Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Светлана Альмешева: аибашьра ианналага инаркны, сара издыруан иҟасҵашаз

© Foto / предоставила Элеонора Когония Светлана Альмешева
Светлана Альмешева - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз 29 шықәса ирҭагылаз аԥҳәыс 11 шықәса зхыҵуаз лыҷкәын хәыҷы длыманы лхала аҩны дыҟан. Лыԥшәма аԥсуа гвардиа далан, аҩны дыҟамызт. Аҩбатәи лыҷкәын 10 шықәса зхыҵуаз Кәтол ланхәыԥҳа лҿы дыҟан. Светлана Альмешева "Владимир Ленин" ихьӡ зхыз Гәылрыԥшьтәи асовхоз аҿы луадаҿы дыҟан. Лара дзыцәшәоз лхәыҷы иакәын, уи аҵәуара длагеит ахысра ианалага. Аԥҳәыс дахьынхоз даара ирацәаҩын ақырҭқәа. Илура лзымдыруа дшыҟаз, класск аҿы аҵара лыцызҵоз Рома Миргатиа иформа ишәҵаны дааит лара лҿы. "Бхаҵа аԥсуа аруаа дышрыцыз рбеит, ара ишәарҭоуп ба бзы баала балызгоит" ҳәа леиҳәеит. Светлана уи рацәак игәра лымгеит, избанзар иформа ишәхазза дара ақырҭқәа дышрыдгылаз ҩашьомызт. "Сымцеит. Аӡә игәра уго иҟамызт", - азы лҳәоит Света уи амш хлымӡаахқәа лгәаларшәо.
© Foto / Марина Барцыцԥҳа лархивСветлана Альмешева
Светлана Альмешева - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Светлана Альмешева
Абас лыҷкәын хәыҷы Нарсоу дышицәшәозгьы ҩымшҟа аҩны лҽыҩнакны дыҟан аԥҳәыс. Аибашьра ҟалаанӡа Светлана аус луан аԥсшьарҭа ҩны "Агәыӡера", аха 1989 шықәсазы аидысларақәа аныҟала, аиҳабы дақырҭуан азы, аусура дамырхит аԥсуаа рҭаца Светлана.
Лыԥшәма д-Кәарҷиоуп Баҭал ихьӡуп. Лара ақырҭуа милаҭеилыхратә политика закәыз дхәыҷаахыс илдыруан. "Санхәыҷыз сани саби еилыҵит. Сара сан даурысын, лара лоуп ҳзааӡаз ԥшьҩык ахшара. Саргьы саурсыуп ҳәа схы сыԥхьаӡоит, аха Гәылрыԥшь аԥсуа школ сҭан, аԥсуаа срылааӡан сҳәар ауеит", - илгәалалыршәоит Светлана Альмешева лнысымҩа.
Избан ари аԥҳәыс лҭоурых зцәырызгаз? Светлана Альмешева Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра даветерануп. Усҟан лара ҩыџьа ахәыҷкәа шлымазгьы, акгьы дыннамыкалакәа дцеит еибашьра. "Аибашьра ианналага инаркны, сара издыруан иҟасҵашаз, аха схәыҷкәа рҭыԥ иқәысҵаанӡа уи нагӡашьа амамызт", - еиҭалҳәоит аветеран планс ишьҭылхыз, нас уи дшазнеиз.
Аибашьра ҩымш, хымш ахылахьаны аинрал Владимир Аршба лара дахьынхоз илышьҭаҵаны инаишьҭит далызгашаз аԥсуаа. Света ишеиҭалҳәо ала, лыԥшәмеи Владимири еиҩызцәан, ар усқәа рнапы рылакын, ҭаацәаныла еиҭанеиааиуан.
© Foto / предоставила Элеонора Когония Светлана Альмешева
Светлана Альмешева - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Светлана Альмешева
"Владимир Аршбеи сыԥшәмеи Тҟәарчал иҟан уи аамҭазы. Едик Дараселиа захьӡыз ауаҩы аӡҩыбжьатәи ҷкәынак дицҵаны ҳалыргарц иааишьҭит. Шьыжь шаанӡан. Сара акурортницацәа реиԥш сҽеибыҭаны схәыҷы даашьҭыхны ҳдәықәлеит ақырҭуа гвардееццәа слаԥшықәрымҵарц. Ахәыҷы дшәон 11 шықәса ракәын ихыҵуаз. Гәылрыԥшьтәи амҩаду ҳанылеит шьапыла Дранда аганахь ҳхы рханы, Аӡҩыбжьанӡа ҳнаӡар акәын. Аеропорт ахь узлабжьалоз амҩаҿы ақырҭқәа р-БТР гылан. Сшәеит аиашазы. Схәыҷы сицәшәеит. Сызгоз исыцыз аҷқәынцәа, агвардееццәа дырҩашьарц инарыдгылан аҭаҭын иаҳәеит. Аӡҩыбжьатәи аҷкәын иҳацыз ақырҭшәа идыруан (ихьӡ сгәалашәаӡом). Урҭ еицәажәонаҵы схәыҷи сареи ҳаиасит. Нас Дранданӡа ҳнаӡеит, аха дырҩагьых ақырҭқәа ҳнарылашәеит. Ус "жигули" иақәтәаз ақырҭуа жәла змаз, зан даурысыз ҷкәынак дҳахьӡеит. Иара дыздыруан сара. Амашьына ҳанҭаиртәан Аӡҩыбжьанӡа ҳаигеит. Вова Мишелиа иҩны ҳнаргеит".
Сажәабжь зызку ишылҳәо ала, Мишелиаа рыҩны аԥсуа штаб ҟаҵаны ирыман. Уахык уа иаанхеит лхәыҷи лареи. Хықәкыс иҟаз, излауала аԥҳәыс лхәыҷи лареи Тҟәарчалҟа рдәықәҵара акәын. Вова Мишелиа ҷкәынцәақәак лыцҵаны, шьапыла, бнала зҳәаз еиԥш, Ахалдаба иалганы Тҟәарчал амҩақәа руакы рҟынӡа инаскьаргеит. Света еиҭалҳәоит уи амҩа ашәышықәсақәа рнысра ишаҩсуаз, шаҟа ишәарҭаз.
© Foto / предоставила Элеонора Когония Светлана Альмешева
Светлана Альмешева - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Светлана Альмешева
"Вова Мишелиа дҭахеит нас. Дыршьит. Даара сгәы далоуп. Дуаҩ бзиан. Уахгьы ҽынгьы ҳныҟәон, убас Тҟәарчалынӡа ҳнаӡеит. Авоенкомат аҿы ҳнеит. Вова Аршба ҳаибганы ҳаниба длаӷырӡышо ишьамхы арсны саԥхьа дгылеит. Убас деигәырӷьеит. Сыԥшәмагьы ҳаниба игәы ԥшааит. Жьҭаарамза акәушәа исгәалашәоит уи аамҭа. Тҟәарчал ҩымчыбжьа раҟара ҵуан сыҟеижьҭеи. Аҩны сызтәомызт, сыԥшәма иҭынхак уа акрыфарҭа лыман. Ахҵәацәа рацәаҩын крырҿаҵатәын азы слыцхраарц дсыҳәеит. Акәац ыҟан, арахә шьны иааргон, аха ача ыҟамызт. Крызҿаҵатәыз рацәаҩын. Нас, сара афатә амарҭҳә схәыцит. Акәац кылхны, аџьықәреи лаганы ирцәаакны икылысхуаз акәац иналаҵаны акатлетқәа сӡуан. Цәгьа ихаан. Мызкы сыҟан уа. Схәыҷы Кәтол иҟазгьы дааргеит. Нас, вертолиотла Гәдоуҭаҟа ҳцеит", - илгәалалыршәоит Тҟәарчал лыҟазаара иадҳәалоу адаҟьақәа.
Света илҳәеит авертолиот аҿы дышрыцԥыруаз афото-корреспондент, Аԥсны афырхаҵа, Аиааира абла аҭаԥшра иахьымӡаз Андреи Соловиов. Ԥытрак ашьҭахь аибашьраҿы еиҭеиқәшәеит дара. Абар уи лара ишеиҭалҳәо:
"Нас, Ахбиук саныҟаз дызбеит Андреи. Ишьаз иеимаа ҵыбгеит. Иара ишьапы дуӡамызт, сара 39-тәи ныҟәызгон. Исҭеит сеимаа. Сара даҽа еимаак сыман. Даара сгәы снархьуеит аиааира дахьахьымӡаз уи акорреспондент. Маҷӡак ауп инхаз иара данҭахоз аиааира ҳгаразы".
© Foto / предоставила Элеонора Когония Светлана Альмешева
Светлана Альмешева - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Светлана Альмешева
Света лхәыҷқәеи лареи Бамбора аеропорт аҟынтә иргеит уи аамҭаз уахь ииасхьаз Владимир Аршбеи лыԥшәмеи ахьынхоз аҩнахьы. Света дашьҭалеит аибашьра ианналага нахыс планс ишьҭылххьаз анагӡара. Ддәықәлеит Донецктәи аобласт иаҵанакуаз Краматорск ақалақь ахь.
"Саҳәшьа Краматорск дынхон. Уа схәыҷқәа аӡы иӡаазххьаз ҳгәакьацәагьы ыҟан. Сыԥшәма иасҳәеит схәыҷқәа сыманы саҳәшьа лахь сцоит ҳәа. Схәыҷқәа уа саҳәшьа лҿы иаансыжьын, хатәгәаԥхарала аибашьра аара зҭахыз хҩык аҷкәынцәа аашьҭыхны Аԥсныҟа сгьежьит. Урҭ аҷкәынцәа рыхьӡқәеи рыжәлақәеи цқьа исгәалашәом. Руаӡәы Вова Шелест ара дынхоит, егьы Саша нас аибашьра ашьҭахь ақырҭқәа дыршьит уа Краматорск….", - еиҭалҳәоит аветеран уажәшьҭа 30 шықәса ирықәу ажәабжь.
Абасала, афырԥҳәызба лхәыҷқәа рҭыԥ иқәҵаны лыԥшәма дахьцаз иамҳәакәа афронт аганахь лхы лырхеит. Изицәылӡаз уи ауп, ахәыҷқәа змаз аԥҳәыс длыцәшәон хымԥада, дцарц иҭаххомызт.
"Вианор Ашба игәыԥ "Горец" ахь снанагеит. Сҟазшьа зеиԥшраз ала издыруан аибашьра сышцоз. Ԥхынгәымза 1993 шықәсазы Шрома сшыҟаз ауп, Римма Ҳалбад хыхь Ахбиукынтәи шәа шәҟынтәи данылбааз. Лара исалҳәеит шәа шәахь сиасырц. Сара лара лыгәра згеит. Убри инаркны аерманцәа рбаталион аҿы саанхеит", - абасала Света ҳара ҳаибадырра амш дазааигәахеит.
© Foto / предоставила Элеонора КогонияЕлеонора Коӷониаԥҳаи Светлана Альмешевеи
Елеонора Коӷониаԥҳаи Светлана Альмешевеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Елеонора Коӷониаԥҳаи Светлана Альмешевеи
Сара ибзиаӡаны исгәалашәоит уи амш. Ԥхынгәы 4, 1993 шықәсазы Ахбиук аԥсуа вертолитот анҭаха ашьҭахь, ҳара ҳазлаз аерманцәа рбаталион Ахбиукҟа идәықәырҵеит. Уаҟа авертолиот аԥҽыхақәа каԥсан, аԥсыбаҩқәа зегь шьҭырххьан ҳара ҳанхала. Арыцхә сгәалашәом, аха ҽнак зны Римма Ҳалбад ӡыржәтәк аалгарц ҵаҟа Шромаҟа дылбааит (хыхь аӡы ыҟамызт). Ԥыҭрак дынхеит. Данхалоз длыцны дааит ԥҳәыс ԥшӡакы. Римма илҳәеит иахьарнахыс Света ҳара дҳацзаауеит ҳәа. Уи адагьы, иахьылыԥшааз сеидроу Римма ихалгалеит ахцәқәа рхырффара иазкыз журнал бзиак, амаркатылгьы надкыланы. Римма ахцәыхҵәашьа лдыруазаарын, абаталионуаа парикмахерра рзылуан. Убри аамҭа инаркны сажәабжь ззыскыз Светеи сареи ҳаицәымӡқәа аимадара ҳамоуп.
Исҳәарц сылшоит Света еибашьра зыгәра ганы узыццо уаҩны дшыҟоу. Аибашьраҿгьы, иара аҭынч ԥсҭазаараҿгьы еснагь дыгәрагоуп. Светлана аибашьра адаҟьақәа еснагь раартрагьы дазыхиам. Иуадаҩуп лара лзы урҭ ргәаларшәара. Ус акәзаргьы, ишәыдызгалоит исалҳәаз акы-ҩба.
"Убас иҟалеит, ҳара ҳмина дахаԥжәеит аурыс сапиор. Ихьӡ сыздырӡом, Питертәын. Ацхыраара исҭар акәхеит. Иҩшьапык хнаҵәеит, аха ацәа иакын. Амыркатыл сзаажәг сҳәан ицагәыз ак сдыркит. Хәлахьан. Аха лашарак сҿаҷҷеит уи аамҭаз. Егьи Тали Џьапуа ҳҭылхуазаарын акамера ала. Ажәакала, ишьапқәа амысхыр акәхеит изкыз ацәа хҵәаны смаркатыл цагәала. Ишьапқәа аҷкәынцәа анышә иарҭеит. Сыӷәӷәаз џьысшьон, аха ус акәымзаап. Абри еиҭасҳәаз ахҭыс ашьҭахь сыци сышәи еихамгыло сааҟалеит. Сыцлымҳәа ҵысуан, сҽысзеиқәкуамызт. Акасы схан Ахра Џьынџьал ихаз абжа ԥжәаны исиҭахьан. Нас, скасала схысҿы ааихаскит. Ус ҷкәынак дааит. Сихәаԥшызар Дамеи Кәыҵниа иакәын. Дыҩны дцан абаклажка ааигеит. Нас, ахы аалаирхан аспирт сҿы инҭеиҭәеит. Убри сааиқәнакит. Нас, уи абаклажка сара исиҭеит, сахьцалакгьы исыцын. Ихәыз асапиор иԥсы ҭан агоспиталь ахь дыргеит. Абри зегь Шрома ауп иахьыҟалаз", - лҳәоит Света илхамышҭуа ахҭыс еиҭаҳәо.
© Foto / Тали Џьапуаԥҳа лархивСветлана Альмешева
Светлана Альмешева - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Светлана Альмешева
Аветеран Альмешева абарҭқәа рыдагьы, алахҿыхра зцу аҭагылазаашьақәа дышрықәшәахьазгьы лхалыршҭуам:
"Шрома ҳаҟан Ҟаитан Жанна, Џьулетта Лакоба, Марина Гәымба сара. Шрома ҭадырцәхьан усҟан. Ҳара аӡӷабцәа ҳахцәы ҳҿашыр ҳҭаххеит аӡы аҟны. Ашампунь ҳашьҭалеит. Абџьаргьы ҳацын. Ҩнык аҿы ҳнеит. Ус ҿаҳҭит "О, Валико, Шьаликәа аҩны дыҟоума?" ҳәа ақырҭқәа ҳрацәажәошәа. Ус аҩнаҟынтәи абжьы геит "Дома, дома заходите" ҳәа. Даԥсуазаарын, аха азнаказ ҳгәы ҭҟьеит. Иаргьы ацхыраара лас амашьыназы маҭәахәык дашьҭалан днеизаап уи аҩны ахьы. Ашампунь ҳмоуит, аха асапын ҳаԥшааит".
Даара имариамыз мҩан аветеран ишеиҭалҳәо Аҟәа ахақәиҭтәра. Ачадара "Асаркьа" ҳәа иахьашьҭоу рбаталион амацәаз иҭеикит аӷа. Ахысреи атҟәацрақәеи аныӷәӷәаха рҽырыԥсаҟьеит, Света дызлаз даҽа 8-ҩык рҟынӡа џьарак иаанхеит. Абар Света уи шылгәалашәо:
"Ақырҭқәа рыбжьқәа ҳаҳауан, убас иааигәан. Ари анызба даҽазнык ани Шроматәи сгәыҭҟьара иалагеит, ҳаҭҟәаны ҳаргар ҳәа сацәшәеит. Сбаклажка еиҭа исыхәеит, аспиртгьы насыхәласҭәеит, - дыччо еиҭалҳәоит Света. Иҳалахысуа ианалага сааигәа иҟаз Римма Ҳалбад дҳәазаны џьара дцо далагеит. Лықәҿысҭит, аха аҭак ҟалҵом. Саргьы сҳәазаны слышьҭалеит. Сыԥшызар, адгьыл иаласаз асетка аҵаҟа анышә абӷьаҭра даҿуп. Даасырҳәын иӷәӷәаны сылҿасит. Сара аԥхьа исзеилымкааӡеит зҿылымҭуаз. Лара аконтузиа лнаҭазаап илываҳаз артҟәацга".
Аҭагылазаашьа шәарҭан Света ишеиҭалҳәо ала, рҩызцәеи дареи еицәыхҟьеит, арахь аӷа имацәаз иҭакын. Света дшәон итҟәаны иганы иргәаҟны иршьыр ҳәа. Лара хашҭшьа лымам зыжәла лгәаламшәо рбаталион иалаз Ервант иреиҳәаз ажәақәа:
"Аӡӷабцәа шәымшәан аграната ҳамоуп, ҳарго иалагар ҳҽааизакны ҳаҽԥаҳжәоит ҳатҟәаны ҳаргар аасҭа", - ҳәа.
Аха, ицоз ажәыларақәа рҿы ҳра ҳтәқәа ирылшеит аӷа инаскьагара. Цугуровка ашьапаҿы Иашҭхәа узлацо ала, дара Аҟәа иалалар акәын. Ауха уа иԥхьеит.
"Ҳара ҳазлалбаашаз амҩа уадаҩын. Аминақәа ыҵан. Ус ҟабарда ҷкәынак ҳа ҳахь днеит. Ҳахьԥшуаз иаҳбон аруаа ахәцәа рыманы ишцоз. Ҳа ҳтәқәа шракәыз еилаҳкааит. Убри аҟабарда ҷкәын амҩа ҳзылихит. Угыланы уныҟәар ҟалаӡомызт, ухы ухырхуан. Уи аамҭазы ҳаргьы ахәцәа ҳаман. Сако иҷкәын дырхәит (ижәла сгәалашәом). Аҟабарда амҩа анаҳзылих иҭахаз ҳазгомызт, ихәыз шьҭаҳхит. Абри аӡбаарра ахьыҟаз ҳанааи Пицундатәи абаталион иалаз Вичик Шәлымбеи Славик Дбари ҳақәшәеит. Дбар аконтузиа ӷәӷәа иман. Дуаҩы нарҳан иара. Шәлымбагьы дхәын. Ацхыраара раҳҭеит. Хыхьтәи ҳамаҭәақәа рыла ахәцәа злалаҳгоз асакасақәа ҟаҳҵеит. Иаҳаулакгьы уи аӡбаарра ахәцәа ҳаманы алсра ҳалагеит. Сара Славик Дбар далызгон. Уа сеимаақәа аӡбаара илахеит. Нас, анаҩстәи ҳамҩа сшьапы хтны санын, амӷ узылымсуа иҟан, аха иҟасҵоз. Сшьапқәа ҟәаҟәаса цәгьала сцон. Ус дызбеит ҳбаталион иалаз Гена Амҷба. Даара дҳаигәырӷьеит, ҳаицәымӡзи ани иҳакәшан ианыҟаз. Аимаа шсышьамыз аниба, 45 размер ицоз аеимаак сиҭеит. Ус ҩнык аҿы ҳнеит. Уа иҟан ҳзыцәҟьалаз ҳаӡӷабцәа Ламара Ҵәыџьба, Зерафина Ӡаԥшьба, Лиалиа Ҳаразиа. Итәаны иҵәуон. Ҳҭахаз џьшьа ацәашьқәа аркны итәан. О, уи анаҳба ҳгәы иахәеит ас ҳахьааргаз… (даара дыччоит абри анеиҭалҳәо).

Света лҩызцәеи лареи Аҟәа иалалеит Ӡиӡариа ихьӡ зхыз амҩаду ала. Дызнысыз амҩа уадаҩ ашьҭахь, агәыҿкаара лымазаргьы ҟалон, убри аҟынтә, Аҟәа ахақәиҭтәра дшеигәырӷьоз лхаҿы инымхеит. Уимоу, иара Аиааира амш цәыббра 30 дшаԥылозгьы лгәалашәом Света. Лара лзы усҟангьы инымҵәаӡеит аибашьра. Акыраамҭа уи ашьҭахь рбаталион Ҵабал иҟан. "Иахьа сыԥсҭазаара сахашшаауа сыҟам. Зныкгьы сахьымхәыц аибашьра сахьалахәыз", - абас лажәа хлыркәшеит аветеран.

R S : Светлана Альмешева лхәыҷқәеи лареи аибашьра ашьҭахь еибабеит. Краматорскынтәи лаҳәшьа иаалгеит. Лара хҩык ахшара дрануп иахьа. Аибашьра ашьҭахь ииз лԥа Зураб дыстудентуп. Аиҳабацәа Нарсоуи Асҭамыри ҭаацәароуп. Светлана Альмешева иланашьоуп "Агәымшәараз амедал". Аус луеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху "Ахьӡ-Аԥша" амузеи аҿы. Дынхоит Гәылрыԥшь.
© Foto / предоставила Элеонора Когония Светлана Альмешева
Светлана Альмешева - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Светлана Альмешева
Ажәабжьқәа зегьы
0