Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Зыԥсадгьыли зыуаажәлари гәыла-ԥсла еснагь ирыдҳәалоу, Ҭырқәтәылеи Аԥсни реимадара аус зџьабаа аду Иульқьиу Ашәԥҳа хылҵшьҭрала Аԥснытәуп, лабдуцәа Џьгьарда ақыҭа еиуан. Аха, аҭоурыхтә хҭысқәа, амҳаџьырра аамҭа, Иульқьиу лабшьҭра ирхьымсырц залыршамхеит. Анцәа иџьшьаны, аамҭа еиҭасрақәа ирыбзоураны, маҷ-маҷ акәзаргьы рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәуеит ҳџьынџьуаа, араҟа иҿыцәаахьаз рхәышҭаарамцақәа еиқәырҵоит. Иульқьиу изныкымкәа Аԥсныҟа даахьеит, лыԥсадгьыл гәакьа агәыбылра амцабз лнырхьеит.
"Ҳара, Ҭырқәтәыла, Џьгьарда ақыҭаҿы ҳанхоит. Саб, Феҳми Ашәба 96 шықәса ихыҵуеит, игәабзиара цәгьам. Уимоу, ааԥынра Аԥсныҟа аара игәы иҭоуп. Сан лыԥсҭазаара далҵхьеит, Апыгә-иԥацәа дырхылҵшьҭроуп, Папааԥҳан, Нуршьан лыхьӡын. Сан лан Ҭаркьылԥҳан, саб иан Шьакаиаԥҳан", - абас ҳаиҿцәажәара ҳацхаркит Иулқьиуи сареи.
Зыхьӡ еицырдыруа Ашәы Данаҟаи ихылҵыз роуп Иулқьиу лабшьҭра. Данаҟаи иԥацәа ракәын Гәызие Мырзеи. Иульқьиу лабду Шьмаф ихьӡын, уи иԥацәа роуп Нури, Феҳми. Феҳми ԥшьҩык ахшара драбуп: Иульқьиу, Нураи, Беқьыр, Али.
"Саб Аԥсныҟа даахьеит, уажәгьы даара гәыҵхас имоуп арахь аара. "сыԥсаанӡа знык сцаны избар сҭахәп", - ҳәа иҽырӷәӷәаны дыҟоуп. Уахгьы-ҽынгьы дызлацәажәо Аԥснаа шәоуп. Нас, ажәытә фотоҭыхымҭақәа аашьҭыхны дрыхәаԥшуеит, ирацәоуп иидыруа ажәабжьқәа, ахҭысқәа", - лхәыцрақәа ҳацеиҩылшон Иульқьиу.
Иульқьиу лашьцәа Беқьыри Али Ашәаа рыԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ирыхьчеит. Акыр игәадуран иҟалеит ааигәа Али Ашәба аҭаацәара дахьалалаз, нхара ҳәа Аԥсныҟа дахьынхыҳәыз. Заԥсуара згәашьамху, зхатәы бызшәа гәадурала изҳәо Феҳмиа Ашәба ихшара, ииааҵәҟьаны акыр уреигәырӷьаратәы иҟоуп, зегьы ирыцкуп рыԥсадгьыли рыуаажлаари рыԥсеиԥш иахьырбо. Ирҭахуп нырцәи-аарцәи еиҟәшо ҳауаажәлар реимадара аҽарӷәӷәарц.
"Аԥсҭазаара иахьабалак иуадаҩуп. Иарбан усзаалак ҩнапык рыла иукыроуп, уазааԥсароуп. Ишуҭахәу еиԥш ианыҟамло ыҟоуп, аха агәкажьра ҟамлароуп. Зегь раԥхьа иргыланы аҵара ҵатәуп, хшыҩла иазнеитәуп иарбан усзаалак, аџьабаа убароуп, умтәароуп, умгылароуп", - дҳацәажәон Иульқьиу.
Иульқьиу Ашәԥҳа шықәсырацәала Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуаа рхеидкылақәа дрылахәуп, уажәшьҭа 30 шықәса инареиҳауп. Ибзианы илбарҭоуп ахшыҩзышьҭра зҭатәу, иҳәаақәҵатәу аусқәа.
"Сҭампыл, Сақариа уҳәа сахьцалакгьы адернеқьқәа аус рыдызулоит. Зны амч бзиахоит, даҽазных иуашәшәырахазшәа иҟалоит, аус узлагаз аҵыхәтәанӡа ианнаумга анҵыра аиуӡом. Ауниверситет ашҟа аҿар аауа иалагеит, ирацәахар еиҳагьы еиӷьхон. Ҭырқәтәылеи Аԥсныи инхо аԥсуаа рус агәаԥхара аҵазароуп, усҟан ауп алҵшәа анаиуа. Агәыӷра сымоуп аԥсҭазаара аԥхьаҟа иҵегьы ишеиӷьхо, Аԥсны сахьынаԥшааԥшуа избо агәахәара снаҭоит", - ҳәа азгәалҭоит Иульқьиу Ашәԥҳа.
Ҳазҭагылоу аамҭазы, Адаԥазар, Сақариа ақалақь аҟны еиҿкаау Орал Бганба напхгара зиҭо аԥсуаа ркультуратә хеидкыла далахәуп Иульқьиу, аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп.
"Зегь раԥхьа иргыланы аҿар рааӡара аус ҳнапы алакуп, еидаҳкылар ҳҭахәуп. Уажәраанӡа Сҭампыл адернеқь салахәын, аха сусура аганахь ала Адаԥазар санаа, ҳымԥада аратәи ҳхеидкыла салалеит. Адаԥазар инхо аԥсуаа рацәоуп, акультура аганахь ала аус зуа маҷҩым. Сақараиатәи аԥсуаа рхеидкыла ҳауаажәлари ҳареи ҳаимадара аус ахаҵгылара анаҭоит, изну аҭоурыхтә мҩа иацәхьаҵӡом. Хымԥада, уи зегьы шьаҭас иамоу аԥсуароуп", - ҳәа азгәалҭоит Иульқьиу Ашәԥҳа.
Иульқьиу Ашәԥҳа, Ҭырқәтәыла лашьцәеи лаҳәшьеи еиланы ирымоуп англыз бызшәа ахьыддырҵо ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи. Лара Адаԥазар иҟоу напхгара азылуеит, иара убас убри аҩызаҵәҟьа ашкол аартны ирымоуп Сҭампылгьы.
"Сара занааҭла сархитекторуп, аҩны аҩныҵҟа адекорациа ҟасҵон. Аха, уажәы снапы злаку ишазгәасҭаз еиԥш даҽа усуп, уи аганахь алагьы аҵара ҿыц салгеит, ахәыҷқәа бзиа избоит, ирыхәоу ак ҟасҵарц сҭахәуп, сус бзиа ибаны саҿуп", - лҳәоит Ашәԥҳа.
Иульқьиу излазгәазҭо ала, аԥҳәыс ианылгәаԥха илылымшо акагь ыҟаӡам, аԥсҭазаараҿы илыду аҭакԥхықәра қәнагала дазнеиуеит.
"Аҳәса рымч акыр иҳаракуп. Адернеқь аҟны сара проектк аус адызулоит, "Анацәеи ахәыҷкәеи Аԥсныҟа рхы дырхар, ахацәагьы амҩа иқәлоит"-ҳәа. Ҳара аизарақәа мҩаԥаҳгоит, Орал Бганба иус убриаҟа ибзианы дахылаԥшуеит, уажәы аҩн ду аргылара ҳаҿуп Сақариатәи аԥсуаа рдернеқь иатәны, аҩбатәи аихагыла ҟаҵоуп. Иарбан усзаалак еиуеиԥшым агәаанагарақәа, азнеишьа анацу ыҟоуп. Зегь раԥхьа иргыланы агәаԥхара змоу ауаа ракәзароуп аус ҳәаақәызҵаша. Аԥсны шәҭык ахы ланарҟәыр ҳгәы ҳнархьуеит, убасоуп ара инхо аԥсуаа ҳџьынџьуаа ишырзыҟоу. Сара сгәы ҭынчуп аусеицра шҳалшо азы, ҳагәҭакқәа наӡааит", - ҳәа азгәалҭоит Иульқьиу Ашәԥҳа.
Зылаԥш ҳәаа ҭбаау, зажәеи зуси еимадоу Иульқьиу Ашәԥҳа лыпсадгьыл ахь илымоу лыгәҭахәыцрақәа акыр ирацәоуп. Зегьы ирыцкуп урҭ ирхылҵуа ахшыҩҵак аҷҷаҳәа аԥсышәала реиҭаҳәара ахьлылшо. Лара лнапы злаку аусқәа рҿы илзеиӷьаҳшьоит ақәҿиарақәа, еицакра зқәым агәалаҟазаареи агәамчи.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых
Ашәаа рныҳәара: фы-жәлантәык реицныҳәара Адуахә ахьӡала