Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Адыррақәа рымш, Аминистрцәа реилазаара аилатәара, "Аԥсны агәадура"

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит есымчыбжьатәи, нанҳәа 29 – цәыббра 4 рзтәи ажәабжьқәа.
Sputnik
Ари амчыбжь азы Аԥсны ашколқәа рышәқәа аадыртит, Аҟәа иқәгылеит урыстәылатәи амузыкатә коллектив "Турецки ихор", ирылаҳәан Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә ԥхьахә асиа-кьаҿ.
Sputnik

Адыррақәа рымш

Ииасыз амчыбжь азы ареспубликаҿ иазгәарҭеит Адыррақәа рымш. 2022 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ашкол ахь ршьапы еихыргеит 2500-ҩык ахәыҷқәа. Зынӡа ареспубликаҿ аҵара рҵоит 28 нызқьҩык аҵаҩцәа. Урҭ аҵара ддырҵоит 3800-ҩык арҵаҩцәа.
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: Аҵарадырра амш Аҟәа
Аҳәынҭқарра ахада даҭааит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ. Иара убасгьы даҭааит ашкол № 9.
Актәи ашкол даҭааит иара убасгьы Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа. Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аныҳәамш рыдныҳәало ҳамҭас ириҭеит акомпиутортә техника аахәаразы асертификат.
Адыррақәа рахь: Аԥснытәи ашколқәа цәыббра 1 шазгәарҭаз
Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа Адыррақәа рымш рыдиныҳәалеит.
Россотрудничество ашкол ианаҭеит 300 шәҟәы - арҵагашәҟәқәа, азбука, асахьаркыратә литература.
Аԥсны
Россотрудничество Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ ашәҟәқәа ҳамҭас ианаҭеит

Адемографиа аҿиара

Аԥсны Аиҳабыра 2023 шықәсазы адемографиа аҿиаразы аусбарҭабжьаратә программа "Адемографиа аҿиара" шьақәдырӷәӷәеит. Апрограмма ахықәкы хада – иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, аԥсуа милаҭ иеиуоу, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа ахԥатәии анаҩстәии ахәыҷқәа рзы знык 100 000 мааҭ аԥара рызшәароуп.
2021 шықәса ԥхынҷкәын 28 рзы ишьақәырӷәӷәаз апрограмма "Адемографиа аҿиара-2022" инақәыршәаны, 167 рзаҳал рыдкылоуп, 16 700 000 мааҭ рыла инагӡоуп.
Апрограмма аԥаразоужьра мҩаԥгоуп арепатриациа Афонд аҟынтәи (50 миллион мааҭ).
Аԥсны апрограмма "Адемографиа аҿиара-2022"

COVID-19 алаҵәара

Аԥсны COVID-19 азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иалацәажәеит Аиҳабыра реилатәараҿы нанҳәа 31 рзы.
Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардан иазгәеиҭеит COVID-19 уаанӡатәи аштаммқәа иреиԥшымкәа уажәы ауаа имарианы ишырхырго.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иҳәеит Аԥсны ауааԥсыра иахәҭоу алаҵатә хыԥхьаӡарала ишеиқәыршәатәу, избанзар иҟалаша макьана аӡәгьы издырам.
Аԥсны
COVID-19 Аԥсны иаҭагылазаашьоу иалацәажәеит Аиҳабыра реилатәараҿы

Аԥыԥшра маӡа еиҭахацыркхоит

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны иҳәеит амҩақәа рҿы аԥыԥшра маӡа ҩаԥхьа амҩаԥгара ишалаго.
Иара иҳәеит аусбарҭа ишаанахәаз ААИ аусзуҩцәа рмашьынақәа гәазҭо арегистраторқәа.
Аԥсны
Аԥсны ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит амҩақәа рҿы аԥыԥшра маӡа ҩаԥхьа амҩаԥгара ишалаго
ААР амҩақәа рҿы аԥыԥшра маӡа амҩаԥгара аамҭала иааныркылоит ҳәа аинформациа цәырҵит ԥхынгәы 4 рзы. Усҟан адепутатцәа ари атема иалацәажәеит атәыла ауааԥсыра рҟынтәи Аҳәынҭқарратә автомобилтә инспекциа аусзуҩцәа цасҳәа автомашьынақәа рыԥсҟы зку рныҟәашәа иагдырхарц рымҩа ишаԥырхагахо, уи алагьы ауаа амҩатә ԥҟарақәа еиларгарц ишазаарго азы рышшыԥхьыӡқәа инарыдҳәаланы.
Усҟан Вальтер Быҭәба иҳәеит ареспублика амҩадуқәа рҿы аԥыԥшра маӡа аанкылахоит асертификациа зызуу атехникатә хархәагақәа ҳауаанӡа ҳәа.

Искандер иаԥхьахә асиа-кьаҿ

Витали Шариа иеиҭеигаз аԥсуа шәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иажәабыжьқәа Фазиль Искандер иаԥхьахә асиа-кьаҿ иаҵанакит.
Асиа ду ианын 158 усумҭа. Асиа кьаҿ ахь иалкаан 29 автори ԥшьҩык аиҭагаҩцәеи.
Ажиури ахантәаҩы Попов иҳәоит аицлабра ишалахәу ихатәрақәоу реиԥш аҿаргьы.
Аԥсны
Фазиль Искандер иаԥхьахә аиуразы асиа-кьаҿ рылаҳәоуп
Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә анашьареи иаиааиз рыхьӡ аҳәареи ирызку аусмҩаԥгатә ҟалоит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, Москва. Сынтәа аԥхьахә адгылара анаҭеит акультуратә ԥшьгамҭақәа рзы Ахада ифонд.

"Аԥсны агәадура" афиналистцәа

Аицлабра "Аԥсны агәадура - 2022" афиналистцәа жәеизаҩык алкаауп.
Аетапқәа ҩба реихшьаалақәа рыла икьыԥхьуп аконкурсантцәа рреитинг. Ахԥатәи аетап мҩаԥгахоит цәыббра 6 азы Аԥсны ААР амедиа-центр аҿы.
Афиналистцәа рыпроектқәа ӡырыргоит, урҭ реихшьаалала аицлабратә комиссиа абаллқәа ықәдыргылоит.
Аԥсны
Аицлабра "Аԥсны агәадура -2022" афиналистцәа алкаауп

Асезонтә еимҳәазы алаҵаҟаҵара иалагеит

Алаҵаҟаҵара иалагоит жьҭаарамзазы. Уажәазы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәазы алаҵа аагаразы Москватәи аашьҭҩы илацәажәарақәа мҩаԥнагоит алаҵақәа "Ультрикс Квадри", "Гриппол плюс" ма "Совигрипп" раахәаразы. Иазԥхьагәаҭоуп х-нызқь доза раагара.
Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала, уаанӡатәи ашықәсқәа раналитика шьаҭас иҟаҵаноуп ари аҩыза ахыԥхьаӡара зышьақәыргылаз.
Аԥсны
Жьҭаарамзазы аимҳәа хызҽуа изаамҭанытәиу алаҵаҟаҵара иалагоит

Турецки ихор Аҟәа ақәгылара

Турецки ихор Аԥсны Жәларбжьаратәи азхаҵара амш азы иқәгылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адгыларала нанҳәа 29 асааҭ 19:00 рзы Багаԥшь иашҭаҿы.
Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи гәахәара дула аконцерт иазыӡырыҩуан.
Еицырдыруа ари амузыкатә коллектив Аҟәа аконцерт мҩаԥыргахьеит 2009 шықәса нанҳәа 18 рызгьы.

Адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа реиԥылара

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва диԥылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аидгыла ҳәынҭқарра азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ҷыда Виктор Сорокин.
Аганқәа алацәажәеит евразиатәи аинтеграциа актуалтә зҵаарақәа, аидгылатә программақәеи Аидгыла ҳәынҭқарра аргылареи ртәы, ҷыдала - Евразиатәи аинтеграциа аекономикатәии аполитикатәии аспектқәа.
Аԥсны
Арӡынба Москва диԥылеит УА ААР Аидгыла ҳәынҭқарра азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ҷыда
Цәыббра 2 азы Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи ДЖәРи ЛЖәРи рхаҭарнакрақәа рхадацәа Ольга Макеевеи Родион Мирошники реиԥылара.
Аԥсни ДжәРи ЛжәРи рыбжьара аусеицуреи, аиҩызареи, аицхыррареи рзы аиқәшаҳаҭра аус адулара ахыркәшарахь инеихьеит, анапаҵаҩра мҩаԥгахоит ашықәс нҵәаанӡа ҳәа азгәаҭан аиԥылараан. Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь иазыԥхьагәаҭахоит Донбасс ареспубликақәа рхаҭарнакра Аҟәа раартра.
Аԥсны
Ашықәс нҵәаанӡа Аԥсни ДжәРи ЛжәРи рыбжьара аусеицураз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхоит

Ажурналистцәа реицлабра

Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны нанҳәа 30 азы иалацәажәан ажурналистцәа реицлабра. Аицлабра иалахәхар ҟалоит апрофессионалцәа реиԥш абзиабаҩцәагьы.
Аԥсны ажурналистцәа рыбжьара аицлабра хацыркхеит нанҳәа 19 азы. Иара иалахәхар ҟалоит: арепортерцәа, ажурналистцәа, астудентцәа, аблогерцәа, авидеографцәа, афоторепортерцәа, аколумнистцәа. Аусумҭақәа рыдыркылоит цәыббра 16 аҟынӡа, аихшьаалақәа ҟаҵахоит цәыббра 23 азы.
Алкаақәа ҟаҵахоит ԥшь-номинациак рыла: иреиӷьу аинформацитә материал, иреиӷьу аналитикатә кьыԥхьымҭа, иреиӷьу асахьаркыра-публицистикатә усумҭа, аҿар рзы – аноминациа "дебиут".