Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Дранда абахҭа иҭакыз абаандаҩы дыбналеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСИЗО Дранда.
СИЗО Дранда. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2023
Анапаҵаҩра
АҩАР аусзуҩцәа ибналаз абаандаҩы иаанкыларазы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп.
АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Иашҭхәа ақыҭа анхаҩы Гурген Киракосиан, ауаҩшьреи изакәанымкәа абџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзы иҭакыз, Дранда абахҭаҟынтәи дыбналеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Иазгәарҭоит, 35 шықәса зхыҵуа Киракосиан дшыбналаз амҽыша, нанҳәа 13 рзы.
Аусбарҭа апресс-маҵзураҿы иара убас иазгәарҭеит абналара аҵыхәала амаҵзуратә гәаҭара шымҩаԥысуа, иара убас Киракосиан иаанкыларазы аусмҩаԥгатәқәа ишырҿу.
2023 шықәса жәабранмзазы Гурген Киракосиан 15 шықәса аҭакреи 25 нызқь мааҭ ахараԥса ашәареи иқәырҵеит Едуард Қьецба ишьразы. Едуард Қьецбеи иареи Каман арыжәтә џьбара еицыржәуан. Уи аамҭазы дара рыбжьара аимак-аиҿак ҟалеит, Киракосиан игәы ԥжәан, гәҭакыла Қьецба автомат Калашников ала диеихсны дишьит. Едуард Қьецба иаразнак иԥсҭазаара далҵит, Киракосиан иҿиӡеит, аха ԥыҭрак ашьҭахь даанкылан.
Уи адагьы, 2020 шықәсазы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада рымазаара ихарарҵон, уи аамҭазы Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҭан, уантәи иара абналара илшеит: инапқәа злаҿаҳәаз ԥыртны, ашьаршьафқәа еидҿаҳәаланы ахԥатәи аихагыла аԥенџьыр аҟынтәи дылбааны дыбналеит. Анаҩсан, Гурген Киракосиан азинхьчаратә усбарҭақәа иҽриҭеит.
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2023
Аԥсны
Иашҭхәа ақыҭан инхо атәылауаҩ ауаҩшьразы 15 шықәса иқәырҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0