Ари амчыбжь азы иҵит 31 шықәса Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи, атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟны иргәаладыршәон иҭахаз, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва дԥырҟеит, Аҟәа имҩаԥысит ареспублика азхаҵара 15 шықәса ахыҵраз Жәларбжьаратәи афорум.
Sputnik
Агәалашәареи алахьеиқәҵареи рымш
2023 шықәсазы 31 шықәса ҵит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Аԥсны жәлар Рџьыџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи.
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ирызку Аҟәатәи Ахьӡ-аԥша амемориал аҿы ари арыцхә инамаданы ашәҭшьҭаҵара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә иалахәын атәыла анапхгара, аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аветеранцәа.
Анаҩс аиҳабыра рделегациа ареспублика раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Алада Ешыраҟа амҩа иқәлеит.
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш
Нанҳәа 15 рзы иазгәаҭан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш.
Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит ари амш иазкыз аусмҩаԥгатә, уи иалахәын атәыла аиҳабыра, аветеранцәа, ауаажәларра.
Ахәаԥшцәа иддырбеит атеатртә қәгылара "Позывной 12", уи изкын хатәгәаԥхарала еибашьуаз раԥхьагыла аинрал Сулҭан Сосналиев.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа, Алада Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, аҳәаанырцә инхо аԥсуа диаспораҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз 2300-ҩык ҳашьцәа.
Ахада ахәшәтәырҭаҿы дԥырҟеит
Нанҳәа 16 рзы Аслан Бжьаниа аҳақьымцәа рҿы агәаҭарақәа данархыс ашьҭахь дԥырҟеит, апроцедура маншәалан имҩаԥысит ҳәа аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада игәабзиара ашьақәыргылара мышқәак иадхалоит, анаҩс уи Урыстәыла иусуратә ныҟәара иацҵахоит ҳәа азгәарҭеит.
Аԥсны ахада усутә ныҟәарыла Москва дшыҟаз игәабзиара ауашәшәырра иахҟьаны аҳақьымцәа дрыдҵаалар акәхеит ҳәа еилкаахеит нанҳәа 10 рзы. Аслан Бжьаниа ипресс-маҵзура ишаанацҳауаз ала, адырра ыҟан ахада иҷаҷа ахаҳәамазаара иахҟьаны ахәшәтәырҭахь днаган ҳәа.
Азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазкыз афорум
Жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны. Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра" аатит Аҟәа, нанҳәа 18 рзы.
Иара алахәылацәа ахә ҳаракны иршьеит аҩтәылак аинформациеи аԥышәа аизырҳареи рзы русеицура, ауаажәларра реидкылараз аҭоурыхтә гәалашәарақәа, еиҵагыло абиԥарақәа апатриотизм рылааӡара.
Афорум аиҿкааҩцәа - акоммуникациақәа рырҿиаразы Жәларбжьаратәи аинститут "МИР–МОСТ–Аԥсни" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети.
Жәларбжьаратәи афорум партниорцәас иаман Аԥсны атәылахьчара аминистрра, Москва акоммуникациақәа рырҿиара амилаҭтә ҭҵааратә институт, Урыстәыла асоциалтә программақәа адгылара рызҭо амилаҭтә фонд, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла, аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
Абахҭаҟынтә абналара
Иашҭхәа ақыҭа анхаҩы Гурген Киракосиан, ауаҩшьреи изакәанымкәа абџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзы иҭакыз, Дранда абахҭаҟынтәи дыбналеит.
АҩАР аусзуҩцәа ибналаз абаандаҩы иаанкыларазы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп.
2023 шықәса жәабранмзазы Гурген Киракосиан 15 шықәса аҭакреи 25 нызқь мааҭ ахараԥса ашәареи иқәырҵеит Едуард Қьецба ишьразы. Едуард Қьецбеи иареи Каман арыжәтә џьбара еицыржәуан. Уи аамҭазы дара рыбжьара аимак-аиҿак ҟалеит, Киракосиан игәы ԥжәан, гәҭакыла Қьецба автомат Калашников ала диеихсны дишьит. Едуард Қьецба иаразнак иԥсҭазаара далҵит, Киракосиан иҿиӡеит, аха ԥыҭрак ашьҭахь даанкылан.
Иара убас нанҳәа 15 рзы Гәылрыԥшь араион апрокуратура ашьаус хацнаркит ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа агәҩара ззыҟоу Ҳаџьараҭ Асланӡиа иганахьала.
Заанаҵтәи аусҭҵаарала ауаҩшьра ҟалеит нанҳәа 13, асааҭ 13:30 рзы. Асланӡиа иҽазырхианы машьынала Лаврик Ԥачлиа диԥыларц Бабышьраҟа днеит. Уа Ԥачлиа фынтә ашәарыцагаҳәызба илеиҵеит.
Ԥачлиа ахәышәтәырҭахь днаргеит, аха ихдырраҿы дмааиӡакәа иԥсҭазаара далҵит.
Ҳаџьараҭ Асланӡиа даанкылоуп. Гәылрыԥшь араион апрокуратура азыҳәа ҟанаҵоит Асланӡиа дырбаандаҩызарц.
Атуризм аминистрра аусԥҟа
Нанҳәа 15 рзы атуризм аминистр Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҿы Ҩыԥсаратәи аҩхааҿы атуристцәа амашьынақәа ааныргыланы ирҭыҵлар ҟалом ҳәа зҳәо аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Ари аԥҟара иаҵанакуеит аекскурсиақәа мҩаԥызго аиҿкаарақәеи хаҭалатәи анаплакцәеи. Уи анагӡараҟны ацхыраара ҟарҵоит Аԥсны АҩАР.
Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит рашәара 4 рзы ари аҩхааҿы ахаҳә ахьлеиз иахҟьаны Урыстәыла атәылауаҩ дахьҭахаз, иара убас даҽа ҭыԥҳак лшьапы ԥҵәаны ахәшәтәырҭа дахьҭашәаз иахҟьаны.
Абри ашьҭахь Ҩыԥсаратәи аҩхааҿ аус зуа анаплакҩцәа ашьыжь нанҳәа 17 рзы амҩа адаркит, дҵангьы иқәдыргылеит атуризм аминистр ахаҳә алеира иахҟьаны ари аҭыԥаҿ амашьынақәа раанҿасраз идҵа иԥсахырц.
Аминистр аҟазацәа данрацәажәа ашьҭахь адҵа ҟаиҵеит ари аҭыԥ аҟны аанҿасра аанкылазарц. Идҵа шыҟаз инижьит.
Ҩыԥсаратәи аҩхаа аҭагылазаашьа далацәажәо аминистр иҳәеит, ауааԥсыра рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара ишҭаргылатәым.
Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа нанҳәа 20 рзы адырра ҟаиҵеит зхатә машьынақәа рыла ауаа ныҟәызго ара ишаангылало, урҭ аусԥҟа атәы ззымдырқәо роуп ҳәа.
"Амашьынақәа аангылоит адырга аԥхьа ма иҵегьы хыхь ихаланы, ауаа шьапыла инеиааиуеит, инаԥшы-ааԥшуеит. Аха ус ҟазҵо аекскурсиатә автобусқәа ракәӡам, хаҭалатәи арныҟәцаҩцәа роуп, аусԥҟа ааигәа иҭрыжьит азы, макьана уи атәы змаҳац ыҟоуп", - иҳәеит иара.
Багаҭелиа иазгәеиҭеит амчыбжь иалагӡаны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахоит ҳәа.