Аԥсны

Ламара Ҵәыџьԥҳа: шьҭахьҟа игьежьуаз ԥҳәыскгьы дсымбеит

Аԥҳәыс арра ацара луалӡам, аха лыҩны ашәхымс даадәылҵны аибашьра данца нахыс, иаразнак еилкаауп уи дышгәымшәоу.
Sputnik
Аԥсҭазаара џьашьахәуп, иуздырӡом уахьнанаго, иарбан ҭагылазаашьоу Анцәа иузаԥиҵо. Ахаан уи самарам ҳәа ушхәыцуа, убас аԥсҭазаара ҭагылазаашьак узаанагоит, шьаҭанкыла уԥсҭазаара аԥсахыртә. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахацәа реиԥш иалахәын аҳәсагьы, уи иазыҟаҵаз шмаҷҩызгьы. "Шьҭахьҟа игьежьуаз ԥҳәыскгьы дсымбеит", - ҳәа лажәа иалаҵаны дцәажәоит иахьатәи сколонка зызку.
1984 шықәсазы ААУ абиологиа афакультет иалгаз Ламара Ҵәыџьԥҳа аус луан Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәшаҿы Мушьни Хәарцкьиа инапхгарала. Лнапы ианыз аԥшаарақәа рҿы иҵырхуаз акультуратә лыԥшаахқәа рышықәс аилкаара акәын. Убри адагьы, еиуеиԥшым аусҳәарҭақәа, иаҳҳәап агролабораториа, аӡы-канал аҿы лабарантс аус луахьан. Лара лгәалашәраҿы еиҳа аԥхарра ацны инхеит археолог Мушьни Хәарцкиа аус аницылуаз аамҭа. Убас иҟалеит, аҭынч аамҭазы ҩызас илымаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагагьы лыԥсҭазаара анырра аиҭаратәы…
Аԥсны
Аибашьра адаҟьақәа: Пазана данырхәыз
Ақырҭуа гвардиауаа Аҟәа ианалала, Ламара аусураҿы дыҟан. Аҩны иҟаз аус рыцызуаз аӡә дасны "аибашьра иалагеит, ишәмаҳаӡои аиҿахысрақәа цоит, аҩныҟа шәца" ҳәа ралҳәеит. Усҟан, Аҟәа Аҳабла ҿыцаҿ қьырала ауадақәа амырхуан лаҳәшьцәеи лареи.
Ламара ишылҳәо ала, Аҟәа ааныжьны шәца ҳәа Гәдоуҭантәи иааз рашьцәа ишрабжьыргозгьы, 1989-тәи ашықәс азеиԥш иаарласны еилгарашәа ргәы иднарбон. Дара ахьынхоз аҟынтә лара илбарҭан ажәҩан ихыз авертолиотқәа, илаҳауан атҟәацбыжьқәа. "Арра ҽазыҟаҵаратә усқәа мҩаԥысуаз џьысшьеит, иҟалазгьы цқьа исзеилымкааит. Избоз зегь еибашьрамшәа сгәы ыҟан, аиаша шәасҳәап агәра агара сцәыуадаҩын раԥхьатәи амшқәа рзы", - лҳәоит лара лхаҭа лхы џьашьо.
Ламара уажәы илгәалашәом шаҟа мшы Аҟәа дыҟаз, аха илдыруеит усҟан Гәымсҭатәи ацҳа шадыркхьаз. Раԥхьа Аҳабла ҿыц абжьаларҭа ауниверсам ахьыҟаз ҳа ҳтәқәа ахьгылаз дааит лара. Мушьни Хәарцкиа уа дылбеит. Уа ааигәа-сигәа аптекақәа ыҟан "ишәылшозар хәшәқәак еизыжәга" ҳәа адҵа риҭеит илыцызи лареи. "Иҳалшоз еизаҳгеит. Нас, Мушьни ус иҳәеит "шьҭа ақыҭахь шәцар еиӷьуп" ҳәа", - лҳәоит Ламара. Аха, ииҳәаз лаҳәшьцәеи лареи ирмҳаҳаӡеит. "Ҳара ҳхы иԥнаҟомызт аибашьра ишалагаз. Иаҳзеилкааӡомызт зымҽхак ҭбааз аибашьра шҳадгылаз", - лажәа иацылҵоит лара. Гәымсҭатәи ацҳаҿы аибашьра ацәаҳәа аныҟала ауп Ламара лаҳәшьцәеи лареи аибашьра анрылс. Нас, рҭынхак иидыруаз қырҭуа таксистк дыҟазаарын, абарҭ аҭыԥҳацәа алигаразы диҳәеит Ешыра аганахьала. "Алашарбага (Маиак) аганхьала, ҳцеит. Амашьына шаҟаҩ ҳтатәаз аԥхьаӡарагьы уадаҩын. Ҳаиқәтәан зегьы. Уахынлан. Нас убысынтәи ҳара ҳганахь ҳаиасит", - илгәалалыршәоит Ҵәыџьԥҳа.
Аԥсны
Аибашьра адаҟьақәа: аветеран Олег Чмель игәалашәарақәа
Лара исзеиҭалҳәеит ауада ахьамырхуаз лгәылацәа аурыс ҭаацәара рҭоурых. Ԥхьатәара ицахьаз урыс инралын ргәыла. "Акрихыҵхьан иара. Ихьӡи ижәлеи уажәшьҭа исхашҭит. Иԥшәма ԥҳәыс анемец бызшәа арҵаҩыс аус луан ашкол аҿы. Аибашьра ҟалаанӡагьы уи аинрал гәҩарас иман аибашьра ду ишалагоз. Владислав Арӡынбеи иареи аиқәшәарагьы рыман. Саша ҳәа иаҳҳәон. Иԥшәма Гала лыхьӡын. Арӷьарахь ала ақырҭуа ҭаацәа нхон. Урҭ рыҷкәын иаразнак еибашьра дцеит. Ашьҭахь ҳгәылацәа ишаҳзеиҭарҳәаз ала, уи ҳгәыла ақырҭуа ԥҳәыс, абжьааԥны зхәыҷқәа рбараҿы ҳзыцхыраауаз ҳуада лырҳәуан. Аурыс инрал днеины илеиҳәазаап "быԥхамшьаӡо, быхәҷқәа быцырбон, ибгәылацәан рыҩны шԥабырҳәуеи" ҳәа. Убри ашьҭахь ақырҭуа гәыла иԥеи иареи, бџьарла исны ишакәым ааха ирҭеит аурыс инрал. Иԥшәмагьы "иҟашәцҵозеи?" ҳәа дахьыҳәҳәоз ларгьы илысит. Уи аҵыхәала лыхшыҩ аҭра иҭҟьеит сзацәажәо лажәақәа рыла. "Аҟәа ҳанааигьы ҳалзымдырӡеит, дычмазаҩхеит. Аурыс инрал Саша иакәзар, уаҳа ишьапы дзықәымгылеит, иԥсҭазаара далҵит. Лара Дмитириенко лыжәлан ҳәа сыҟуп", - ҳәа лгәыла аинрал иҭаацәа рҭоурых уажәгьы ихьааганы далацәажәоит Ламара.
Ламара Ҵәыџьԥҳа Гәдоуҭа араион "Дружба" ҳәа изышьҭаз аҳаблаҿы дынхон. Ахацәа еибашьра иҟан, аҩны еиҳаракгьы лани лареи, лҭацеи, уи лыхәҷи ракәын иҟаз. Лаҳәшьа Клара Гәдоуҭа агоспиталь аҿы дыцхыраауан. Аамҭа ԥыҭк цахьан дара рашҭа иааҭалеит аибашьҩы-археолог Мушьни Хәарцкьиа иҩыза Нина Полиакова уҳәа гәыԥҩык Ленинградынтәи иааз аибашьцәа еицны.
Аԥсны
"Ҳаблақәа, ҳлымҳа, нас абинокльқәа ҩба": ианвартәи ажәыларазы аветеранцәа ргәалашәарақәа
"Мушьни сшәыцны сцоит ҳәа иасҳәеит, аха банаҭаххо сара бызҿысҭуеит иҳәеит. Дара анца ашьҭахь аибашьрахь сцоит сҳәеит, аха сан илгәамԥхеит. Иԥхашьароуп Урыстәылантәи иааны еибашьуеит Мушьни иҩызцәа сҳәеит, нас сан лыҽлырҭынчит. Ауниверситет аҿы ҳара амедицина иадҳәалаз амаҭәар ҳахысуан. Ацхырара лас аҟаҵашьа ҳдырҵон. Амедицинатә-арратә зыҟаҵара ахьӡын уи амаҭәар. Сыспортсменын сара уи адагьы. Аинститут азы анапылампыл (баскетбол) сыхәмаруан. Сласын усҟан цәгьала. Аибашьра аамҭазы аандақәа ԥынгылас ианҳауаз сара сыууаӡа сырхыԥон", - еиҭалҳәоит аветеран.
Ламара Ҵәыџьԥаи сареи ҳаибадырит лбаа Ешыра аевакапункт аҿы. Сара исгәаԥхон лара лҭынчра, лхәыцшьа. Ҽнак зны амла ҳанакуаз, аиҳабацәа ҳаурышьҭын, лыҩныҟа ҳалган акраҳҿалҵеит. Иубон лҭаацәа ачеиџьыка змаз шракәыз. Изхысҳәаауа, иахьа уажәраанӡагьы ҳаиҩызара ҳмырӡыц. Ари анҵамҭа азы лацәажәара саналага, исалҳәеит илхашҭхьоу акыр ишырацәоу. Ус акәзаргьы, илсырҳәақәаз ыҟоуп.
Ламара Ҵәыџьԥаи Елеонора Коӷониаԥҳаи
"Сыбаҩ сцәыласын сара, амала алашьцара сацәшәон. Уахынла сшәон. Ҽынла зегь убоит. Иара уажәгьы алашьцара сацәшәоит. Аҵыхәтәантәи ажәылара аамҭазы Ачадара "аҩны иаҵәа" ҳәа изышьҭоу ааигәа гәӷәала аиҿахысра ыҟан. Аҟәа агаразы ажәыларақәа цон. Жрак ҳҭатәеит ианшәарҭахаӡа. Аиаша басҳәап ахацәагьы ирзышьҭыхуамызт уи. Ҳазцыз аерманцәа рбаталион аҿы ирхәыз рацәаҩын. Ацҳа ҳанықәс зынӡа атәыла бгеит. Гәыԥҩык хыхь ала абыржә абаҟа ахьыҟоу ҳдәықәлеит. Иашҭхәа ахәы ҳхалеит, аха ҳаиԥхьыттеит, ҳҩызцәеи ҳареи ҳаицәҟьалеит. Сара аҳаракыра ахалара азын уадаҩра сымамызт. Мушьни Хәарцкиа сицны ашьхарахьгьы аекспедициақәа рахь сымцоз. Ҳкомандир Вагаршак Косиан убри аамҭазы игәы бааԥсхеит. Сгьежьны агәыр иласҵеит. Убра дсықәшәеит Аргәынк (ихьӡ сгәалашәом). Иқәрагь неихьан. "Нива" захьӡыз амашьына шкәакәа иман. Сыхьӡ сыжәла анысҳәа "баб ихьӡуи?" ҳәа дҵааит. Манча анысҳәа иџьеишьеит. "Баби сареи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы ҳаицеибашьуан" иҳәеит. "Бымшәан, амала сырхәыр скабмыжьын" иҳәеит. Иара ахәцәа ҟалар абни и-"Нива" ала иалигарц игәы иҭан".
Уи ахаҵа лара абжьгарақәа лиҭеит, ӷәӷәала ианхысуа ҭыԥк аҿы даанымгыларц, лҭыԥ лыԥсахларц. Нас, илыцыз амедиаҳәшьцәа амардара иаҿаланы хыхь ахәы ианхала "баб ихьӡ баԥсоуп" ҳәа лықәҿиҭит Аргәын. Иара убраҟа Ламара дылбеит ауниверситет данҭаз абаҩрҵәыра лызҭоз лырҵаҩы Уарлам Арсени -иԥа (ижәла лгәалашәаӡом). Иара даниба длеигәырӷьан "убасҟан бысмыриҩыр ари былшозма" иҳәеит длафны. Ламара уи аамҭазы илыцын Лиалиа Ҳаразиаԥҳаи Зерафина Ӡаԥшьԥҳаи. Убри ашьҭахь ирцәыӡыз Рима Халбадԥҳаи Светлана Альмешевеи дареи еибаԥшааит.
Аԥсны
Светлана Альмешева: аибашьра ианналага инаркны, сара издыруан иҟасҵашаз
"Иашҭхәа ахәаҿы маҷк ҳанхеит. Ус аҭыԥҳацәа дҵас иҳарҭеит амимозаҭрақәа рганахь ҳдәықәларц. Ҳашнеиуаз атехника абжьы ҳаҳаит. Урҭ қырҭқәазаарын. Ҳаанҿасит. Дара иҳаихсуа иалагеит зуахкы уҭахыу бџьарла. Царҭа ҳмоуит. Ҳашьҭаиаӡеит адгьыл ҳҽеиуатәны. Ихәыз ҳа ҳтәык даҳԥылеит "уахь шәымцан" иҳәеит. Иахьагьы исзеилкааӡом ус изыҟалаз. Иҟалап ахацәа зегь агәырқьҳәа иҳашьҭаларц акәзар, ҳарҭ аҭыԥҳацәа уахь ҳцарц адҵа зҳауз?! Зегь ҳаԥсы ҭаны ҳанхеит. Ӡизариа имҩа ала Аҟәа ҳалалеит. Авокзал аҿы ҳааит, нас Гал аганахь ҳҿынаҳхеит. Ҵхагәҭаны аҭыԥ сгәалашәом аха, очамчырааи ҳареи ҳаиқәшәеит амҩан. "Аиааиара ҳгеит" рҳәеит, аха ҳара Галынӡа ҳцеит, ауха уа ҳаԥхьеит", - еиҭалҳәоит Ламара лхаҿы инхаз асахьақәа.
Ламара леибашьра аҭоурых ара инымҵәаӡеит. Изгәалашәо ыҟоуп усгьы, Лаҭа шрыцқьамыз аибашьра еилгазаргьы. Аамҭаказы уахь ишьҭын аерманцәа рбаталион. Ҽнак зны Ламареи Џьемфиреи ахьынхоз снеит сара. Дара аҩны иҟамызт, агәылацәа ишырҳәаз ала Лаҭаҟа ицеит. Сарҭмаҟ аашьҭысхын, ҭоуиҭадала дара ахьыҟаз снанагеит. Сыԥшызар, рҭыԥ авараҿы автобуск ццышәха игылоуп… "Уа хыхьынтә зегь убоит. Аҭыԥқәа рдыруан ашәанцәа, ихысуан хыхьынтәи. Убра ҳаштәаз "Елизовета 2- тәи илызкыз шәҟәык збан ҳавтобус сҭатәаны саԥхьон. Џьемфира дааит "баала чаик ршны ҳнахәап амла сакит" ҳәа. Сара исҭахымызт акрыфара, акыраамҭа сыҽсырххон. Аха ианылыму слыцҭыҵит. Убри ҳааҭыҵны ҳҿанынаҳхоз, аснариад автобус иаахеит, иҟәыбасагьы иагеит. Лареи сареи ҳаиқәхеит. "Быԥсы ҭанаҵы схәы ҟабҵалоит" лҳәеит Џьемфира лыбзоурала автобус сахьҭыҵыз азы. Абас аԥсра сахыԥеит", - дгьежьуеит Ламара 30 шықәса раԥхьатәи ахҭысқәа рахь.
Аԥсны
"Изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп": аветеран Руслан Ҭаниа иҿцәажәара
Аибашьра анеилга иаразнак анкьатәи лусура дазымгьежьит, ахныҟәгаразы усқәак лыԥшаауан. Иахьа Ламара Ҵәыџьԥа аус луеит лзанааҭ ала, Ареспубликатә санитартә- епидемиологиатә маҵзура алабораториаҿы. Лнапы иану афатә ахаҭабзиара агәаҭароуп. Лара дрызгәдуны рыӡбахә лҳәоит, лааигәара иҟоу аҳақьым Асҭан Аҩӡба инапхгарала COVID-19 анҳалагьежьуаз аус зуаз авирусологцәа Мактина Амҷыԥҳаи Елена Мебониеи: "Ковидгьы аӡәгьы дазыҟаҵамызт. Аԥхьа ҩыџьа ракәын авирусологцәас иҳамаз. Иӷәӷәаны аџьабаа рбеит. Игәаҟит. Даргьы чмазцәахеит. Сара сзызку ачыс ахаҭабзиара агәаҭароуп свирусологӡам, аха ҳуадақәа еизааигәоуп. Арҭ аҳәсақәа аума рылдыршеит, ишәаны рус кармыжьӡеит".
Аибашьра азҵаарахьы дгьежьуа "Агәымшәараз амедал" занашьоу Ламра Ҵәыџьԥҳа абас лҳәоит.

"Сара бсазҵаауазар, асанитартә баталионгьы ахацәа мацара рыла иҟасҵон. Аԥҳәыс лзы иуадаҩуп аибашьраҿы аҟазаара. Аԥҳәыс амч усҟак лымаӡам, аха аԥҳәыс агәаӷьра ду лымоуп. Ахацәа ргәы анҭрысуазгьы ыҟан, аха сара исыцыз мшәаӡеит. Аԥҳәыс арра ацара луалӡам, аха лыҩны ашәхымс даадәылҵны аибашьра данца нахыс, иаразнак еилкаауп уи дышгәымшәоу".

Сынтәа Аиааира 30 шықәса ахыҵуеит. Аибашьра аамҭазтәи аидеиақәеи, иахьатәи аԥсҭазаареи еиҿыбааны дрызхәыцуа Ламара Ҵәыџьԥа абас лажәа хлыркәшеит: "Иахьатәи аамҭа атәы сҳәозар, аполитика салацәажәар сҭахым аха, иаҳбоит агәынамӡарақәа рацәоуп. Аибашьра ицоз зцоз ақырҭқәа ҳариааины, ҳхала аԥсҭазаара ишаҳҭахыу еиҿааҳкаауеит ҳәа акәымзи? Ҳамгәыӷуази ҳаԥсҭазаара бзиахоит ҳәа? Зынӡагьы ицәгьоуп узҳәом аԥсҭазаара, аха зегь рыла ҳаиӷьзар ауан…".
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.