Аԥсны

Sputnik амчыбжь: ахада иҳасабырба, алашара арцәара, ауаҩшьразы азыӡба

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит есымчыбжьатәи иналукааша ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа (абҵара 7-13).
Sputnik
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ииасыз амчыбжь азы имҩаԥгоу аусурақәа рзы атәылауаа рҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵеит, Аԥсни Ҟрыми рделегациақәа ԥхьаҟатәи аусеицура иалацәажәеит, адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Москва аиԥыларақәа мҩаԥигеит. Арҭи егьырҭ ажәабыжьқәеи Sputnik ахҳәааҿы.

Ахада иҳасабырба

Аԥшьаша, абҵара 10 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла ауааԥсыра рҿаԥхьа иусураз аҳасабырба ҟаиҵеит. Азҵаарақәа аҭак риҭеит.
Ҷыдала Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа раԥхьа иргыланы АЦә "Аҽгәара" аусура аиԥҟьара иахҟьаны афымцалашара аиуразы иалагалоу аԥкрақәа дырзааҭгылеит.
"Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаарышьҭуаз афымцалашара иазыԥҵәаз аҿҳәара аамҭа аиаанӡа 15 мшы шыбжьаз иаанкылахеит. Ари арҽеиратә усурақәа рынагӡара еиԥнарҟьеит. Алашара арцәараз иалагалоу аԥкрақәа-зыда ԥсыхәа ыҟам ҭагылазаашьоуп. 2017 шықәсазы аҟазауаа имҩаԥыргаз аԥхьаӡарақәа рыла шьаҭанкыла апроблема аӡбразы иаҭахуп 20 миллиард мааҭ", — иҳәеит Бжьаниа.
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит агенерациатә обиектқәа аинвестициақәа рзуразы азакәанԥҵаратә ԥкырақәак раԥыхра шаҭаху.
Аԥсны
Бжьаниа алашара арцәараз иалагалоу аԥкрақәа рзы: зыда ԥсыхәа ыҟам ҭагылазаашьоуп
Аԥсны анапхгара атәыла ашәарҭадараз иахәҭоу ауснагӡатәқәа рыдыркылоит - аиҿкаара-штаттә ҟазшьа, аҽеизакратә хиара, абџьари атехника ҷыдеи рыла аиқәыршәара, аматериал-техникатә еиҿкаара рганахь ала ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ахада Аслан Бжьаниа.
Уаанӡа ахада Арбџьармчқәа анапынҵа риҭахьан атәылахьчареи ашәарҭадареи алзыршо аҽеизакратә зыҟаҵара ҳаракы рымазаарц.
Бжьаниа агәрагара имоуп иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьаан аҩыза-ҳәынҭқаррақәа рықәгәыӷра шаҭаху.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсны ашәарҭадараз иахәҭоу ауснагӡатәқәа рыдыркылоит
Бжьаниа еиҭеиҳәеит Аԥсни Белоруссиеи ганрацәала реизыҟазаашьақәа аҿиарахьы ианиасуа, иазгәеиҭеит, Лукашенко дшазыхио Аԥсныҟа ақыҭанхамҩатә техника аашьҭра, ализинг аформалагьы.
Белоруссиеи аҽа тәылаки рыбжьара шықәсыктәи атауареикәыршара 50 млн доллар иартәозар, уа Ацҳаражәҳәарҭа аартхоит ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко иажәақәа игәаларшәо.
"Белоруссиа Очамчыра араион аҿы 50 млн доллар иреиҳау апроект анагӡара иаҿуп. Сгәы иаанагоит, уи анхыркәшахо аамҭазы ҳаизыҟазаашьақәа аполитикатә хырхарҭақәа ҳарзааҭгылап ҳәа", - иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны
Бжьаниа еиҭеиҳәеит Аԥсни Белоруссиеи ганрацәала реизыҟазаашьақәа аҿиарахьы ианиасуа
Ашәарҭадара — аҿиара иашьаҭоуп, аинвестициатә ҭагылазаашьа иахәҭа хадоуп ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Иара иазгәеиҭеит аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа Аԥсны ахь аинтерес аадырԥшуа ишалагаз, иҳәеит ареспубликаҿ амшынтә баӷәазақәеи атранзиттә лшарақәеи шыҟоу.
Аԥсны
Бжьаниа: Аԥсни Урыстәылеи реизааигәахара аус ҵшәаара ақәым
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҳалшеит афинанс-економикатә, абанктә, агәабзиарахьчаратә, акультуратә, атәылахьчаратә, аконституциатә закәанԥҵара русхкқәа рҟны аиҭакрақәа рымҩаԥгара, азгәеиҭеит Бжьаниа.
Атәыла анапхгара ирылшеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны иҟаз ауадаҩрақәа риааира, уи ала атәыла аҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа азнархиеит иҳәеит ахада.
2025 шықәсазы иазыԥхьагәаҭоуп абжьаратә улафахәы ашьҭыхра, аҳәынҭбиуџьет - 30%, ареспубликатә биуџьет 8 миллиард мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра.
Аԥсны
Атәылахьчара, аинвестициақәа, аенергетика: Бжьаниа иажәахә аҟнытә иалкаау

Атәылахьчаратә обиектқәеи адныҳәалареи

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба далархәны имҩаԥигеит атәылахьчара аобиектқәа ргәаҭара.
Агәаҭарақәа мҩаԥган абҵарамза 7 рзы Ахада иусбарҭаҟны имҩаԥысыз аҵыхәтәантәи аусуратә еилацәажәараҟны ирыдыркылаз аӡбамҭақәа рынагӡара инамаданы.
Аԥсны
Аԥсны ахада атәылахьчара аобиектқәа гәеиҭеит
Аԥсны имҩаԥысуеит арратә ҽеизакра аҩаӡара агәаҭареи ашәарҭарақәа рҿагылареи ирызку аусура. Арбџьармчқәа иахәҭоу абџьари атехника ҷыдеи рыла аиқәыршәаразы ашьаҿақәа ҟарҵоит, ирԥылоит анаплакыҩцәа, ԥхьатәара иҟоу атәылауаа азыҟарҵоит, аграждантә хыхьчара аобиектқәа ринвентаризациа мҩаԥысуеит.
Аԥснытәи амилициа 2022 шықәса абҵарамзазы 101 шықәса ахыҵуеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
"Аԥснытәи амилициа аҭоурых шәышықәса ирҭысит. Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа изныкымкәа иаадырԥшит рыжәлари рыԥсадгьыли гәык-ԥсык ала ишырзыҟо. Абџьар кны ирыхьчон ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи, аҭынчуааԥсыра ашәарҭара иацәыхьчо ацәгьоуцәа ирҿагылан", - азгәеиҭеит атәыла ахада.
Бжьаниа иазгәеиҭеит аусбарҭа азакәани азинеиҿкаареи рыхьчараз ихадоу акакәны ишыҟоу.
Аԥсны
Бжьаниа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Аԥсни Ҟрыми русеицура

Аԥсны Аминистрцәа реилазаареи Ҟрым Аминистрцәа рхеилаки рыбжьара Атауар-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, агуманитартә усеицура иазку Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит абҵара 9-10 рзы Симферополь. Ари ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥылара мҩаԥыргеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Ареспублика Ҟрым ахада Сергеи Аксионови.
Аксенов иҳәеит сынтәатәи аԥхынразы Ҟрым аԥснытәии урыстәылатәии аинвесторцәа алархәны иргылан аԥсыӡ шылеи аԥсыӡ хәшеи раарыхразы азауад ҳәа.
Ҟрым ахада аԥснытәи аган аусеицура имҩаԥырго азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иара убасгьы ирылацәажәан амшыни адгьыли рҿы аимадарақәа, аекономика, аҵараҵара, акультура, аспорт уҳәа рызҵаарақәа.
Аԥсны
Беслан Џьопуа еиҭеиҳәеит Ҟрым аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҿы излацәажәаз

Аремонти алашара арцәарақәеи

Абҵара 9 раахыс "Амшынеиқәафымцамч" алашара арцәара аамҭеихша шьақәнарӷәӷәеит.
Аԥсны
Аԥсны алашара арцәара аамҭеихша шьақәыргылоуп
АЦӘ "Аҽгәара" агәаҭаратә усура ауадаҩрақәа аанарԥшит. Убри инамаданы ари ацәаҳәа абонентцәа алашара аԥкрақәа рзалагалоуп.
Аграфик ыҟазаауеит "Аҽгәара" абонентцәа рзы Урыстәылантәи алашара ҳауа иалагаанӡа.

Адәныҟатәи аимадарақәа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа дцеит абҵара 7 рзы. Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахадеи Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еинырра азҵаарақәа рылацәажәаразы реиԥылара азгәаҭоуп.
Москва, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Ахсар Џьиоев диԥылеит.
Аганқәа алацәажәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа, Алада Кавказ арра-политикатә ҭагылазаашьа рызҵаарақәа
Аԥсны
Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега диԥылеит
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва иҟоу Иран ацҳаражәҳәарҭа даҭааит иара убри амш азы.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы дрыдышшылеит жьҭаара 26 рзы Шираз ақалақь аҟны атеракт иахҟьаны аҭынчуааԥсыра рҭахаразы.
Иара убас Арӡынба Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Иран иқәынхо ажәлар дрыдышшылеит, агәалсратә шәҟәы аҟны анҵамҭа аанижьит.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла, Аԥсны зҿлымҳара дулла Иран иазыҟоуп, иацклаԥшуеит Иран, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа еидызкыло 3+3 аформат аусушьа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Урыстәыла иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит.
Аганқәа алацәажәеит Аԥсни Шьамтәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу аполитикатә, аекономикатә, агуманитартә усхкқәа рҟны аҭагылазаашьақәа рызҵаарақәа.
Уи адагьы Арӡынбеи Џьаафари иалацәажәеит Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа рмеханизм аиҿкаара.
Аԥсны
Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит

Аразреи агәыҳалалреи

Аҟәатәи азеиԥшҵаратә школ "Алашара" аҿы еиҿкаан Аҳалалра аиармарка. Аиармаркаҿ еизгахо аԥарақәа зегьы ахәыҷырацәа змоу Амҷаа рҭаацәара ирыҭахоит. Аҭаацәара рыҩны блит абҵара 4 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа азеиԥшҵаратә школ "Алашара" аҿы еиҿкааз Аҳалалра аиармарка даҭааит.
Аиармаркаҿы аиҵбыратә классқәа рҵаҩцәа иӡырыргеит еиуеиԥшым атәылақәа рмилаҭтә чысқәа. Аслан Бжьаниа ахаа-мыхаа ааихәеит, иаадырԥшыз агәыҳалалраз ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аҳалалра аиармарка даҭааит
Ахада иара убасгьы ашкол анапхгара, арҵаҩцәа, аҭаацәара ҭабуп ҳәа реиҳәеит ауснагӡатә азы.
"Аҵак ду аманы иҟоуп ахәыҷқәа ирылашәааӡо аразра, ацхыраара зҭаху изхьаԥшра. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит зегьы" - иҳәеит ахада.
Агәыҳалалратә цәыргақәҵа "Eco-step into art" аадыртит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ацхыраара аҭаразы ахәыҷтәы ҟазара аҩны "Аинар" аҿы ахаша, абҵара 9 рзы.
Ауснагӡатә еиҿнакааит иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчаразы Аԥсны апроектқәа мҩаԥызго ауаажәларратә еиҿкаара "Abkhaz Desk". Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны 22-ы асахьаҭыхыҩцәа аусеиҭазыдулоу ақьаад аҿы иҭыху асахьақәа наргеит.

Аспорти аиааира згақәази

Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афиналтә хәмарра мҩаԥысит аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны.
Аԥсны
Гәдоуҭатәи "Риҵа" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа иаԥсахеит
Гәдоуҭатәи "Риҵа" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа иаиааит аҟәатәи акоманда "Нарҭ" ианацхәмаруаз 4:2 ҳәа.
Уаанӡа "Риҵа" Ахраҿа аиухьан 2015 шықәсазы, "Нарҭ" – 2019 шықәсазы. 2021 шықәсазы Ахраҿа анашьан акоманда "Гагра".
Аԥсны
Гәдоуҭаа аферымцәа: ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал
Аинвалидцәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы X аиубилеитә еицлабра "Аиааира Ахраҿа" мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 3-8 рзы.
Афинал аҟны Барнаултәи акоманда "Динамо-Алтаи" Махачкалатәи акомандеи иареи еицыхәмарит. "Динамо-Алтаи" 3:0 ҳәа аиааира агеит.
Ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Аԥсны акоманда.
Аԥсны
Ашьапылампыл маҷ азы аицлабраҿ "Динамо-Алтаи" аиааира агеит

Ауаҩшьреи азыӡбеи

Гәылрыԥшьтәи аӡбарҭа 19 шықәса зхыҵуаз, Очамчыра инхоз Рада Кәакәасқьырԥҳа жә-шықәса арежим ӷәӷәа аколониаҿы ҭакрала ахгара лықәнаҵеит гәҭакрыла ауаҩы ишьразы.
Аусҭҵаара аверсиала лара лдыр Азамат Такаишьвили Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу Смецкои исанатори аҵакыраҿы еиԥыларц диҳәеит аватарказ афотосахьақәа ҭырхразы. Ахыбра аԥшьбатәи аихагылаҿы Кәакәасқьырԥҳа сааҭыбжак ала Такаишьвили ифотосахьақәа 679 цыра иҭылхит.
Анаҩс, ибӷа леиарханы дангыла, дышҭахоз шылдыруазгьы, дигәҭасны дкалыжьит. Азамат Такаишьвили дахькаҳаз, иԥсҭазаара далҵит. Рада Кәакәасқьырԥҳа ари аҭыԥ аҟнытә дыбналеит. Аԥсыбаҩ ианиеит урыстәылатәи атуристцәа.
Аԥсны
Аԥсны атәылауаҩ жә-шықәса ҭакрала ахгара лықәҵоуп