Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Кадыр Тәанба: Аԥсныҟа нхара ҳаара ҳҭаацәа азыразуп

© Фото : предоставлено Кадиром ТванбаКадир Тванба
Кадир Тванба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ганрацәала арҿиаратә баҩхатәра злоу, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дааны, араҟа аҵара зҵо, нхара ҳәа аангыларагьы згәы иҭоу арԥыс Кадыр Тәанба диҿцәажәеит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа

Ҭырқәтәыла, Дузџьа иаҵанакуа Есма-Ҳаным инхоз Кадыр Тәанба раԥхьаӡа акәны иҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны даҭааит 2015 шықәса рзы. Дузџьа еиҿкааз акәашаратә ансамбль "Аураашьа" иалан иаҳәшьеиҵбы Ҳандеи иареи. Ансамбль иалахәны зыԥсадгьыл ԥшӡа лабҿаба избаз, рыԥхыӡ хаа иалаз аҳауа иаҿыҳәаз иашьеи еҳәшьеи, Ҭырқәтәылаҟа ианыхынҳә адунеи иазкуамызт, ирыӡбеит наунагӡа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иаарц. Ишырҳәо еиԥш, инаӡеит рыгәҭакы.

Ерол Ԥлиа - Sputnik Аҧсны
Ерол Ԥлиа: Аԥснынтә иаауаз ҳашьцәа аԥсуа фҩы рхаҳкаауан

Кадыр Тәанба иӡбахә саҳаит курск аҿы аҵара ицызҵо иҩызаӡӷаб, сара сҭынха Камилла Сақаниаԥҳа лыла. Ҳшеицәажәоз иазгәалҭеит: "Сырма, Ҭырқәтәылантәи аԥсыуа ҷкәынак аҵара ҳациҵоит, ааигәа дааҳзааит. Даара даԥсыуа ҷкәыноуп, пату иқәаҳҵоит, иара изкны анҵамҭа ҟабҵарц бҭахӡами?" — ҳәа. Сыздыруа сыуацәа-сҭынхацәа ҳдиаспора ртема сшазҿлымҳау дырны, дара ирыдҳәалоу жәабжьк раҳар исаҩыргом. Камилла исалҳәаз иаразнак сыбжьы ақәсыргеит. Азҵаара рацәа лымҭакәа иҭел аномер сылҭарц слыҳәеит. Иҭел шеилыскааз еиԥш сизасит Кадыр, аха ирцәеит, аҭак симҭеит. Анаҩс, иаразнак исзиҩит: "Абызшәа сыздырӡом, ҳзеилибамкаар ҳәа сшәан, сацәыԥхашьан аҭел сырцәеит", — ҳәа. Саргьы изызҩит: "Егьа ус акзәаргьы ҳаибабарц сҭахуп, аҭырқәшәа аҟынтә аԥсшәахь еиҭазго ҭырџьманк дҳаԥшаап, ҳаицәажәап", — сҳәеит. Дақәшаҳаҭхеит.

Мышқәак ааҵуаны ҳаиқәшәеит Кадыр Тәанбеи сареи Аҟәа ақалақь аҿы. Дыԥхашьа-ԥхаҵо иахьеибаҳҳәаз аҭыԥ аҿы дҿаԥха-ҿаччо даасыдгылеит агәыразра зҿықәыҳәҳәа иҟаз аԥсуа ҷкәын. Иааигәаны ҳанеибадыр ашьҭахь, Барчан зыжәлаз ҳџьынџьуаҩ иахь аҳәара ҟасҵеит ҳаиҿцәажәара еиҭеигарц, ҭабуп ҳәагьы иасҳәарц сҭахуп уи азы. Аҽны амш бзиан, адәахьы ахьҭа шыҟазгьы, амра каххаа иԥхон, ҳарҭгьы иаҳҭаххеит аҳауа цқьа ыфо ҳаиҿцәажәара абаҳчаҿы ихацҳаркырц.

Семья Нусрета Ахба - Sputnik Аҧсны
Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

"Сара сахьиз аҩнаҭаҿы еснагь Аԥсны аӡбахә иалацәажәон. Сабду Қьемаллеҭин Ҭырқәтәылантәи 70-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсныҟа иаауаз агәыԥқәа дрылан. Сан д-Арӡынԥҳауп, уи лан Аҩӡԥҳауп. Саб иан Госԥҳауп", — абас иабшьҭра рҭоурых ала ҳаиҿцәажәара хацҳаркит Кадыри сареи.

Ахҵәара аамҭазы Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа иагаз Қьемаллеҭин иабду иоуп. Кадыр излеиҳәо ала, Ешыра иҭыҵит, аҭоурых ииашаны аҭҵаара дашьҭоуп.

"Ҩыџьа аишьцәа ыҟан Тәанаа. Руаӡәк Ҭырқәтәылаҟа дыхҵәар акәхеит, егьи Аԥсны даанхеит. Ҭырқәтәылаҟа иагаз Ҳазгьели ихьӡын, уи ихылҵыз ҳауп ҳара. Аԥсны иаанхаз иашьа араҟа дҭаацәарахеит, дыҿиеит, уи ихылҵшьҭра иахьагьы инхоит Ешыра", — ҳәа азгәеиҭоит Кадыр Тәанба.

Ҭырқәтәыла иҟоу ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы имаҷҩым инхо аижәлантәқәа Тәанаа. Иаҳҳәозар: Ҳарман-ҭеԥе, Адаԥазар, Измиҭ, Есма-Ҳаным ухәа. Аха, Кадыр излаиҳәо ала, Аԥсны инхо Атәанбақәа, Ҭырқәтәыла инхо раасҭа рхыԥхьаӡара еиҳауп.

Кадыр Тәанба, занааҭла дсахьаҭыхҩуп. Ҭырқәтәыла, Болу ақалақь аҿы уи иазкыз ауниверситет далгеит, аусгьы иуан. Аԥсны дахьааиз иҟазара аганахь ала иҵара иациҵеит.

Сатанеи Гогуа - Sputnik Аҧсны
Саҭанеи Гогәуаԥҳа: сыхьӡ иамоу аҵакы саԥсахарц сҭахуп

"Сара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара сҵоит, асахьаҭыхратә факультет аҿы. Сусмҭақәа збаз арҵаҩцәа, иаразнак аҩбатәи акурс аҿы сдыртәеит. Ахԥатәи акурс салгар, алшара сымоуп аграфикатә дизаин ахырхарҭала астудентцәа алекциақәа рзаԥхьара", — иҳәеит Тәанба.

Кадыр иҭахуп аԥхьаҟа Урыстәыла амагистратура дҭаларц. Иара убас, имаҷым имоу апроектқәа, игәы иҭоуп ихатә цәыргақәҵагьы аиҿкаара. Иара излаиҳәо ала, иԥсҭазаараҿы иҩызцәа аҭыԥ ҷыда ааныркылоит.

"Сара Аԥсныҟа санаа аԥсшәагьы аурысшәагьы сыздырӡомызт. Сҩызцәа нбан-нбанла сырҵара иаҿуп. "Уԥхамшьан, ииашаны иузымҳәозаргьы уажәазы ажәақәа, уцәажәо уалагар, ииашаны иуҵоит", — ҳәа сарҳәоит. Аиашазы, урҭ ҵәатәышьаҟаны исыҵагылоуп, акыр срықәгәыӷуеит", — ҳәа азгәеиҭоит Кадыр ихы-игәы дақәгәырӷьо.

Кадыр Тәанба ааигәа Берлин дыҟан. "Аҟазара амҩа" захьӡыз апроект далахәын. Имаҷмызт уи еиднакылоз аҳәынҭқаррақәа. Аԥснынтә иареи, уа аҵара зҵо аԥсыуа ҭыԥҳаки алшара рыман рҟазара аарԥшра. Еиҳа иугәарԥханы иарбан сахьақәоу иҭухуа ҳәа саниазҵаа, дааччан ус иҳәеит: "Аԥсны ԥшӡа асахьақәа".

© Foto / предоставлено Кадыром ТванбаРаботы Кадыра Тванба
Работы Кадыра Тванба - Sputnik Аҧсны
1/6
Работы Кадыра Тванба
© Foto / предоставлено Кадыром ТванбаРаботы Кадыра Тванба
Работы Кадыра Тванба - Sputnik Аҧсны
2/6
Работы Кадыра Тванба
© Foto / предоставлено Кадыром ТванбаРаботы Кадыра Тванба
Работы Кадыра Тванба - Sputnik Аҧсны
3/6
Работы Кадыра Тванба
© Foto / предоставлено Кадыром ТванбаРаботы Кадыра Тванба
Работы Кадыра Тванба - Sputnik Аҧсны
4/6
Работы Кадыра Тванба
© Foto / предоставлено Кадыром ТванбаРаботы Кадыра Тванба
Работы Кадыра Тванба - Sputnik Аҧсны
5/6
Работы Кадыра Тванба
© Foto / предоставлено Кадыром ТванбаРаботы Кадыра Тванба
Работы Кадыра Тванба - Sputnik Аҧсны
6/6
Работы Кадыра Тванба
1/6
Работы Кадыра Тванба
2/6
Работы Кадыра Тванба
3/6
Работы Кадыра Тванба
4/6
Работы Кадыра Тванба
5/6
Работы Кадыра Тванба
6/6
Работы Кадыра Тванба

Кадыр Тәанба асахьаҭыхра инаҷыданы акәашара абаҩхатәрагьы илоуп. Арвелод Ҭарба сахьаркыратә напхгаҩыс дызмоу акәашаратә ансамбль "Кавказ" далоуп.

"Сара даара ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп асахьаҭыхреи акәашареи рҟны нап сыдкыланы исхылаԥшуа сырҵаҩцәа дуқәа, иара убас сҩызцәа. Сыздыруа зегьы гәыблыла исзыҟоуп, саргьы убас. Сасра саазшәа схы зныкгьы исымбац, ара сизшәа сааӡазшәа еиԥшҵәҟьа ауп сшыҟоу. Сыԥсадгьыл ауми Аԥсны, саԥшәымоуп", — иҳәеит игәырӷьара ҳәаак амакәа Кадыр Тәанба.

Кадыр Тәанба дазгәыдуны иазгәеиҭеит ансамбль "Кавказ" дацны атәым тәылақәа рахь агастрольқәа рахь дышцахьоу. Иара убас, Москва, Кремль аҿы дшықәгылахьоу.

"Ансамбль "Кавказ" инанагӡо ауаԥсаа рыкәашара "Симд" аҿы ссолиступ. Даара бзиа избоит акәашара, Ҭырқәтәыла саныҟазгьы, Дузџьа адернеқь аҿы еиҿкааз ансамбль салан. Уи сыԥсҭазаараҿы иааннакылаз аҵакы рацәоуп, зегь раԥхьаӡа иргыланы сыԥсадгьыл ахь саанагеит", — иҳәеит Кадыр Тәанба.

© Foto / предоставлено Кадыром ТванбаКадыр Тәанба
Кадыр Тәанба - Sputnik Аҧсны
Кадыр Тәанба

Ирацәаҩуп Кадыр иҩызцәа Ҭырқәтәыла инхақәо. Урҭ Аԥсны аӡбахә лассы-лассы ирзеиҭеиҳәоит, иҭахуп иҩызцәа аҿар рыԥсадгьыл ахь иаарц. Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа иреиуоу иҩызцәа ракәзар, аҳәара ҟарҵоит Нхыҵ-Кавказ даныҟоу афотосахьақәа ҟаҵаны ирзынаишьҭларц. Кадыр, хымԥада урҭ ргәаҳәарақәа наигӡоит.

Ирацәоуп Кадыри сареи ҳаззааҭгылаз азҵаарақәа, еиҿцәажәарак аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟалап урҭ зегьы узеиҭамҳәар. Ажәа сиҭеит, абызшәа иҵар, ихаҭәаау аинтервиу сшиҭо. Аҵыхәтәаны сзеигәырӷьаз даҽакгьы.

"Сара саҳәшьеиҵбы Ҳанде, сынтәа аԥхынразы Аԥсныҟа дааит. Ҳуниверситет аҿы абызшәақәа рҵара даҿуп, илҭахуп араҟа дынхарц, лыԥсҭазаара шьақәлыргыларц. Ҳара ҳаԥсадгьыл ахь нхара ҳаара ҳҭаацәа азыразуп", — иҳәеит Кадыр Тәанба ҳаиҿцәажәара хыркәшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0