Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега диԥылеит

© Foto / МИД АбхазииВ Москве состоялась встреча Министра иностранных дел РА Инала Ардзинба с Министром иностранных дел Республики Южная Осетия Ахсара Джиоева
В Москве состоялась встреча Министра иностранных дел РА Инала Ардзинба с Министром иностранных дел Республики Южная Осетия Ахсара Джиоева - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп абҵара 7 раахыс.
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Ахсар Џьиоев диԥылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.

"Аганқәа алацәажәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа, Алада Кавказ арра-политикатә ҭагылазаашьа рызҵаарақәа", - ҳәа ҳәоит адырраҭараҿы.

Аиԥылараан Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсны шадгыло зеиҿкаара иаҿу Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа Аахыҵ Уаԥстәыла алахәхара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа дцеит абҵара 7 рзы. Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахадеи Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аԥсны-урыстәылатә ҳәынҭқаррабжьаратә еинырра азҵаарақәа рылацәажәаразы реиԥылара азгәаҭоуп.
Иацы Аԥсны АА рминистр Инал Арӡынбеи РАНХиГС аҟны иҟоу аҳәынҭнапхгараҭараз Иреиҳаӡоу ашкол адиректор, "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Алексеи Комиссарови еиԥылеит. Аԥснытәи аҿар адгылара рыҭаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2022
Аԥсны
Урыстәыла Аԥснытәи аҿар рыдгылара иҵегьы иацнаҵоит
Ажәабжьқәа зегьы
0