Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциа мҩаԥигеит, ажурналистцәа рԥылараан рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, аԥснытәии урыстәылатәии аганқәа аҩ-тәылак рзакәанԥҵарақәа реишьаршәалара азҵаарақәа ирылацәажәеит, Аҟәеи Очамчыреи зеиԥш маҷу археологиатә артефактқәа рымԥыхьашәеит. Арҭи егьырҭи ажәабжьқәа Sputnik аҿы.
Ажурналистцәа рԥылара
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа нанҳәа 4 рзы апресс-конференциа мҩаԥигеит, ажурналистцәа рԥылараан рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Урҭ ируакын аҳәынҭқарратә дача "Пицунда" Урыстәыла аҭаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра.
Пицундатәи аҳәынҭдача Урыстәыла аҭараз аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара мап ацәкра ишәарҭоу ахылҿиаақәа роур ҟалоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ари атема далацәажәо.
"Ҳҭагылазаашьақәа усеиԥш иҟоуп – ҳара урыстәылатәи аганахь иаҳҭаху еиҳа еиҳауп Урыстәыла анапхгара ҳара ҳахь иҟарҵо аҳәарақәа раасҭа. Иара убасгьы дара рыцхыраарала еиҳа апроблемақәа ҳаӡбоит", - иҳәеит ахада.
Ажурналистцәа азҵааит атәыла анапхгара рылшамҭақәа. Ахада иҳәеит 2021 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аҳәынҭбиуџьет аплантә рбагақәа шынагӡаз, апрофицит шыҟаз, уи ишалнаршаз 5000-ҩык ҳтәылауаа аматериалтә цхыраара рыҭара, 700 миллион мааҭ рыхә ала Аԥсны ААР аиҿкаара шалыршахаз.
Ҳәарада ишьҭыхын анефҭаалыҵқәа рыхәԥса азҵаара. Бжьаниа иҳәеит атәыла анапхгара иалшо шыҟанаҵо абылтәы ахәԥса еиҵатәызарц, аха ари апроблема аԥсуа ган алшарақәа рҳәаа ишахысуа.
"Аилацәажәарақәа ҳарҿын, документқәак аус рыдааулон. Аха иара уа, Урыстәыла аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит. Макьаназ акы азԥхьагәоуҭартә иҟам", - иҳәеит иара.
Ахәԥсақәа рылаҟәра урыстәылатәи апартниорцәа рыцхыраароуп изыдҳәалоу иҳәеит ахада.
Апресса ахада иазҵаауан аекономикеи аенергетикеи, аҳаиртә баӷәазеи, атәыла газла аиқәыршәареи рҭагылазаашьа.
Акоронавирус "аҽарҭбаауеит"
Аԥсны, адунеи зегьы аҟнеиԥш, акоронавирус ашьҭыҵра азгәаҭоуп. Иара ареспублика араионқәа зегьы рҿы ицәырҵит. Аиҳаракгьы ауаа ирыдбалоу омикрон-штамм ауп.
Ԥхынгәы 25 – нанҳәа 1 рыбжьара 141 хҭыс аарԥшуп Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иажәақәа рыла, иахьазы амедусҳәарҭаҟны ишьҭоуп 20-ҩык, урҭ рышьҭаҵаразы ахархәара амоуп аҿкчымазаратә ҟәша мацара.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ Алиса Матуаԥҳа иазгәалҭеит, иааиуа амчыбжь инаркны аусура ишалаго аҩны инеины атестқәа згарц зылшо амобилтә гәыԥ. Атест аҭаразы ирыдыркылоит аҳақьым иҟынтәи адәықәҵабӷьыц рымазар ма ачымазара асимптомқәа рызцәырҵзар.
Азакәанԥҵарақәа реишьаршәалара
Москва имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәии аекономикатәии зеиԥшҵакыра аиҿкааразы Апрограмма анагӡара азҵаарақәа рзы аицусутә гәыԥ аилатәара.
Аганқәа ахәаԥшит аинвестициатә, аҳазалхратә, аҵаратә, агәабзиарахьчаратә усхкқәа рҿы аусеицура азинтә ҭышәныртәалара азҵаарақәа.
Урыстәылатәи аган ахьӡала адокумент инапы аҵаиҩит Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, аԥснытәи аган ахьӡала – аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Апрограмма иаҵанакуа ауснагӡатәқәа 2021 – 2023 шықәсқәа рзы инагӡазароуп.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит жәларбжьаратә еиқәышаҳаҭрақәеи ареспублика азакәанԥҵаратә актқәеи нап рыҵаҩра.
Атуризм алшарақәа
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи Ростуризм ахада ихаҭыԥуаҩ Елена Лысенковеи Аԥсны атуризм аԥеиԥш иалацәажәеит нанҳәа 5 рзы.
Аиԥылараан аганқәа инарҭбааны ирзааҭгылеит атуризм аусхк аҟны аусеицуразы еиуеиԥшым азҵаарақәа.
Лысенкова лажәақәа рыла, Аԥсны алшара дуқәа амоуп атуризм аусхк аҟны, иалшоит ари ахырхарҭа ԥсшьарҭа ҭыԥк аҳасабала иалызхуа аныҟәаҩцәа рхыԥхьаӡара акырӡа аизырҳара.
Аминистрраҿы ирҳәеит Ҭеимураз Хышба Урыстәылатәи атуристтә форум "Шәныҟәала" дшалахәхо.
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба аусутә еилацәажәарақәа рзы Москва иҟазаараан диԥылеит Атуризм азы Афедералтә маҵзураҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы Дмитри Давыденко.
Азыҳәа архынҳәра
Аԥсны Апарламент нанҳәа 1 азы Аконституциатә ӡбарҭахь азыҳәа нанашьҭит аҳәынҭдача "Пицунда" Урыстәыла аҭараз аиқәшаҳаҭра аганахьала.
Аконституциатә ӡбарҭа Апарламент ахь иархынҳәит аҳәынҭдача "Пицунда" азы азыҳәеи амазаратә комплекс Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭреи.
Аконституциатә ӡбарҭа Аппарат анапхгаҩы и.н. аконституциатә иурисдикциа дазхьаԥшны иазгәаҭарала, азыҳәа ҟазҵаз Азакәанеидкыла инақәыршәаны иқәыргылоу азҵааразы ипозициа азгәеиҭароуп, азинтә ҵаҵӷәгьы аиҭароуп. Апарламент азыҳәаҿ иарбам Аԥсны Аконституциа иаҿагыло аԥҟарақәа.
Азыҳәа ҟазҵаз хымш рыҩнуҵҟа азин имоуп азыҳәа архынҳәра дахашшаарц, иара убасгьы еиқәыԥхьаӡоу агхақәа риашаны азыҳәа Аконституциатә ӡбарҭахь еиҭанаишьҭырц.
Ажәытәра "аҳамҭақәа"
Аԥсны имҩаԥысуеит археологиатә ҭҵаарақәа Аҟәатәи абааши антикатәи ақалақь Гиуеноси (Очамчыра) иахьрыҵаркуа.
Аҟәатәи абааш аҿы ажрақәа ахьынӡамҩаԥыргоз аҭҵаарадырраҿы азҿлымҳара зырҭаша аԥшаахқәа рԥыхьашәеит: XIX ашәышықәса иаҵанакуа зыхгәыцә маҷу абзарбзанқәа ахылҳәақәа 100, зыхгәыцә дуу абзарбзан, акыцлыхқәа, аџьаз, ахаҳә ирылху аԥшаахқәа, аҭыҭынжәгақәа.
Антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ажрақәа ирылагеит ԥхынгәы 24 рзы, ихыркәшахоит нанҳәамза 20 рзы. V-IV ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа иуникалтәу аџьаз иалху аҳаҭәараҷ рыԥшааит Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа Очамчыра ажәытәӡатәи анхарҭа ҭыԥқәа рҟны имҩаԥырго ажрақәа раан.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы аиҳабы Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, аԥшаах уникалтәуп Амшынеиқәаҿықә аҵакыра зегь аҟны. Иԥшаау аџьаз иалху аҳаҭәараҷ Бырзентәылантәи иаагазар алшоит иҳәеит аҵарауаҩ.
Анаркотикқәа "ааха рыҭара"
Нанҳәа 5 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3 апункт "в" иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар метадон хыԥхьаӡара рацәала аахәара, амазаара, аҭира) инақәыршәаны Александр Чепели Владимир Романков арбаандаҩит.
Аԥсны анаркотикқәа рыҭиразы арҭ аҩыџьа урыстәылауаа ԥсраҽнынӡа аҭакра рықәҵахар ҟалоит.
Аԥсны ААР анаркотик еикәыршара аҿагылараз аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ремзик Ҷанба иажәақәа рыла, Александр Чепели Владимир Романкови иаадкыланы ирыдбалан 39 грамм аметадон.
Иара убас, хҩык Аԥсны атәылауаа аныцә аарыхраз иааныркылеит. Дранда инхо, 68 шықәса зхыҵуа Заур Қәираиа Аԥсны ААР анаркотик еикәыршара аҿагылараз аусбарҭеи Гәылрыԥшь араион ААР ашьаусԥшаареи русзуҩцәа дааныркылеит. Аацы ақыҭа анхаҩы Канбеи Базбагьы аиԥш зеиԥшу ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа даанкылоуп. Каннабис аарыхраз даанкылоуп Қырҭтәыла атәылауаҩ, Гал инхо Заали Џьгьеренаиа.
Акультуратә хҭысқәа
Иапониатәи аоператә шәаҳәаҩы Масаши Тсуӡи Баграт Шьынқәба иажәеинраала иалху ашәа "Шьышь нани" наигӡеит.
Ари агарашәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкуп, ажәлар зҭагылаз арыцҳара ду - амҳаџьырра - музыкатә символны иазыҟалеит.
Масаши ашәа аниаҳа ашьҭахь аиапон бызшәахьы еиҭагоу Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" даԥхьеит. Масаши ашәҟәы данаԥхьа даара игәаҵанӡа инеит амҳаџьырқәа рхьаа, еиҳагьы ашәа бзиа инарбеит.
Масаши ашәа ипрограмма иалеиҵарц аниӡба ашьҭахь апрофессор, кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҳаҭыр тәылауаҩ Џьорџь Хьиуитт диҳәеит Германиа дизиԥшаарц ашәа аҵараҿы ицхрааша ауаҩы. Аҵарауаҩ Масашии Хьыбла Амҷԥҳаи еибаирдырит.
Аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, Аԥснытәи АССР араионтә Совет анагӡаратә еилакы ахантәаҩы Валериан Кәабахьиа ибаҟа аадыртит Аҟәа нанҳәа 3 рзы.
Абаҟа аартра иалахәын Валериан Кәабахьиа иуацәа-иҭынхацәа, аус ицызуаз, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аиҳабыра, Жәлар Реизара адепутатцәа, аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа, аҳҭнықалақь анапхареи, ауаажәларреи.
Ацәыргақәҵа "Донбасс алаӷырӡқәа" аатит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны аԥшьаша нанҳәа 4 рзы.
Ацәыргақәҵа еиҿкаауп Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи Россотрудничество Ахаҭарнакреи имҩаԥырго апроект "Аиааира аҵакыра" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Есышықәсатәи ашахматтә фестиваль "Аԥсны Open" аатит Аҟәа, Карпов ихьӡ зху азал аҿы нанҳәа 2 рзы.
Ашахмат азы афестиваль "Аԥсны Open" иалахәуп шәҩык рҟынӡа аспортсменцәа Аԥсны, Ростов-на-Дону, Москва, Санкт-Петербург, Краснодар, Шәача рҟынтәи.
Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Адац" актәи аҭыԥ аннакылеит VIII Жәларбжьаратәи афестиваль-еицлабра "Агәыӷра аԥрақәа" аҟны. Аколлектив ҩ-номерк – "анхацәа рыкәашареи", "аԥсуа кәашареи" ықәнаргылеит.
Аҳаир-десанттә ар Рымш
Аҳаир-десанттә ар рымшш азы Аҟәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәыла Ҳасан Ҳаразиа анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ашҭаҿы еизеит Аҳаир-десанттә ар уаанӡатәии уажәтәии рлахәылацәа.
Ҳаразиа Ҳасан диит 1908 шықәса Мархьаул ақыҭан. Аибашьраан аҳаир-десанттә бригада напхгара аиҭон. Тула, Ориол, Смоленск аибашьрақәа дрылахәын. Ианашьан Ленин иорден, Аеҵәа ҟаԥшь аорден, Суворов иорден, иара убас Аџьынџьтәылатә еибашьра аорденқәа ҩба. 1959 шықәсазы Уралтәи арратә округ ар ркомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс даҭан.
Аинрал-леитенант Ҳасан Ҳаразиа Урыстәылатәи Афедерациа Раменское ақалақь аҟны ибаҟа аартын 2018 шықәса нанҳәа 25 рзы.