Аҧсҭазаара ганрацəала еиларсуп. Иҟоуп ауаҩытəыҩса ихьааиго, дзеигəырҕьо, дызхьымӡаз, зынагӡара игəы иҭоу аусқəа. Убас еиҧш, 2019-тəи ашықəс аихшьаала алҵшəа ҟаҵо, исҳəарц сылшоит сызхьымӡаз шырацəоугьы, сгəы ҭызгаз, хьаангьы исыцрасыз ахҭысқəа шмаҷым.
Сара аҧсҭазаараҿы исымоуп ҧҟара хадак-ашьыжь аҩны сандəылҵуа сгəалаҟазаара еиҟарамзаргьы, уи ашəхымс ихсыжьӡом, избанзар амш иалагӡаны исҧыло ауаа сеихаччо аҧсшəа расҳəарц сҭахуп, сусура аганахь ала акəзаргьы убас, исҭахуп санҵамҭа ззыскуа ауаа ргəырҕьареи рхьааи рыцеиҩысшарц, уи сара суалҧшьа хадақəа ируакны исыҧхьаӡоит, изласылшо ала.
Уажəшьҭа 20 шықəса инарзынаҧшуеит арҿиара снапы алакуижьҭеи, убас еиҧш сырҿиара хəыҷы жанрла еиуеиҧшым. Аҧсуа телехəаҧшреи арадиои инарҷыданы, хəышықəса рыҩныҵҟа схы ҧысшəеит ҳəа сыҧхьаӡоит аинформациатə маҵзура Sputnik аҟны. Избанзар, сара ҷыдала аус адызулозтгьы ҳдиаспора ирызку атематика, араҟа сылаҧш ҳəаа еиҳа аҽарҭбааит, рыҽдырҭбааит иара убас снапы иҵсыжьуа еиуеиҧшым атемақəа рыла еиларсу аматериалқəа. Аханатə, сара Sputnik аусура садзыҧхьалаз иреиуоуп Инал Лазбеи Алина Жьиҧҳаи, аханатə санҵамҭақəагьы зызкыз аҳəаанырцə инхо, иара убас зҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь ихынҳəыз ҳџьынџьуаа ракəын. Аха, уаҟа еиқəымҳəалахеит, арҿиара ишаҧу еиҧш, уи шаҟа амҽак аҽарҭбаауа аҟара, убриаҟа ахара инаӡоит улаҧш ҳəаагьы.
Ҷыдала, 2019 -тəи ашықəс иалагӡаны Sputnik Аԥсны адаҟьақəа рҟны, аҧсуа редакциаа аҟəшаҟны аҧсышəала зырхиара сылшаз анҵамҭақəа акыр агəахəара снаҭеит, избанзар анҵамҭа алахəцəа убриаҟара аҧхарра рхылҵуан, убриаҟара иџьашьахəын дара рдунеи. Урҭ рахьтə иҟан еиуеиҧшым азанааҭқəа знапы рылакыз, зҟазара аҧсы ахазҵоз ауаа, иҟоуп иара убас ахьаагара ҕəҕəа снырыртə сҟазҵаз аматериалқəагьы, урҭ еиҳарак Аҧсны Аџьыџьтəылатə еибашьра иадҳəалаз ахҭысқəеи агəалашəарақəеи ракəын.
Ашықəс иалагӡаны снапы иҵсыжьыз анҵамҭақəа рахьтə, схəыцраҿы аҭыҧ ылызхыз агəалаашəарақəа маҷым. Хаҿсахьацыҧхьаӡа асаркьеиҧш иагəылыҧхаауеит иара ахатə ҭоурых, ахатə лахьынҵа, иахьатəи амш, уаҵəтəи агəыҕра.
Сара сзы шаҟа инасыҧузеи, Ҭырқəтəылантəи, Шьамтəылантəи зыҧсадгьыл ахь нхара ҳəа иааз аҧсуаа ирызкны ҳажəлар агəахəара рызҭоз анҵамҭақəа рыҟаҵара. Убарҭ дыруаӡəкуп зхəыҷрашықəсқəа сылаҧхьа имҩасыз, иахьа Аҧсны иахьӡырҳəаганы иазгылаз амузыкант, Москва зҵара ду иацызҵо Барас Кəыџба. Ҭырқəтəылантəи Аҧсныҟа ихынҳəыз иашьеи иаҳəшьеи, иахьа Аҧснытəи аҳəынҭқарратə университет аҿы аҵара зҵо ҲанданиКадыри Тəанаа. Шаҟа игəазырҳагоузеи аамҭаказы амшыннырцə сзыҿцəажəахьаз, иахьа зыҧсадгьыл аҿы инхо аҧсуа ҭаацəарақəа аратəи рыҧсҭазаара, рынхашьа-рынҵышьа иазкны аматериалқəа разырхиара ахьысқəашьхаз. Иара убас, шаҟа агəахəара снаҭазеи Ҭырқəтəылантəи Аҧсны зыҧсшьарамшқəа зхызгоз аҿар ргəырҕьара лабҿаба иахьызбаз, уи ахҭыс аҧхьаҩцəа рҟынӡа иназгартə аҭагылазаашьа ахьсоуз. Шьамтəылантəи зыҧсадгьыл ахь ихынҳəыз рхатəы бызшəа аҵара иазгəышьуа иахьысҧылаз. Урҭ рахьтə иҟоуп араҟа абжьаратə школқəа ирылганы ААУ иҭалаз аҿар, иара убас аҳəынҭқрратə усбарҭақəа рҿы аус зуа. Иаҳҳəозар, Анзор Арҩыҭаа, Меџьиҭ Гогəуа, Џьолан Маршьан, ус еиҧш ирацəаҩуп зыӡбахə ҳəатəу.
Инасыҧуп, иагьхьаауп иара убас, аибашьцə афырхацəа рҭаацəарақəа, рҩызцəа рыҿцəажəарақəа, рыхшара ргəалашəарақəа рӡыргара, уи ажурналист иҭакҧхықəра иднаҵо акоуп, аха азнеишьеи агəаҕьреи хазуп.
2019 шықəса рзы Ҭырқəтəыла инхо ҳашьцəа рҭаара акыр агəахəара снаҭеит. Сыблақəа ихгылоуп Сҭампыл ҧсуаа ркультуратə хеидкылаҿы сара сзықəшəаз, аҧсуа бызшəа аҵара акурсқəа ирхысуаз ахəыҷкəа рыблақəа, шаҟа иазгəышьуазеи, шаҟа ирҭахузеи гəыла-ҧсыла рхатəы бызшəала ацəажəара.
Иара убас иџьашьатəуп, қəрала 70 шықəса инарҭысхьоу аҧсуаа ҳкультура аӡыргара иахьашьҭоу, аҧсуа кəашарақəа, аҧсуа шəақəа, аҧсуа бызшəа аҵара ашҟа иныҟəоу рхыҧхьаӡара ахьырацəоу. Ирацəаҩуп ажəытə аҧсуаа иныҟəыргоз анапҟазара иазҿлымҳау, уи шьахəла иҟазҵо , изцааиуа ҳашьцəа. Убарҭ дыруаӡəкуп аҧсуа маҭəахəқəа ҟазҵо Ҭырқəтəыла исықəшəаз Шьеннур Аҭрышҧҳа. Иара абраҟа иазгəасҭарц сҭахуп, Ҭырқəтəылантəи Аҧсныҟа амҩа санықəлоз ауха, Сҭампыл иҟоу , Ҳальуқ Саӡба иҧшəмаҧҳəыси иареи иаартны ирымоу акрыфарҭа "Сылашара" аҟны хыҧхьаӡара рацəала аҧсуаа сахьрықəшəаз, урҭ рахьтə сара издыруаз ауаа ахьызбаз.
Лымкаала иӡбахə сҳəарц сҭахуп, збара акырӡа сеигəырҕьаз, шықəсқəак раҧхьа Аҧсны сзыҿцəажəахьаз, аибашьра иалахəыз афырхаҵа Иауз Аҭрышба. Шаҟа аҧхарра аҵааз аҧсуааи сареи уаҟа сааҭқəак ҳаибабара, шаҟагьы ирацəаз агəыбылра зцыз Аҧсныҟа иаарышьҭуаз асаламқəа, шаҟагьы инасыҧыз сара урҭ ирхылҵуаз аҧхарра ҳаҧхьаҩцəа рҟынӡа анагара ахьсылсыршаз. Ус шаҟа хҭыс, шаҟа ҭоурых...
Ҳџьынџьуаа ирызку атема инаҷыданы, Sputnik абзоурала, ирацəаҩуп сзыҿцəажəаз аҭыҧантəи аҧсуаа. Урҭ рахьтə иҟоуп анхара-анҵыра знапы алаку, аҳəынҭқарра ганрацəала амаҵ азызуа ауаа. Агəахəара ду снаҭеит ҳашəҟəыҩҩцəа хатəрақəа ируаӡəку ҳпоет Мушьни Лашəриа изныкымкəа иҿцəажəара, ажəытə аамҭа дагəылсны аҿатə аамҭа арахəыцқəа реихаҧсашьа дахьазааҭгылоз, иџьашьатəу еиҭагақəа рдунеи сахьагəылаирҧшыз, ирҿиамҭақəа рҿы ихадароу аҭыҧ ҷыда аанызкыло Алеқсандр Пушкин иажəеинраалоу ироман "Евгени Онегин" аҧсшəахь аиҭагара шигəаҕьыз.
Иара убас, аҧсуара аҵас-ақьабз, ахымҩаҧгара, аиҳаби-аиҵби реихаҵгылара иазкны Ҭырқəтəылеи Аҧсни инхо аҧсуа быргцəа рыҿцəажəарақəа сыхшыҩ аҿы аҭыҧ ҷыда аанныркылеит. Убас еиҧш, исгəалашəоит 90 шықəса ирзааигəоу аҧсуа бырг хатəра, ҳџьынџьуаҩ Қадем Лазба иажəақəа: "Сыҷкəын, аҧсуараҿы аҧхашьара зегьы ирыцкуп. Ауаҩы даныҧхашьа, иаҧсуарагьы аҧсы ҭоуп", убас еиҧш имаҷым аҧсуара иадҳəаланы схы-сгəаҿы иаанхаз ахшыҩзышьҭрақəа: "Аҧсуара ахьыҟоу ауаҩраҿоуп, ауаҩра ахьыҟоу аҧсуараҿоуп",-шаҟа игəылҭəааузеи арҭ ажəақəа рыхшыҩҵак.
Сара сырҿиараҿы иреиҳау аҭыҧ ааннакылоит акрыздыруа, акрызбахьоу, зылаҧшҳəаа ахара инаӡоу абыргцəа хатəрақəа рыҿцəажəара, урҭ ражəа хьыршəыгəқəа аҭоурых азныжьра иуалны схы адҵара. Сыхшыҩзышьҭрақəа ақьаад анҵара сшаҿыз, саҧхьаа иаагылеит атанк, ааи иџьашəшьаргьы, Кындыҕ ақыҭан игылоу атанк. Шаҟаҩ ҳарҧарцəа рлахьынҵа адҳəалоузеи, иахьа аҭоурых иаҿахəҳəаганы игылоу уи атанк. Сыбла ихыҵраны иҟоума атанк ақəцə ихаланы ихəмаруаз аҷкəын хəыҷы ихаҿсахьа. Убри акəзаргьы ҟалап исзырҟаҵаз атанк аҭоурых аҭҵаара. Уи аӡбахə харҭəааны исзеиҭеиҳəеит Аҧсны Афырхаҵца Зорик Ҷҟəаниа. Хымҧада, агəаҳəара змоу шəаҧхьарц шəылшоит Sputnik адаҟьақəа рҟны.
Аибашьра атема, сҩымҭақəа цəаҳəа ҟаҧшьны иргəылсуа, иҧшьоу акакəны исзааиуеит. Шаҟантə схы сазааҭгылахьоузеи, исылшарыма аибашьцəа ирыхəҭоу ажəа аҳəара, урҭ рҭаацəеи рҩызцəеи рыҿцəажəара ҳəа. Аха, аҵыхəтəаны сгəы сҟажоит: "иахəҭоуп, иҟаҵатəуп"-ҳəа. Убас еиҧш, жьҭаарамзазы, Очамчыра ақалақь ахақəиҭтəразы ажəылара иалахəыз, итҟəаны ақырҭқəа ирымаз, хыҧсыра зхызгаз, аха Анцəа иџьшьаны зыҧсҭазаара еиқəхаз Џьон Зарандиеи, Гəрам Кəарҷиеи рыҿцəажəара ахааназы хашҭра сзақəымкəа иаанхоит. Убасҟан еиҭашьақəсырҕəҕəеит, ииашаҵəҟьаны, аҧсуа изҭоу агəаҕь акыр ишыҕəҕəоу, шьала-дала илоу афырхаҵара акыр амч шамоу.
Абраҟа дысгəаласмыршəар ауам, зыхьӡ хымҧада издыруаз, аизарақəа рҟны зцəажəарақəа акыр схызххьаз, ҳаибашьраҿы иҭахаз аҟабарда ҷкəын Аҧсны Афырхаҵа Заур Пежев иан Лера Пежева иааигəаны сахьлабадырыз. Ахааназы сгəы иҭынҵəом лажəақəа:"Шроматəи ажəыларахь ицоз аҟабарда ҷкəынцəа сҧагьы дрылан. Аӡиас ирсит иҭаланы мацара, ахьҭа ыҟан, ахгара уадаҩын. Ишьапы еихсны ирхəит ақырҭқəа, анаҩс иҳəынҷаны иргеит, сыҷкəын хəҭа-хəҭала деимҿыхны, дышьны дсырҭеит... Аҧсны сыҧсы аҿҳəароуп, избанзар сҧа иҧсы ақəиҵеит". Шаҟа игəаҕьыуацəоузеи зҧа дҭахаз ан лҟынтəи ас еиҧш иоу ажəақəа раҳара... Анацəа зегьы рҿаҧхьа схырхəоит, анацəа-афырҧхəызбацəа!
Убас еиҧш сахьашəкыла еиларсуп аҧсҭазаара аҧшшəахəқəа. Ҳҭоурых иаҳзыннажьуа ашьҭа ахыланы ацара ҧстазаарак иаҩсуеит. Ажəытəра иаҿахəҳəагоу ахҭысқəа маҷым, уи шаҳаҭра азызуа амаҭəахəқəагьы убрахь иналаҵаны. Џьгьарда ақыҭа инхо, 80 шықəса ирҭысхьоу Илиа Ашəба иҭаацəа, иахьа рыбла ҷыц еиҧш иахӡыӡаауа ирымоуп, Аџьынџьтəылатə еибашьра ду аҿы хабарда ибжьаӡыз иаб амҿлых иалхны иҟаиҵахьаз амаҭəахəқəа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп ҭаацəашəала есҽны изхатəоу аишəа. Џьгьардатəи абжьаратə школ арҵаҩы, Белла Ҵəыџьба-Аӡынба лакəзар, иаҳзаалыртит, дызланагалаз аҭаацəара иртəышьҭроу, Чаҵə Чагə иаҳəшьаҧҳа, Аӡынаа рҭаца, Макала Ашəҧҳа 200 шықəса инареиҳаны изхыҵуа лшəындыҟəра амаӡа. Арҭқəа зегьы аҧсуарахь ухьазырҧшуа, аамҭа иаҟəырҷахоу хьыршəыгəқəоуп.
Адгьыл иқəу, ажəҩан иалоу, ашьха икыду, аҟазара злоу, аҟармаҵыс абжьы зхоу, знапы ахьы аҧссо, асцена зырмацəысуа, аҵысмҩа абла ҭызхуа, ашəарыцара зыҧсы аҿҳəароу, аҵара лашвра амҩа иану, амшын аҟəара иқəыҧсоу аҧслымӡ ахыҧхьаӡара здыруа ҳауаажəлар ирыдысныҳəалоит Ашықəс Ҿыц. Агəыҕра сымоуп Ашықəс Ҿыц иаҳзаанагоу агəырҕьара шырацəахоу. Ҩнаҭацыҧхьаӡа аизҳара, аинҭəылара, аихьӡарақəа ҟалааит!
Агəыҕра сымоуп ҳаҧхьаҩцəеи, ҳзыӡырҩцəеи, ҳареи ажəабжь бзиақəа ҳшеимардо. Ари сынҵамҭа хəыҷы иҭагӡаны исцəыуадаҩуп шықəсык аҩныҵҟа сызнысыз сырҿиаратə мҩа аихшьаала азыҟаҵара. Сызхьымӡаз рацəоуп, сгəы иаанагоит урҭ рыхəҭак Ашықəс Ҿыц азы рхарҭəаара сылшап ҳəа. Шəыгəҭакқəа еснагь инаӡалааит, Ҽааныбзиала, ҽааныҧшӡала шəнеиааит!"