Арадио

Ҳашԥҳа "Динамо" ааӡамҭацәа рзы: ахәыҷқәа есҽны аиааира ргалар, ибжьнахуеит

Шәача ихыркәшоуп ахәыҷтәы шьапылампылтә еиндаҭлара ХОПС КАП. Уи иалахәын Аҟәатәи "Динамо" ааӡамҭацәа. Ахәыҷқәа шықәгылаз, рхы шаадырԥшыз атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Аҟәатәи "Динамо" ахәыҷқәа рҭаацәаратә хеилак ахантәаҩы Гәыранда Ҳашԥҳа.
Sputnik
Ҳашԥҳа "Динамо" ааӡамҭацәа рзы: ахәыҷқәа есҽны аиааира ргалар, ибжьнахуеит

"Ааԥынтәи ахәмаррақәа мҩаԥысуан хәажәкыра 23 инаркны 30 рҟынӡа. Ҳкоманда шьақәгылан ҩ-гәыԥк рыла: 2008 шықәса рзы ииз ахәыҷқәеи 2009 шықәса рзы иизи. Агәыԥ аҟнытә иҳалшеит актәи аҭыԥ аанкыланы алҵра, аха нас хәыҷык ицәгьахеит ахәмарра, акомандақәа даара иӷәӷәан. 26 команда ахьыҟоу ахәбатәи, аԥшьбатәи аҭыԥқәа раанкылара - уи лҵшәа бзиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ахәыҷқәа есыҽны аиааира анырго, ибжьнахуеит, уажәтәи аҭыԥ иааныркылаз иднарбоит иҵегьы иеиӷьны аҽазыҟаҵара шаҭаху", - азгәалҭеит Ҳашԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.