Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҳаблақәа, ҳлымҳа, нас абинокльқәа ҩба": ианвартәи ажәыларазы аветеранцәа ргәалашәарақәа

© Foto / предоставила Элеонора КогониаАнзор Гугуипа и собака Дамсик
Анзор Гугуипа и собака Дамсик - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2023
Анапаҵаҩра
1993 шықәса ианвар 5 рзы Гәымсҭатәи афронт ала аԥсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахақәиҭтәра. Урҭ амшқәа аибашьра аветеранцәа ишыргәалашәо атәы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭаҿы.
Ашықәс ҿыц ҳҭалеит. Ԥхынҷкәын анҵәамҭеи ажьырныҳәа алагамҭеи ԥхны мшык еиԥшны амра кахха ицоит ҳазҭагылоу аамҭазы. Шьҭахьҟа иҟоуп аныҳәатә аишәархиара, афеирверкқәа.
Есышықәса ажьырныҳәатәи аԥсшьаратә аамҭақәа рзы аҩны ҳанаатәалак, ҳазыхынҳәуеит 1993 шықәсазтәи ианвартәи ажәылара. Абар иҵит 30 шықәса иқәҿиармхаз ианвар 5 рзы аԥсуа архәҭақәа имҩаԥыргаз арратә операциа мҩаԥысижьҭеи. Иқәҿиарамызт ҳәарада, аха уи ԥышәаран. Абарҭ ахҭысқәа рзы уажәааны аспикерцәа рыԥшаарагьы мариам, ԥсшьарамшқәоуп, дасу рыҩны аныҳәа иаԥылоит. Убри аҟынтә, раԥхьаӡа акәны сыԥшәма Анзор Гәыӷәиԥа "иҿахәы иҿысхырц" сыӡбеит уи амш иазкны, иара убас, ҭелла сиҿцәажәеит урҭқәа рылацәажәара уамак иақәшаҳаҭмыз акомандир Нодар Ҵәыџьба. Сара зны заҵәык снеихьан аибашьра аамҭазы Абылрахәы (Верешьагьин ихәы) ҳәа ззырҳәоз ахәы акәаԥраҿ иҟаз аԥшыхәратә гәыԥ ахьтәаз.
© Foto / предоставила Элеонора КогониаГора Верещягина
Гора Верещягина - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2023
Гора Верещягина
Усҟан ԥхынран, амш бзиан. Сахьхалаз исықәшәеит уи агәыԥ командаҟаҵаҩыс иамаз сҩыза асахьаҭыхҩы Нодар (Ӷыҷа) Ҵәыџьбеи усҟан сзеиҽырбоз Анзор Гәыӷәиԥеи (Чепиа). Дара ахьтәаз аҭыԥ ахь ирлас-ырласны ихалон аруаа иртәыз амашьынақәа, ажәакала аибашьцәа ирҿахырсҭаз мҩан уи. Саннеи игәасҭеит аибашьра ацәаҳәа унапсыргәыҵа иқәызшәа иубоз аҭыԥ шакәыз. Усҟан амш каххаа иҟан. Аха, иахьа иаҳгәалаҳаршәо ажьырныҳәа 5 1993 шықәазтәи амш азы асы шьҭан шьамхахьы, анаҩстәи амшқәа рзгьы иааҟәымҵӡакәа илеиуаз Абылрахәы иҷаԥшьоз маҟҿаҳәаранӡа асы иҭанасит.
1993 шықәсазтәи ашықәс ҿыц сызлацәажәо аԥшыхәратә гәыԥ Верешьагин ихәаҿы иаԥылон. "Ҳсасааирҭаҿ" ҳааидтәалан ҳаибаныҳәеит. Амца зҭарҵоз печкак гылан, амҿы ҳахьындәылҵуаз иҟан усгьы. Афронт аҿы зегь ирфоз ҳфон, аха ҳаишәаҿы иқәын асмена ашьҭахь иаауаз ихаргалаз ачашәқәа", - абас игәалаиршәоит Анзор 1993 шықәсатәи ашықәс ҿыц. Акомандир Нодар Ҵәыџь 30 шықәса раԥхьатәи ашықәс ҿыц дахлафаауа абас ахиҳәаауеит: "Ашықәс ҿыц азы Адгәыр Џьениа адәахьы аҷаԥшьаразы дҳашьҭит патронала деиқәыршәаны. Асааҭ 12 аныҟала изхара дхысын зегь ҭарцәны аблиндаж дааҩналеит. Еиҭа схаҿы инхаз - абри Анзор аҭаҭын афильтр змаз "Конгресс" иман убри аамҭазы, ҳара "Астра" ҳахон. Ҳаниҳәалакгьы акака ааҳиркуан. "Астра" ҳгәы аныԥнаҵәалакгьы, еиҭах Анзор аҭаҭын цырақәа ааҳиркуан". Ари азы Анзор игәаанагара абас иҟоуп: "Аибашьра ианалагаз исымаз аԥара рацәамызт, Гәдоуҭа адәқьанқәа рҿы афильтр змаз сызхалоз аҭаҭынқәа аасхәеит. Агьама дсырбарц цырак, цырак нарысҭон. Ашьҭахь ҳара "Токат" захьӡыз аҭырқәцәа иҭрыжьуаз ҭаҭынк ааганы иҳарҭон, уи ахәара-хәара ҳәа ҳареимҳәон…".
© Foto / предоставила Элеонора КогониаАнзор Гугуипа и Нодар Цвижба
Анзор Гугуипа и Нодар Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2023
Анзор Гугуипа и Нодар Цвижба
Зыӡбахә сымоу агәыԥ еиднакылон иара убас актиор Рауль Ақаҩба, Адгәыри Асҭамыри Џьениаа, арежиссиор Валери Ақаҩба уҳәа ааҩык рҟынӡа. Асду ззырҳәоз ауит урҭ амшқәа рзы. Лбаа усҟак ирацәамзаргьы, Абылрахәы ӷәӷәала ишьҭанаҵеит. Хьҭан, ӡны мшқәан, аха еибашьран, абри зегь рхыргар акәын. Ԥшыхәга мыругақәас ирымаз азы сыԥшәма абас аҭак сиҭеит "Ҳаблақәа, ҳлымҳа, нас абинокльқәа ҩба". Иара ишиҳәо ала, уантәи ибзианы иубарҭан ҳаӷа инеиааирҭақәа, нас дара ркомандаҟаҵаҩцәа ирарҳәон.
Ианвартәи ажәылара аан, акомандаҟаҵаҩыс иҟаз Сергеи Дбар иакәын. "Ажәылара аналгоз уахь дхалеит иара. Афронт аҭагылазаашьа гәеиҭеит, архәҭақәа драцәажәеит. Ажәылара хԥаҟа минуҭ шагыз "шәаала ҳаицәажәароуп" иҳәан иҳазгылаз ақьалахь ҳнеиԥхьеит. Ӷыҷа уа Дбар ивараҿ даанхеит, егьырҭ рыҽшаны иахьтәашаз ааиҳәоны, ӷәӷала РБУ, Д-30 захьӡыз артиллериатә мчқәа рыла Абылрахәы аӷа иақәкны дхысуа далагеит Ҷанба амҩаду Бырцха аҳабла аҟынтәи. Хәбаҟа метра ҳахьтәаз иахысит, аӡәгьы имаахаӡеит", - иҳәоит Анзор.
Ҭелла сзацәажәоз акомандаҟаҵаҩ Ҵәыџьба иакәзар абас игәалаиршәоит уи амш: "Маҟҿаҳәара асы ҳалагылан усҟан. Аблиндаж ҿыц аҟаҵара ҳгәы иҭан, убри азы қьырсҭа дук ааганы аус ҳалагарц хәшьадны иҳаман урҭ амшқәа рзы. Дбар дааит ауха ихәланы асааҭ 10 шыҟаз. Уаххьафара ҳаҿын. Иара исеиҳәеит ажәылара ҳалагоит ҳәа. Уаанӡа акгьы ҳаздыруамызт, аԥхьа баша дыхәмарны иҳәоз џьысшьеит. Ажәылара ианалага лашара ыҟамызт, лашьцаран. Ашара ианалага ауп ҳа ҳтәқәа иршьҭуаз аснариадқәа ахькаҳауаз ҳбо ҳаналага".
Гумиста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2024
Аԥсны
Ҳаибашьцәа зыӡрыжәыз: Ианвартәи ажәылара аахыс 31 шықәса ҵит
Ажәылара иалагаанӡа аӷа идәықәиҵаз артиллериатә хқәа рзы Ҵыџьба абас сеиҳәеит : "Ҳәашьа сзаҭом ақырҭқәа иҳажәырҵаз ахқәа рымчхара зеиԥшраз атәы. Адунеи еиҟарартәит, аха ҳара аҽыҵәахшьа аус бзиа иаҳдыруан (дыччоит). Ҳара уаанӡа иҳаздыруамызт ажәылара иалагоит ҳәа. Иҟалап маӡала иалагарц ргәы иҭазтгьы, аха ҳаӷа иԥшыхәра ианаҳәахьазар акәхарын, Абылрахәы еиҟарартәит иаарышьҭуаз аснариадқәа рыла". Ишаҳбо ала, Нодаргьы ишьақәирӷәӷәеит Анзор еиҭеиҳәо - ҳара ҳтәқәа алагаха рымҭакәа ақырҭқәа заа ишаарышьҭыз рыхқәа ҳжәылара аиԥырҟьаразы. Ҵәыџьба Дбар ажәылара ишалагоз анреиҳәоз игәаларшәо иҳәеит акомандаҟаҵаҩ дшыгәаҭеиуаз, абжьааԥны иҭынчыз шиакәызгьы. "Ҳара ҳкоманда хаҭала Дбар инапаҵаҟа акәын иахьыҟаз. Имаӡаз аинформациа еимаҳдон. Афронт ацәаҳәаҿы ҳаӷа инеиааирҭақәа зегь ҭаҳҵаауан, афронт аиҿкааҩцәа ҳәа ҳзуҳәар ауеит", - иҳәоит Абылрахәы иҟаз аԥшыхәцәа ркомандаҟаҵаҩ.
Ианвартәи ажәылара иацу ахҭысқәа рахь дгьежьуа Анзор игәалаиршәеит аӷа Абылрахәы адагьы егьырҭ аԥсуа хырӷәӷәарҭақәа дышрылахысуаз: "Убри ауха аӷа бзарбзанла деихсит Ҩадахьтәи Ешыра (абсерваториа) ҳәа изышьҭаз ахәы аҵаҟаҵәҟьа абнаршәырақәа руак аҿы аџьаԥҳаны ахьыҵәахыз. Ишысгәалашәо ала, фышә рҟынӡа артиллериатә снариадқәа ҭаирхеит. Ҳаӷацәа ажәылара алагамҭаз иҳаларҵазаргьы, ҳара ҳартиллеристцәагьы ӷәӷәала аус руит усҟан. Аибашьцәа дәықәлаанӡа атактика ишаҳәоз ала, аԥхьа артиллериа аӷа ихырӷәӷәарҭақәа иӷәӷәаӡаны ирылахысит. Уи зыҟарҵоз ҳаибашьцәа рԥынгылақәа маҷхарц азыҳәан акәын. Иахьа сахьазхәыцуа ала, аӷа ҳгәы иҭаз идыруан аҟынтә, иаргьы иҭыԥқәа џьара-џьара аԥсахра дахьӡахьан".
Тенгиз Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2021
"Аибашьра сыԥхыӡ иалоуп": Ҭенгьиз Бганба Ианвартәи ажәылара игәалаиршәеит
Сара исымоуп еснагь схахьы иааиуа азҵаара, избан ас амшцәгьақәа раамҭазы аԥсуаа ажәылара зхацдыркыз даара зыҟаҵара дук рымамкәа? Анзор убри азы абас дхәыцуеит: "Аибашьраҿы ажәыларақәа ыҟазароуп, аӷа "уԥсы шҭо идырырц" азы. Аибашьраҿ ажәылара зны алҵшәа унаҭоит, зны иҽеихом. Ажәылара иунарбоит умчи улшареи, иугуи иубзои. Анаҩс азы еиҳа уҽазыҟауҵоит. Иара убри аан уазхәыцлароуп уаӷагьы дшыцәам. Усҟан ҳара ҳаибашьцәа раԥхьатәи аибашьратә цәаҳәа иахысит (аӡнырцә ахықә), аха аҩбатәи Лечкоптәи аплато ахь изымнеиӡеит, иазааигәахеит аха… Ацхыраара рмоуит аршьаҟауаа рыла. Сара гәынхәцысҭала исныруан уи ажәыларҿы ҳара ҳшазымиааиуаз. Аԥхыӡгьы збахьан ақырҭқәеи сареи ҳаиҿахысуашәа нас, напышьашәала ҳаилалазшәа. Сышьҭахьҟагьы саԥхьаҟагьы цашьа сымамкәа сынхазшәа. Уи аҩыза аԥхыӡ збеит марттәи ажәылара аԥхьагьы…".
Аԥсуа артиллериагьы ӷәӷәала аус ауан уи амшқәа рзы, урҭ рӷьырак Абылраахәы итәан. Иара убас, ПВО (ажәҩантә ҳауатә хыхьчага) ззырҳәо агәыԥгьы ыҟан, уи хылаԥшра азҭоз Олег Чмельи Сурам Жьибеи ракәын. Анзор ишиҳәо ала, абзарбзанқәеи амина аршәгақәеи рацәакгьы рымамызт ҳа ҳтәқәа, Гагратәи ажәылара ашьҭахь ақырҭқәа ирцәынханы инхаз акәын излеибашьуаз. Усҟантәи ажәыларатә мшқәа рымшцәгьа ҳазыхынҳәуазар, уи ашьҭахьгьы аҷаԥшьара зуалыз ҳаҷкәынцәа аҵааи аси идырҿиоз ахьҭа шрылсуазгьы ҩымчыбжьа еиԥмырҟьаӡакәа р-смена нарыгӡон. "Уахык зны саныҷаԥшьоз исгәалашәоит асду ишьҭаз алсра шыуадаҩыз. Метраки жәа сантиметраки рҟынӡа асы шьҭан. Хәымзи аԥшагьы ықәсуан цәгьа. Аха сыҷқәынан, исхызгон", - ихәоит уажәы згәабзиара акыр иуашәшәырахахьоу сыԥшәма. Аԥсҭазаараҿы амыҟәмабарақәа дышрықәшәахьоугьы асахьаҭыхҩы-аибашьҩы Нодар Ҵәыџьба даара алаф иҳәоит, ихгьы ахлафаашьа идыруеит. Ианвар мза 1993 шықәсазы асы узлалсуааз Абылрахәы ахәаҿы ҳәа саниазҵаа: "Анзор ддумзи саԥхьа дцон асы ԥуа аграпара алидон, сара сишьҭан", - иҳәеит. Абылрахәы иқәтәаз ҳаԥшыхәцәа ирыман ҩыза бзаик. Нодар Ҵәыџьи сыԥшәмеи анааидтәало иргәаладыршәит уи.
Сызлацәажәо "аԥшыхәҩы" ала Дамсик ауп. Иҟоуп уи шьақәзырӷәӷәо афотоҭыхҩы Витали Қьецба иҭихыз афотосахьагьы. Дамсик Абылрахәы иқәҵыз аерман ҭаацәара иртәын. Ахьчала Дамсик ҳаԥшыхәцәа рахь ихалеит, дара ирыцыԥшыхәуан, ирыцеибашьуан ҳҳәар ауеит. Тәымуаҩык дабар иаразнак ашра иалагон. Уахынла аҷқәынцәа ирыцҷаԥшьон. Зныкгьы аҩныҟа имцеит. Ахысрақәа анцоз, аӷа иааишьҭуаз ахқәа ахәы ианықәҳауаз Дамсик ҵаруа аблиндаж иҭаланы аҽаҵәахуан. Ҳара ҳтәқәа наҟ ианхысуаз ахәы иқәын аҵыхәа ршәшәо. Абас иҟәышын Дамсик аветеранцәа ишырҳәо ала. Злаф злыжжуа иҟоу Нодар Ҵәыџьба Дамсик иахьагьы игәалашәоит гәыблыла: "Дамсик – сара исеиԥшын, ианхысуаз аблиндаж иҭалон", - иҳәоит аҟыр-ҟырҳәа дыччо.

Аибашьра анеилга Дамсик уа инхеит аԥшәымацәас анкьа иамаз рыгьежьра иазыԥшны… "Аибашьра еилгазар уахь схамлаӡац. Исҭахуп сҩызцәа срыцны сцарц. Емма Хәаџьаа убри ахәаҿы афильм ҭылхуан аабыкьа. Убри сыҷкәынгьы далан. Убра иахьнеиз Дамсик еиԥшыз лак рбан асахьа ҭыхны исзаарагеит. Уамашәа иубаратәы еиԥшуп, ииашоуп аамҭа цеит уи иара акәхарым, аха зегь акоуп символшәа уи ахәаҿы ахьчала ыҟоуп", - ҳәа иажәа иалоуп Ӷыҷа ҳәа ахәыҷыхьӡ змоу Ҵыџьба.

Иахьа ҳазлацәажәо 30-шықәса раԥхьатәи арратә оперцаиа иазкны архивтә хыҵхырҭақәа ишырҳәо ала иҭахаз рхыԥхьаӡара 31-ҩык рҟынӡа инаӡон, иара убри аан 23-ҩык ҳаибашьцәа рыԥсыбаҩқәа аӷа импыҵеихалаз аҭыԥ аҿы иаанханы иҟан. Хашҭшьа змам хҭысуп, аԥсыбаҩқәа андыргьежьуаз аламҭалаз цәгьаԥсышьа зҭаны зыԥсҭазаара иалырхыз аибашьцәа шыҟаз. Ари аибашьра аԥҟарақәа ирыҵарымкуаз акәын, аха... Усҟан аԥсуа телехәаԥшра аинтервиуқәа азҭоз аусӡбарҭа амедекспертцәа ишьақәдырӷәӷәеит уажә еиҭеиҭасҳәо ахҭыс хлымӡаах. Абылрахәы иқәтәаз аԥшыхәцәа усҟан уалны ирыдын ҳаԥсыбаҩқәа арахь раагаразы ицаз рымҩа шәарҭара ацу иацму ахылаԥшра, ишысҳәахьоу еиԥш уантәи зегь убарҭан. Ианвартәи аӡын ӷәӷәан усҟан, аха еибашьра иҟаз рзы уи ԥынгыламызт. Анаҩстәи ажәыларатә операциақәа хәшьадуа аԥсуа командаҟаҵаҩцәа Аиааира аагара иазхәыцуан, аҵыхәтәантәи Аиааира ҳзаазгаз ажәылара акәзар, зынӡа маӡала иҟаҵан, ҳаӷа уи ҳгәы ишҭаз илымҳа иҭамсырц азы. Аибашьра ԥышәароуп. Ианвартәи ажәылара аԥсҭбара ӷәӷәа шаҳзаанагазгьы, анаҩстәи ҳиаараҿы ароль ду нанагӡеит…. "Ҳәарада уи ԥышәара дуун. Ҳара ԥҳьаҟа иҟаҳҵоз ҳшьаҿақәа зегь аӷа иҭра дыҭнаҟьон. Иахьысҳәо иашмазаргьы ҟалап, аха ҳара усҟан еибашьыга техникала ҳазлаӷәӷәамыз ала, ауаа ҳацәҭахон. Уаҩытәҩысатә ресурсла ҳхы ԥаҳшәон, даҽа мҩак ыҟамызт", - иҳәеит Нодар Ҵәыџьба абри дазхәыцуа.
Абас иҟоуп Ианвартәи ажәылара аамҭазы Абылрахәы иҷаԥшьоз ҩыџьа аветеранцәа ргәалашәарақәа… Ӡны мшын, маҟҿаҳәара асы илагылан…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0