Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны азхаҵара 15 шықәса ахыҵра ахьӡала Жәларбжьаратәи афорум аатит Аҟәа

© Sputnik / Бадрак АвидзбаМеждународный форум к 15-летию признания Абхазии открылся в Сухуме
Международный форум к 15-летию признания Абхазии открылся в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2023
Анапаҵаҩра
Афорум аиҿкааҩцәа - акоммуникациақәа рырҿиаразы Жәларбжьаратәи аинститут "МИР–МОСТ–Аԥсни" , Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети.
АҞӘА, нанҳәа 18- Sputnik. Бадраҟ Аҩӡба. Жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны. Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра" аатит Аҟәа, нанҳәа 18 рзы.
ААУ жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы аректор ихаҭыԥуаҩ Максим Ӷәынџьиа иазгәеиҭеит, раԥхьатәи агуманитартә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәараны ишыҟоу Аԥсны аҵыхәтәантәи 15 шықәса рыҩнуҵҟа ишҿиаз, иазхаҵоу ҳәынҭқаррак аҳасаб ала ишышьақәгылаз.
Уи адагьы, афорум алахәылацәа иазааҭгылоит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа, урҭ рырҿиаразы иҟаҵатәу рзы ргәаанагарақәа еибырҳәоит.
Афорум алахәылацәа ахә ҳаракны иршьоит аҩ-тәылак аинформациеи аԥышәа аизырҳареи рзы аусеицура, ауаажәларра реидкылараз аҭоурыхтә гәалашәарақәа, еиҵагыло абиԥарақәа апатриотизм рылааӡара.
Жәларбжьаратәи афорум партниорцәас иҟоуп - Аԥсны атәылахьчара аминистрра, Москва акоммуникациақәа рырҿиара амилаҭтә ҭҵааратә институт, Урыстәыла асоциалтә программақәа адгылара рызҭо амилаҭтә фонд, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла, аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
Ажәабжьқәа зегьы
0