәы аус ахьызуа ахыҵхырҭа аҟәшаҿы ҳааизаны каҳуак ҳжәуеит, шамапанҩык аашьҭыхны ҳаибаныҳәаны ҳааиԥырҵуеит. Зегь раасҭа саргәырӷьоит абриаҟара ашьарҩаш зыхҭынҵо, сҩызцәа, сықәлацәа ршьа зыхьшу, снапала исааӡаз саҳәшьаԥа ишьа зызхьшу ҳҳәынҭқарра иазеиӷьу ҟалоит ҳәа агәыӷра ансымо. Ҳәарада, среигәырӷьоит иҳаҵагыло аҿар. Ҳҭаацәараҿы иҳаҵагыло среигәырӷьоит. Зегь акы иаҿуп. Иаабац аԥсуа ҭаацәарақәа зегь реиԥш, ҳара ҳҭаацәараҿгьы убас иҟоуп. Сзыниарызеи умҳәароуп. Ҳара аиакәымқәа ҳрықәшәахьеит. Аԥсҭазаара ус иҟоуп — аӡә диуеит, аӡә дыԥсуеит, аӡә дгылоит. Аԥсҭазаара мардуануп, аӡә дхалоит, аӡә дылбаауеит. Ауаа зегь шыҟоу ҳаҟагәышьоуп. Ауаа зегь ҳагьреиӷьым, ҳагьреицәам ҳәа сгәыӷуеит. Сзеигәырӷьо маҷума, ҳхәыҷқәа рынасыԥқәа среигәырӷьоит. Дарбанызаалак аӡә қәҿиарак имазар сеигәырӷьоит. Иҵегьы аҽеиҿкаара ҳҭахуп. Аҿар ирыдгылатәуп, амҩа иқәҵатәуп. Ихадароу иазхьарԥшлатәуп.

R. S : Ҭали Џьапуаҧҳа дҭаацәароуп. Лыҧшәма Аҧсны афырхаҵа Аслан Кобахьиеи лареи Аҟәа инхоит. Аҭаацәа еиқәшәа ззырҳәо иреиуоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0