Аԥсны

Аҳауатә цәаҳәа "Очамчыра-2" аԥхасҭа аиуит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Астанциа маҷ "Очамчыра-2" аҿы аусура иаҟәыҵит иалало ацәаҳәа 35 кВ, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Уи иахҟьаны ицәеит аҳауатә цәаҳәа "Мықә".
Аусбарҭа адырра ҟанаҵоит афымцалашара ҩаԥхьа адәықәҵаразы аусурақәа ишрылагахьоу, аҭыԥ аҿы авариатә бригада аус шауа.